Урыстәылантәи Аԥсныҟа амаинингтә хархәагақәа закәаншьаҭада ишахыргоз иаанкылоуп

Административтә еилагара аганахь ала адокументқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаареи агәаҭареи рыҟәшахьы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ иҽазишәеит Ареспубликахь залагалара ҟамло амаинингтә хархәагақәа 20 цыра аҳәаа ахыгара. Абри атәы аҳәоит Аҳазалхратә еилакы асаит.

Аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аусзуҩцәа агәаҭара иахрыжьыз амашьына аидараҭыԥи, амашьына аҩнуҵҟеи рҟны ирбеит ареспубликахь залагалара ҟамло амаинингтә хархәагақәа.

Жьҭаара 21 раахыс Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ азин ыҟам амаинингтә хархәагақәа ареспубликахь ралагалара.

Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵарала 2020 шықәса абҵара 7 иахымгакәа акриптовалиута аиуразы афымцашьақәгылақәа рышәҟәынҵа арбагақәа ралагалара хықәкны иҟаҵаны Аԥсны аекономика аминистррахь инагатәуп. Аԥсны аекономика аминистрра ашәҟәынҵахьы 65 криптовалиутатә ферма ҭанагалеит абҵара 10 рзынӡа.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа иҳәеит, акомиссиа есыҽны ишаадырԥшуа изакәанымкәа афымцалашара иаҿаԥшьу акриптовалиутақәа рмаининг азы афермақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: