Акьыбачымазара амилаҭтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа Гәдоуҭа апациентцәа рыдыркылоит

Акьыбачымазара амилаҭтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа ачымазцәа хәыдаԥсада ирыдыркылоит есхашала.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә поликлиникаҿы Аԥсны акьыбачымазара амилаҭтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа ачымазцәа хәыдаԥсада ирыдыркылоит есхашала ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ацентр аҳақьым хада Лев Аргәын.

Агәабзиарахьчара аминистрра акьыбачымазара змоу рзы ахәшәқәа аанахәеит

Иара иажәақәа рыла акоронавирустә пандемиа иаалагазар ацентр ахь иадҵаало рхыԥхьаӡара хынтә-ԥшьынтә еиҵахеит. Ари аҳақьымцәа агәҭынчымра рызцәырнагеит.

"Ишәарҭоу аҿкчымазара ҳалоуп, аха акьыбачымазарагьы ишәарҭаӡоу чмазароуп. Акоронавирус иаҿурԥшуазар иара акыр ихьшәаны ахы цәырнагоит. Ачымазара аԥхьанатә ахы унардыруам. Ахы анаанарԥшуа, ахәышәтәра алацәажәара иаԥсамкәа иҟалоит", - иҳәеит иара.

Аҳақьым хада иазгәеиҭеит Гәдоуҭа араионтә поликлиникаҿы аконсультациатә дкылара мҩаԥысуеит асааҭ 10:00 - 19:00 рзы, ес-хаша.

"Аҵыхәтәантәи апациент иҟынӡа аус ааулоит. Ари акциа иалахәуп хәҩык-фҩык аҟазауаа ргәыԥ", - иҳәеит иара.

Акьыбачымазаратә центр анапхгара ирыгәҭакуп асеиԥш акциақәа Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿгьы рымҩаԥгара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: