Аҭаҭынахара акьыбачымазарақәа 90% арҿиоит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааҭаҭын
аҭаҭын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩԥсы иԥсҭазаара иаԥырхаганы ишьоуп 60 миллиграмм аникотин. Сигаретк аҟынтәи ауаҩы х- миллиграммк иоуеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Аҭаҭынахара акьыбачымазарақәа 90% арҿиоит, уи адагьы еиуеиԥшым егьырҭ ачымазарақәагьы ирышьагәыҭуп, аҳәоит Роспотребнадзор асаит аҿы.

Продажа сигарет с картинками, предупреждающими о вреде курения - Sputnik Аҧсны
Аҭаҭын ахара "уацәзыршәо асахьақәа" анызароуп аҭаҭынҭра

"Аҭаҭынахара хымԥада укылнагоит арыԥҳачымазара, абронхит, аемфезема рахь. 90% акьыбачымазарақәа зыхҟьо аҭҭынахароуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

15-шықәса анырхыҵ нахыс аҭаҭынахара иалагаз хәынтә еиҳаны акьыбачымазара рчычоит 25 шықәса инаркны иалагаз раасҭа.

Аҵарауаа ишьақәдыргылеит ҽнак ала 20 сигарет иахо ауаҩы шықәсык аҩныҵҟа 200 рентген-ҭыхымҭа инаҭо анырра инаҭоит ҳәа.

"50% аҭҵаарақәа ирхысыз ахацәа ахшара роура аԥырхагара шамаз аарԥшын", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиҳарак ишәарҭаны иҟоу ауаҩԥсы иаарласны, изкамыжьуа иоуа ашьцылароуп. Аҭаҭын иахо рҟынтәи 98% икарыжьыр шырҭахугьы ирылшом, иалашьцылоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0