Ҽаанбзиала, Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа. Абар шәареи ҳареи ҳашьҭахьҟа инҳажьит даҽа шықәсык, ус анакәха аихшьалақәа рыҟаҵара иаамҭоуп. Шәарҭ зегь шәеиԥш, иааиз ашықәс ҿыц агәыӷра шьахәқәа ирыдысҳәалоит, ашықәс шымҩасуа еиԥш ауп, ажурналистцәа ҳаҩтәгьы шыҟало.
Алагамҭа
Иааидкыланы ииасыз ашықәс азы асаит адаҟьазы 60 нҵамҭа рҟынӡа ҟасҵеит. Урҭ зегь ҳазну аԥсуа дунеи ауп изызку.
Иаҳхысыз ашықәс револицуиатә хыԥшала иалагеит.
Уаанӡатәи Аԥсны ахадас иҟаз Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцаразы аоппозициатә мчқәа иҟарҵоз апротесттә қәгыларақәа ирылҵшәаны, 2020 шықәса ажьырныҳәамза 12 рзы апрезидент ԥхьатәара дцеит. Ашықәс ианналагоз раԥхьатәи сҩымҭа азкын "Зегьы ирҭахуп агәҭаны аиара" захьӡу атема. Уи зхысҳәаауаз, амчрахь анеиразы ауаажәларра зхы иархәаны иқәԥо аполитикцәа гәҭакыс ирымоу ҳаԥсҭазаара аиӷьтәра акәымкәа, аресурс азааигәахара ауп ҳәа азысыԥхьаӡоит. Хара ицатәым, иахьа амҩадуқәа рҿы иҿыцҳаҳараӡа ицәырҵуа иалагаз абылтәы ҭаҭәарҭақәа ишьақәдырӷәоӷоит уи иаҵагылоу амчра ду змоу шракәу. Ас еиԥш иҟоу апроектқәа зхацдыркуа, дара абылтәы ҭаҭәарҭақәа ахьаҳзымхо акәӡам, са сгәанала, аԥхьаҟа уи қьар ззалоу ауаа рхатә ԥсҭазаара иазхәыцуеит азоуп. Ииасыз ашықәс ахҳәаа азаҳуазар, аполитикаҿы хадара ауеит Аԥсны ахада ҿыц иалхра. Ахада ҿыц иалхра иаанагама аԥсҭазаара бзиа, уи еснагь еиԥш ҳгәы ззыбжьажьо зҵаароуп, ҳазҭагылоу акризис аамҭа ҳаԥшны ҳцәажәозар.
- Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара
COVID-19 иарҿиаз апандемиа
Ҳаԥсҭазаара акыр изырҭагәҭасыз, иара амчрахь ҽыҳҵәыла иааиз аполитикцәагьы зырҭаслымыз ачымазара ҿкы ауп. Ари аханатә агәра згоз шмаҷҩызгьы, алыԥсаа маҷымкәа иҳауит. 100-ҩык инареиҳаны Аԥсны аҩнуҵҟа рыԥсҭазаара иалҵит COVID-19 иахҟьаны, ҳтәыла анҭыҵ здунеи зыԥсахыз астатистикаҿы иарбам азы, зынӡа шаҟаҩы рдунеи рыԥсахыз аҳәара уадаҩуп.
Ари ачымазара ҳара ҳшазыҟоу иазкны имаҷымкәа аколонкақәа зҩит. Иаҳҭахы, иаҳҭахым асабрада аныҟәгара иҿыцу социалтә культураны ҳаԥсҭазаара ишаланагалаз азгәаҭо, иара убас, исыҩуан, инеиҵыху аԥсхәрақәеи аиныхрақәеи рыцәцара шаҳцәыуадаҩу. Абри ачымазfра ҿкы аҿиаразы зегь реиҳа ишәарҭоу убри ауаа рацәа реилаҩҩра шакәу сымҩашьо агәра згоит. Иалшон COVID-19 иҵегьы ҳҽацәаҳахьчар, аха ҳзышьцыло ҳзаҟәыҵуам.
Ачымазара бааԥсы иахҟьаны сара дсыԥхеит даара исзааигәаз, исызгәакьаз Лиуда Ануаԥҳа. Саншьа иԥа иԥҳәыс лакәын лара. Ҳара даара еиҭанеиааиуаз, агәыбылра зыбжьаз ҳакәын. Лиуда дырҵаҩын, Аҟәатәи 1-тәи абжь школ аҿы аус луан. Лдунеи лыԥсахырц мышқәак шагыз, феисбуктәи лдаҟьаҿы ианылҵеит "Шәҽацәышәыхьча ачымазара, саргьы агәра згомызт, аха Гәдоуҭа саанагеит" ҳәа. Ҭелла лареи сареи ҳанеицәажәоз исалҳәеит, ачымазара даара ишлылаҽыз, анаҩс, амессенџьер ахь исзылҩит "Анцәа дсымазар сеиқәхоит" ҳәа. Даҽа ҩымш рышьҭахь Лиуда дыԥсит ҳәа аԥсӡы ааҩит. Анкьа еиԥш акәымкәа, данаарга адырҩаҽны Кәтол лабхәараа рнышәынҭраҿы анышә днамардеит. Сгәы иалоуп уи ллахьынҵа абас иахьыҟалаз, лыразра ахьылԥымлаз.
Тҟәарчалтәи аизара
Схаҿы инхаз инегативтәу ахҭысқәа рахь иаҵанкуеит жәабран 21, 2020 шықәсазы Тҟәарчал араион уаанӡатәи ахада Аида Чачхалиаԥҳа илыдҟарҵалаз апикет. Амчра аҽаԥсахра рацәакгьы агмызт, аха араионтә еизара адепутат Беслан Емырхәба ҵәатәышьаҟас дызмаз апикет аҿы имӡакәа иҳәеит "Рауль Ҳаџьымба ихаангьы адепутатцәа ргәыԥ, аветеранцәа аҳәара ҟарҵахьан Тҟәарчал ахаҵа дахагылазарц" ҳәа.
Аус злоу ҳара аҳәса зынӡа иаҳҭахымкәа акәым, ҳаҭыр рықәаҳҵоит, принципла ҳаргьы аԥҳәыс лами ҳзыхшаз, аԥҳәыс дзакәу ҳамдыруеи", - иҳәан вбақәас Аида Чачхалиаԥҳа илырҭоз егьырҭгьы ааиқәиԥхьаӡеит аҭыԥантәи адепутат: "лара уи иштаб аҿы дыҟоуп (ихьӡ имҳәеит - Е. К.), ауаа дрықәымчуеит, иҟам Тҟәарчал арҿиаразы аплан, ақалақь аԥсы ахамлеит", - нациҵан, амза нҵәаанӡа, аиҭалхрақәа рзыԥшра ззизымчҳауа мҳәакәа, иҳәатәы иҳәеит араион адепутат. Усҟан амчраҿы иҟазгьы араион ахада уамак адгылара лырымҭеит, изаамҭанытәиу аԥсшьара илымаз анынҵәа, лхатә харџь ала даҽа знык дцарц лыдыргалеит. Ачынуаҩ Чачхалиаԥҳа уи мап ацәкны арзаҳал лҩит ԥхьатәара дышцо азы. Аԥсны ахада ҿыц даналырх ашьҭахь, апикет ҟазҵоз Беслан Емырхәба Тҟәарчал араион аанижьын Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩс дцеит. Аԥҳәыс ахадаҿы лыҟазаара иаҿагылоз, уажәы Гал арион акультура, аҵара, асоциалтә ԥсҭазаара дахылаԥшуеит, аҳәара сцәыуадаҩуп депутатс дахьыҟоу Тҟәарчал аҿиаразы апрограмма дазхәыцуоу дазымхәыцуоу, аха аус злоу аҭыԥ иоуит.
Аполитика иазкым
Spunik Аԥсны адаҟьаҿы еиҳаркгьы асоциалтә политикатә бзазара иазкуп санҵамҭақәа, аха ус акәзаргьы, аредакциа зны-зынла иснаҭоит алшра ажәытә, аҿатә иазку аҭоурыхқәа ирызку анҵамҭақәа рыҟаҵара. Урҭ рахьынтә иҟоуп аԥхьаҩцәа еиҳа зықәҿырҭыз аҳәса рразҟы иазкыз анҵамҭақәа. "Лахьыцәгьа", "Маҳагьа", "Илбаз иакәӡам дыззаргаз" уҳәа. Аредакциа сгәысҽанӡамкәа урҭ анҵамҭақәа рзы апремиа снаҭеит. Изҭахымда иусура алҵшәа аназгәарҭо, убасоуп саргьы, апремиа иацу аԥара аиҳагьы, сџьабаа ахә ахьыршьаз сеигәырӷьеит, ҳәарада аԥарагьы зцәымӷу сакәым.
- Ауаҩы данииуа иразҟы ицыршоит
Аԥҳәысеиба арбаӷьгьы леиҽырбоит: зыԥшәма дзыԥхаз лразҟы азхәыцра
Аоппозициа ацәырҵра
Аҳәынҭқарра аргылараҿы аоппозица ароль хра ду шалоу азгәарҭоит аполитика ахҳәааҟаҵаҩцәа зегьы. Амчра ҿыц анааи, ицәырҵит аоппозициагьы, рыбжьы дыргеит "Аԥсны жәлар рхеидкыла" шаԥҵоу азы. Ииасыз алхрақәа рҿы кандидатс иҟаз аполитик Адгәыр Арӡынба уи аидгыла хадара азиуеит. Жьҭаара 7 рзы иӡырган ари аполитикатә хеидкыла, аиҿкааҩцәа ауаажәларра ирыларҳәеит хықәкыс ишрымоу амилаҭтә интересқәа рыхьчара, ажәлар реидкылара уҳәа, акыршықәса ҳлымҳа иҭасуа аполитикатә ҳәоуқәа.
Аоппозицаа рызҵаатәы ахь сиасуазар, макьанагьы аҳәара уадаҩуп ажәлар уи агәра ргаӡо иҟоуп ҳәа. Сгәанала, дара рыбжьара ирацәаҩуп уаанӡатәи ачынуаа, ажәлар урҭ ианрыхәаԥшуа "шәаныҟаз иҟашәҵеи?" ҳәа азҵаатәгьы аацәырыргоит. Ус акәзаргьы, иҟоуп амчра, ус анакәха иҟоуп аоппозициа, уи аполитикатә динамика иаҟазшьарбагоуп. Ари ашықәс иалагӡаны, апоппозициатә мчқәа иҟарҵеит еиуеиԥшым аҳәмаҭақәа - Қырҭтәылантәи маӡала аполитикцәа Елыр раара, адәныҟантәи аконцепциа уҳәа ирызкны, аха Анцәа иҟынтә макьаназы ажәытә шьцыларақәа ирызхьамԥшыз, сызҿу апрезидент иусурҭа ҭыԥ аӡәгьы дақәымлац, апоппозициатә мчқәа макьаназы Апарламент аҩнуҵҟа имҩаԥыргоит рықәгыларақәа.
Амаинингуаа рцәырҵра
Аибашьра ааилгазар, алашара арцәара ҳзышьцылоу усуп, аха сынтәатәи ҽаҩраҭагалантәи асезон рекордтә шықәсуп ҳҳәар ауеит, аԥшандагеиԥш афымцалашара ҳахҟьо, иаркуа-ирцәо имҩаԥысуаз саназхәыцуа. Амчра ҿыц гха дуны иҟанаҵеит амаинингқәа рхархәара азин аҭаразы ақәҵара ахьрыдыркылаз. Уаанӡагьы иҳаҳалон, аха амаининг фермақәа рыла ҳтәыла хҟьаны иҟоуп ҳәа ҳаздыруамызт. Азин аныҟала, ҳабҩарақәа цәырҵит. Ҳфымцалашара иалшозма асҟатәи ақәыӷәӷәара? Ухыза заҟароу дырны ушьапы еиҵых рымҳәеи? Ари атемазы амчреи аоппозициеи акыр иқәибакшеит "шәара ишәхароуп" ҳәа аҽԥныҳәақәа реибыҳәара хацдыркит. Иахьа Урыстәылантәи афымцатә цәаҳәа шҳауагьы, макьаназы алашаразы аҭышәынтәалара ыҟам.
Адәныҟатәи аконцепциа
Ашықәс ахыркәшамҭаз, апандемиа рышҳауа адәы ианықәу, иаацәырҵит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "адәныҟатәи аусқәа рзы иконцепциа". Аҭыӡшәа ахылҵит, "Қырҭтәылеи Аԥсни реимабзиара, аҭыӡшәа аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа" ртәы зҳәо ахәҭаҷ. Ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭазы Жәлар реизараҿы аԥсуа политикцәа урысшәала Аԥсны адәныҟантәи алахьынҵа еимаркуан. Ас еиԥш иҟоу азҵаатәқәа рзы, сколонкаҿы ишазгәасҭахьоу еиԥш, даара амаршәа кны иазнеитәын, иаҭахын аилацәажәара, аконцепциа ахаҭа цәырҵаанӡа. Адәахьала аимак зыбжьоу сахьрыхәаԥшуа абас сҳәарц сылшоит "иахьа иҟоу апрезидент ижәла ԥсахзар, уи иадгыло аҿагылон, иаҿагыло адгылар рылшон". Ари ахырхарҭа аԥсуа политика иаҟазшьарбагахеит.
Абызшәатә политика
Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара аӡбахә ҳазааҭгылозар, иӡыраҳгаша рацәам, аха зны заҵәык иҟалеит сгәы ҭызгоз, апрезидент Аслан Бжьаниа европантәи асасцәа аниҭаз аҭырџьман дивартәаны ԥсышәла драцәажәеит. Ари ахҭыс даара аҳәынҭқарратә ҟазшьа змоу усуп. Абарҭқәа инарҷыданы, ҳделегациа Шьамтәыла ианцаз, ҳҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ԥсышәала иқәгылеит. Апарламентаа ртәы сҳәозар, аԥсшәа адунеи ишаныз рхашҭызшәа, инароуны аурысшәахь ииасит. Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа аоппозициеи адепутатцәеи аконцепциазы аабыкьа имҩаԥыргоз аиԥылараҿы машәыршәагьы аҳәынҭқарратә бызшәа ахархәара арымҭеит.
Аколонкақәа рынҭыҵ инхаз
Ииасыз ашықәс акыр иуадаҩзаргьы, зегь акоуп, иҟоуп аԥхарра зцу агәалашәрақәа. Сҩызцәеи сареи сынтәагьы имаҷымкәа ҳныҟәеит ҳтәыла араионқәа рахь. Еиҳаракгьы сгәаҿы аԥхарра нзыжьыз иреиуоуп "Ицәажәо аҭыӡқәа" захьӡу Саида Жьиԥҳа лфото-альбом азы абжьыуатәи Аԥсны аганахь сахьлыцныҟәоз сыла иабаз, издырыз ауаа бзиақәа рыниара. Иҟоуп угәы иалсуагьы, ақьаԥҭақәа шырацәоу анубо, аха ус акәзаргьы, аԥсуа кәасқьақәа макьанагьы атрадициақәа ныҟәызго аԥшәмацәа шрымоу, асадкылареи ачеиџьыкеи аҳра шыруа анубо угәы иазҳауеит.
Ареволиуциа иалиааз Нестор
Иара убас иҟоуп иссирха сгәалашәараҿы иаанхо ахҭыс. Аԥсуа револиуциа асакьаҳәымҭазы ажьырныҳәа 11, 2020 шықәсазы диит аҩбатәи смаҭа Нестор Барцыц. Сара сихлафаауа исҳәоит "ареволиуциа иалиааз Нестор" ҳәа. Усҟан уаанӡатәи ахада дахьыҟаз ахәынҭқарратә ԥсшьарҭа агәашәаҿ аполитикцәа анжәылоз сара дсоуит амаҭа. Иахьа уи аныҟәара далагахьеит. Ари разҟуп хымԥада, ареволиуциа разҟыс исзаанагаз рацәамзаргьы, ауаҩԥсы иира - уи гәазырҳагоуп.
2020-тәи ашықәс ауадаҩрақәа ацзаргьы, зегь акоуп абзиа ҳаигәыӷуа ҳамҩахыҵуеит ашықәс ҿыц ахь. Ҽаанбзиала, Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа! Иааиуа ашықәс ажәабжь ссирқәа ҳзаанагааит. Сара еснагь сазыхиоуп сколонкақәа рҿы хра злоу атемақәа рзааҭгылара.