Аҿар рреволиуциа, мамзаргьы зегьы ирҭахуп агәҭаны аиара

© SputnikВходные двери в здание парламента
Входные двери в здание парламента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ҩымш имҩаԥысуа амчреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа реиҿагылара зыхҟьази аҭагылазаашьа уадаҩ алҵразы мҩақәас иҟоуи рзы лгәаанагара хацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Абар ҳаалагылеит даҽа политикатә хынҭаҩынҭарак. Сынтәа имҩаԥысуа хыԥхьаӡарала ахԥатәи ареволиуциа ҳәа азуҳәар ауеит аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаараҿы.

Абхазский государственный драматический театр им. Самсона Чанба - Sputnik Аҧсны
Игьежьыз алабаҟәуа

Иахьа Аԥсны иҟоу Еидгылоу аоппозициатә еиҿкаарақәа "2014 шықәса иҟаз ҳақәыӡбоит, ҳара азакәантә принципқәа рыла ҳақәԥара мҩаԥаҳгоит" рҳәон, аха ргәы иамузт, ажьырныҳәа 9 рзы изыцҵаз, Иреиҳау аӡбарҭаҿы аоппозициаа рхаҭаранак Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра нагӡахаанӡа, амшын ахықәан игылоу, акырынтә изықәлахьоу аиҳабыра аус ахьыруа ахыбра ԥшӡа иажәлеит. Уи аҽны Кәыҵниа идукат "аӡбаҩ Роман Кәарҷиа аус аӡбара даԥырхзааит" ҳәа иҟалаҵаз ажәалагала аӡбаҩцәа мап шацәырымкызгьы,

2014 шықәсазы усҟан аоппозициа иҟаз, иахьа ипрезиденту Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа ишыҟарҵаз иааицәоума уҳәо, жәларык аҿар, аиҳабацәагьы нарыдгыланы Ахада Иусбарҭа ахыбра иҿаз ашәқәа ҟәыбаса иганы, актәи аихагыла хыла-гәыла иааилаҟәыбаны рпозициақәа ааныркылеит. Хәҭакахьала, алабаҟәа (бумеранг - аред.) гьежьит, илоуҵаз ауп иааурыхуа рымҳәои, даҽа ганкахьала, аоппозициаа роппонент иаҵкыс изеиӷьымхеит амчра агара аҽазышәараҿы.

Ареволиуциақәа аҵаҵӷәы ахьыҟам иузыҟаҵаӡом, арҭ зегь мзызс ирымоуп акриминал иадҳәалоу ауаа атәыла ахада ихьчаҩцәа ргәыԥ иахьалоу ахьеилкаахаз.

Ишәгәаласыршәоит, абҵарамза 22, 2019 шықәсазы ақьафурҭа Сан-Ремо аҿаԥхьа иҟалаз ауаҩшьра далахәуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны ҳазҭалаз ашықәс ажьырныҳәа 2 рзы дшааныркылаз Рауль Ҳаџьымба дзыхьчоз Даҭо Ахалаиа. Абри ҟалазар, Facebook сдаҟьаҿы аҩра саҿын, ари акыр игәаӷьыуацәоу аус атәыла ахада дахаҵгыларц шихәҭоу атәы, аха апрезидент ари аҵыхәала ажәакгьы имҳәеит, уимоу, дзыхьчо аструктура ахада лахьыкгьы иимҭеит. Уаанӡа, апрезидент ихьчаҩцәа ируаӡәкыз Асҭамыр Џьапуа зықәра наӡам лцәа ахьԥиҽыз азы, мшаԥымза 13, 2018 шықәсазы 20 шықәса иџьбароу арежим изалнахт Аҟәатәи аӡбарҭа. Ари аҩыза ахҭыс аҳәынҭқарра ҵызшәаауа акакәны иҟоуп, аха, ишысҳәаз еиԥш, ажәлар иныҵыҩ-ааҵыҩны ираҳауаз ахьчацәа рыҭра иҭҟьаны ишыҟоу атәы ахада хырҩа азиуан.

Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам - Sputnik Аҧсны
Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам, ма митингла акадрқәа шаҳԥсахуа

Хәҭакахьала, аоппозициатә мчқәа "аҿар рреволиуциа" зыхьӡырҵаз инарыгӡаз аус ашьоуроуп изеиԥшу, ҳтәыла анаҩстәи аҿиаразы абзиа аганахь иалшо аҳәара уадаҩуп. Сгәанала, иҟалаз ахҭыс аоппозициатә мчқәа ирҳәози иҟарҵои шеишьашәалам аанарԥшуеит, иара убас, амчраҿы иҟоу раҳаҭыр каҳаны ишыҟоу ҳнарбоит.

Аԥсны аибашьра ашьҭахь имҩаԥысхьоу ахҭысқәа зегь бзианы изгәалашәо лаҳасабала, исҳәарц сылшоит ареволиуциақәа рышьҭахь, амитингқәа рҿы "ажәлар рыцҳахеит, анхаҩы идгылатәуп" ҳәа ирҳәо ариторика лыԥшаах, амчраҿ инеиуа аполитикцәа иаархашҭуеит, иҟалап убри азакәзаргьы иҳаҩысыз апрезиденттә алхарақәа рҿы 40 нызқьҩык ауааԥсыра уи рхы заладмырхәыз, насгьы аҩбатәи атур аҿы инеиз аполитикцәа ажәлар рӷьырак адгылара зрырымҭаз.

Иҟалаз ахҭысқәа уаанӡатәиқәа реиԥш, ҳтәыла ахаҿра дыреицакуеит, ҳаӷацәа гәахәала иалацәажәоит ахада иусурҭа ахыбра ҟәыбаса иахьышьҭарҵаз узырбо авидео материалқәа.

Сгәанала, ахада ԥхьатәара дцар иашахоит, уи иресурс уажәшьҭа арҿиара амҩахь ҳкылнагом, аха иара убас иҟоуп ашәарҭара, анаҩс ари аҭагылазаашьа зхы иархәаны амчрахь иааиуагьы ажәлар рсоциалтә ԥсҭазаара акәымкәа, ахатә интересқәа рырбеиара амҩахь еиҭананагар шалшо. Иахьа аиҳабыра рхыбра аԥхьа игылоу ҵәатәы шьаҟас ирымоу рӷьырак амчраҿ инеихьеит, шамаха иӷарны иҟоу ҳәа уаҩ дыҟам. Хшыҩла ихәыцуа ажәлар рхаҭарнакцәа уи рымбо иҟаларым, убри аҟынтә, дгылара дук аӡәгьы имоургьы алшоит алхра ҿыцқәа ҟаларгьы, ахԥатәи аган иатәу, акоррупциа ацәа зыҟәным политик ҿыцк дцәырымҵуазар. Асоциалтә ҳақәа ҳрыхәаԥшуазар, уаанӡа 2014 шықәсазы иҟалаз ҿаасҭароуп ҳәа ахҳәаа азҭоз, иацы иҟалаз "аҿар рреволиуица" абзиара иазҳәошәа иахцәажәоит. Ҳара аԥсуаа иаҳԥырхагоугьы абри аҩыза ахәыцра ауп.

Иацы ибзиамыз иахьа бзиашьас иамоузеи?! Абарҭ ахҭысқәа рзы алкаа ҟауҵозар, апоет Кьыршьал Чачхалиа "зегьы ирҭахуп агәҭаны аиара" ҳәа иажәамаанаҿы дызлацәажәо иашьашәаланы ауп ишубо.

Ишыдыдуеиԥш ақәа леиуам, хымԥада, аполитикцәа аицәажәарақәа мҩаԥыргашт, аҭынчра ҟаларгьы алшоит, аха ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымразы иҭахаз рҿаԥхьа игәнаҳауп 27 шықәса ҳазҿу аибарххарақәа.

Иацы, иҟалашаз аныҟала, атәыла ахада еизигеит Ашәарҭадаратә хеилак. Ианыҟаҵатәыз изыҟамҵеит, убри аҟынтә, уи иаӡбаз рацәам. Аԥсуа политика ахахәаратә философиа аманаҵы, ҳара иаҳԥеиԥшхоит аамҭа-аамҭала ареволиуциа маҷқәа, уи аҩыза амҩа ианысыз атәылақәа маҷӡам. Зегьы агәҭа аиара анырҭаху, аҵыхәтәа абас иҟалоит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0