Аԥҳәыс илыхшеит, аха аԥҳәыс дырҭахӡам, мамзаргьы Тҟәарчалтәи адрама

© Foto / предоставлено очевидцем у администрации города Ткуарчал собралась группа граждан, которая заблокировала вход в здание
у администрации города Ткуарчал собралась группа граждан, которая заблокировала вход в здание  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿаԥхьа еизаз атәылауаа араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа лҟынтә ирҭахызи, ақалақь ахаҵа инапы ауп иаҭаху ҳәа иҟоу ацәажәарақәа иаанагои, аоппозициаа рычҳареи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аиҭаҳәара аҭахума аԥсуа культураҿы аԥҳәыс лроль шыҳаракыз? Саҭанеи Гәашьа иналыркны, Баалоуԥҳа Мадина лҟынӡа аԥсуа ԥсҭазаара ҵәатәышьаҟас иаҵагылаз рсиа маҷым. Амилаҭтә хақәиҭратә қәԥареи, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьреи раамҭазгьы, аԥсуа ԥҳәызба имшәоз, имырҳауаз хаҿсахьаны дыҟоуп. Ииашоуп, аԥҳәыс зегь раԥхьаӡа инаргыланы анроуп дзызшо, аха уи лажәа иԥхылнадоз рацәан, ианаҭаххозгьы абџьар шьҭыхны ахацәа днарывагылон.

Ԥлиаԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиҿкааз "Аԥсны аҳәса реидгыла" иазкны

Иаҳхысыз аибашьра атәы ҳҳәозар, ҩышәҩык инарзынаԥшуа аԥсуа ҭыԥҳацәа ар рымаҭәа ршәырҵеит, урҭ рахьынтә ишәаны аибашьра адәаҟынтә ихынҳәыз аӡәгьы дыҟам. Аибашьраҿы иҭахаз, "Ихынҳәуан аибашьцәа, иззеибашьыз рхашҭны" зҳәаз, апоет Саида Делԥҳа лакәзар, Тҟәарчал иалиааз лоуп. Аԥҳәыс аибашьраҿы лыҟазаара ахацәа еиҳагьы ргәы арӷәӷәон, зынӡа ианыуадаҩызгьы амедикатә баталион иалаз аҭыԥҳацәа ахацәа раԥхьа инагылон. Абас иҟан пафос дук злам аԥсуа ԥҳәыс лхылҿсахьа. Усҟан ԥхьаҟа ицоз ахацәа реиԥш, ибналаны дезертирра ицоз рацәаҩын, нас аибашьра анеилга "Владислав Арӡынба идҵала Урыстәыла ҳаҟан" зҳәо рацәаҩхеит.

Аида Чачхалия - Sputnik Аҧсны
Ахада инапынҵақәа назыгӡо Аида Чачхалиаԥҳа ахә зхырымшәаауа аԥсшьараамҭа лиҭеит

Абри зегь зхысҳәаауа, иацы Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа "аусурахь дымгьежьыроуп" ҳәа ақалақь администрациа аԥхьа еизаз ахацәа ржәылароуп. Ишәгәаласыршәоит, мызкы аԥхьа ажьырныҳәа 18 рзы, лара аҳәамҭа шыҟалҵахьаз хҩык Беслан Емырхәба Левеи Дамеии Какәыбаа "апартиа "Амцахара" аҿар рхеидкыла ҳахаҭарнакцәоуп, бҭыԥ аанбыжьроуп, мамзар администрациа ашә ыҵарбаҟаца иаркны, аусура бнаҳашьҭуам" ҳәа ақәыӷәӷәара шлырҭаз азы, убри ашьҭахь лара изаамҭанытәиу аԥсшьарахь дцеит. Аԥҳәыс дзыхьчодаз, нас ари аҳәынҭқарраҿы?

Иацы Тҟәарчал араион ахадара аҿаԥхьа еизеит, аԥсшьара аҟынтә зусура иҭыҵраны иҟаз араион ахада аусура лынамышьҭра иадгылоз амитингуаа, иара убас, уаҟа иҟан, лара илыдгылозгьы.

Тҟәарчал ахада лусурахь лынамышьҭразы аҽазышәара ҟарҵоит

Тҟәарчал ахада Аида Чачхалиаԥҳа лҭыԥ нлыжьырц "лабжьыргеит"

Администрациа аԥхьа еизаз иреиуоу араион адепутатцәа ирхаҭарнаку, ажьырныҳәа мзазы Аида Чачхалиаԥҳа лгәылҽанызҵахьаз Беслан Емырхәба иҟаиҵаз аҳәамҭа уаршанхаратәы иҟоуп. "Рауль Ҳаџьымба ихаангьы, адепутатцәа ргәыԥ, аветеранцәа аҳәара ҟарҵахьан Тҟәарчал ахаҵа дахагылазарц азы. Аус злоу ҳара аҳәса зынӡа иаҳҭахымкәа акәым, ҳаҭыр рықәаҳҵоит, принципла ҳаргьы аԥҳәыс лами ҳзыхшаз, аԥҳәыс дзакәу ҳамдыруеи", - иҳәан вбақәас Аида Чачхалиаԥҳа илырҭоз егьырҭгьы ааиқәиԥхьаӡеит: "лара уи иштаб аҿы дыҟоуп (ихьӡ имҳәеит. Е. К.), ауаа дрықәымчуеит, иҟам Тҟәарчал арҿиаразы аплан, ақалақь аԥсы ахамлеит", - нациҵан, амза нҵәаанӡа, аиҭалхрақәа рзыԥшра ззыизымычҳауа мҳәакәа, иҳәатәы иҳәеит араион адепутат.

Ажәакала, аԥҳәыс илыхшеит, дзакәу рдыруеит, аха аԥҳәыс напхгара ахьрылҭо рхы ирзықәкуам. Ари идискриминациатәу аҳәамҭазы, адепутат Емырхәба ихаҭа ԥхьатәара дцар бзиагәышьан, аха иабаҟоу уи назыгӡо азакәан! "Ала бзиа, аԥҳәыс илеишуам" рҳәоит аԥсуаа, аха Тҟәарчалтәи аоппозициа, уи ргәаламшәеит.

Ибзиоуп, ибаԥсны аус лузааит, лнапынҵақәа лзынамыгӡозааит, уи азы иҟоуп изинтәу амеханизмқәа. Избан уажәраанӡа араионтә депутатцәа лыгәра шырымго азы бжьыҭарала аизараҿы ақәҵара зыҟарымҵацыз? Усҟан, дара ирылшон атәыла ахада адырра ирҭарц, иара иакәын уи аӡбарагьы зылшоз, ҳзакәанқәа инарықәыршәаны. Тҟәарчалтәи аоппозициаа ирзымычҳаит мызкы аԥҳәыс араион дахагыланы лыҟазаара.

Депутат Аслан Бжания на второй сессии парламента Абхазии шестого созыва - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Тҟәарчалтәи ахҭысқәа рзы игәаанагара иҳәеит

Ахацәа, еиҭашәгәаласыршәоит, аибашьра аамҭазы, "аҳәса ара ус рымам" ҳәа хаҵак ишимҳәаз, избан нас, аибашьра ашьҭахь 27 шықәса анҵы "аԥҳәыс даҳхагыланы ҳзычҳауам" ҳәа зцәырыргаз Тҟәарчалтәи аоппозициаа рхаҭарнакцәа? Аоппозициаа рхада Аслан Бжьаниа иакәзар, Тҟәарчалтәи апикет ахҳәаа аҭо иҳәеит "уахь сара аӡәгьы дысмышьҭит" ҳәа. Абжьааԥны аеҵәа кыдызԥаауаз иоппозициатәу аинформациатә ресурсқәагьы абри азы арепортаж ҳадрымгалеит, рыԥсы ӡаны иавсит атема.

Аҳәара уадаҩуп, Емырхәба игендертә философиа аоппозициаа зегь адгылоу иадымгылоу, аха исҳәарц сҭахуп, ари ахҭыс абжьыҭаразы дара ирызхәыцуаз ахьнархәыр шалшо.

Зегь реиҳа ирыцҳароу, ари аҩыза ахҭыс уаанӡа Гагра иҟалахьан, араион ахадс ишьҭыз Асҭамыр Қецба "даҳҭахым" ҳәа ԥыҭҩык апикет ааҟарҵан, иаразнак ԥхьатәара дцар акәхеит. Иҟалап уажәы аоппозициаа уамак хшыҩзышьҭра арымҭозар, ари аҩыза атрадициа бааԥс, дара амчрахь изнеир "ргәашә ишылагыло".

Ситуация в Гагре - Sputnik Аҧсны
Гагратәи апикет, мамзаргьы адирижиор илахҭым аус шауз

Жәаҩык ахабжьаҟьалацәа ззымԥшаауа политикатә гәыԥк ҟалом, нас апрезидент иеиҭо ачынуаа ркабинетқәа рҿаԥхьа амитинг маҷқәа ҟаҵо рҿаархар алшоит, уи анархиатә ҟазшьоуп иамазаауа.

Макьана алхрақәа рылҵшәазы алкаа аӡәгьы изыҟаҵом, аха "аԥҳәыс даҳхагылар ҳҭахым зҳәо" амчқәа ари адгылара рнаҭом, иара хаҭала ари "аполитикатә спектакль" иалахәу рзынгьы акыр иԥхашьароу нысымҩатә даҟьаны иаанхоит.

Ас ҳанца, иаҳԥеиԥшу амҩа ашәарҭадара ду ацлар алшоит, аибашьраҿы иаиааит, аха рхы изазымиааит рҳәашт ҳазҭахымгьы.

Ҳазлацәажәо ахҭысқәа ртәы, илмаҳацу сыздыруам, аха ҳамбудсмен лыбжьы гом, ҿнаҭуам иара убас, "Аҳәса рассоциациа" ҳәа "аԥҳәыс лзинқәа рыхьчара хықәкы хадас измазааша" аҳәаанырцәтәи агрантшаҩцәа ацхыраара зырҭо аиҿкаарагьы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0