Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Емырхәба Гал Ашықәс ҿыц азгәаҭараз: аҳақьымцәа азин шҳарҭо еиԥш

© Foto / предоставлено Бесланом ЭмырхэбаБеслан Эмырхэба
Беслан Эмырхэба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа ақалақь аҿы азгәаҭара шеиҿкаахо атәы.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Емырхәба Гал Ашықәс ҿыц шазгәаҭахо иазкны

"Раԥхьа инаргыланы ақалақь арԥшӡаразы ирацәаҩны ауаа адгалоуп, иара убас адәқьанқәа рнапхгаҩцәа рыбжьарагьы ирылаҳәоуп аицлабра, адәахьала иаҳа изырԥшӡо ҳәа. Ишаҳҭаху еиԥшҵәҟьа ицәгьоуп иахьазы аныҳәа инеиҵыхны амҩаԥгара, ауаа рацәа реилагылара ҟалаӡом, убри инақәыршәаны, зынӡа имеиҵыхкәа, анкьа Ашықәс ҿыц ҳшаԥылоз инадҩыло иҟаҳҵарц ҳҭахуп. Аҿар рацәоуп ара, ахәыҷқәагьы ус, бзиарак рбар рҭахуп. Ишьақәҳаргылеит апрограмма, иара еиҭа ишьақәырӷәӷәатәуп, аха аныҳәа иаҳа ҳаназааигәахо еилкаахоит, апрограмма аҟынтә инаҳагӡар зылшо, аҳақьымцәа азин шҳарҭо еиԥш", - ҳәа еиҭеиҳәеит Емырхәба.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0