Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Асы улаԥала уаннеиуа ушьҭақәа шаннаҵо еиԥш ҳазнысуа аамҭагьы ҳашьҭақәа ааннажьуеит. 2020-тәи ашықәс аӡәгьы изы имариамызт. Адунеи иахыҵәаз агәыргьын чмазара аԥсуа жәларгьы иаҳнымԥшыр амуит. Аха ишырҳәо еиԥш: "Анцәа иузааиго зегьы бзиоуп", "Агәыргьын" иаратәы ҟанаҵоит, ҳара уи иаҳзаанаго аиҭакрақәа ҳаҽрықәыршәаны анхашьа ҳҵалароуп.
Хаҭала сара сзы ари ашықәс ҿыц аҵараҵара исзаҩызахеит. Еиуеиԥшым аҵара-ҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа онлаин аформат ахь иахьыиасыз иабзоураны сара исоуит алшара еицырдыруа Урыстәыла аҵарауаа дуқәа, афольклористцәа: Сергеи Неклиудов, Иури Бериозкин, Светлана Адоньева, Александра Архипова рлекциатә курсқәа рзыӡырҩразы. Иара убас схаҭагьы сҽаласырхәит Аԥсны еиԥш, Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәа.
Аԥсны анҭыҵ схы зласырхәыз аконференциақәа рхыԥхьаӡара ааба рҟынӡа инаӡоит 2020-тәи ашықәс азы. Географиала урҭ ирымҽхаркуеит абарҭ ақалақьқәа: Москва, Петрозаводск (Карелиа), Улиановск, Пермь, Даӷьсҭан. Ҳәарада, агәыргьын аҟынӡатәи аамҭаан шықәсык аҩнуҵҟа асҟаџьара аҽалархәра сылшарымызт. Убри аҟнытә "агәыргьын" сара исзыбзиахеит ҳәа сҳәар сылшоит.
Sputnik Аԥсны аҟны сматериалқәа ранҵаразы аинформациа аизгараҿгьы иара убас ацхыраара сызҭаз ракәхеит дара саԥхьаҩцәа рхаҭақәа. Урҭ иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ари аҭагылазаашьа схы иархәаны. Сматериалқәа ианысҵоз сажәабжьҳәаҩцәа дара рҭынхацәа иҭыхны, ма рыбжьы анҵаны исзаарышьҭуан. Урҭ ирылан дара рхала исыдыргалоз атемақәагьы. "Агәыргьын" еиҳагьы агәра снаргеит сызҿу аус зҭаху шыҟоу, хәарҭара ззалоу шмаҷым – сара сзы ихадароу уи ауп.
Ари аҭагылазаашьа иара убас иснарбеит Аԥсны аинтернет-фольклор аҿиара шамоу. Иаҳҳәозар, аинтернеттә еимадара иалҵшәахеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо имҩаԥыргаз аҿкы чымазара аҟынтәи ахныҳәара.
Игәоуҭоит асоциалтә каҭақәа рҿы аҿиара змоу жәлар рҳәамҭақәа ҿыц хырхарҭала рцәыргара. Аиҳарак ицәырҵуа аполитикатә лафқәа роуп, иара убас аҿаԥыц ажәабжьқәеи, уҳәансҳәанқәеи, урҭ ихадырҭәаауеит афото-, авидеоматериалқәа.
Иазгәаҭатәуп афольклор аинтернет аҿгьы адәынтәи аизгараан еиԥш иамоуп авариантқәеи аверсиақәеи, ажәабжьқәа "аиҩызцәа" инеимда-ааимдо иааргоит, аханатә авторс иамазгьы дацәыӡуеит, зегьы ирзеиԥшхоит, ирылаҵәоит. Уадаҩрас ицәырҵуа аинтернет-фольклор аизгараан – араҟа аԥсшәа маҷуп, аха аԥсуа ҵакы еиқәырхоуп.
Уажәшьҭа ҳашьҭахьҟа инҳажьуа ашықәс излаҳнарбо ала, аҿыц аамҭахьы шьаҿа дук аҟаҵаразы амҩа ҳааины ҳангылоуп. Ари аамҭа ҽаԥарак ала ԥхьаҟа узго акоуп. Ахәыҷы ихәыҷраҟынтәи иеизҳарахь даныиасуа "ахыԥаратә" аамҭак данҭагылоу еиԥш (усҟан имҩа ақәҵашьа узақәшәар, дманшәалахоит, узақәымшәар – дуцәҟьалоит), убасҵәҟьа аамҭахҵәахак аҟынтәи даҽа аамҭахҵәахак ахь аиасразы "ахыԥаратә" етапк ҳҭагылоуп. Уи ҳшахысра зыбзоуроу ҳара ҳауп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Изакәытә аамҭақәоузеи иаҳхаҳгахьоу?!" – акоронавирус ицәырнаго агәалашәарақәа
Ақалақь аҿы акәу, ақыҭаҿы акәу: акарантин ахгара иаҳа иахьыманшәалоу