Шәкы рҟынтәи ак наӡоит: ачымазара ҿкаҟынтәи ажәлар ахныҳәара шымҩаԥыргаз

© Foto / Рада АжибаШәкы рҟынтәи ак наӡоит: ачымазара ҿкаҟынтәи ажәлар ахныҳәара шымҩаԥыргаз
Шәкы рҟынтәи ак наӡоит: ачымазара ҿкаҟынтәи ажәлар ахныҳәара шымҩаԥыргаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ажәлар рхаҭа раԥшьгарала имҩаԥыргеит ахныҳәара, ачымазара ҿкы алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы, Ҳазшаз илԥха-игәыԥха ҳамазарц, ачымазара хара иаҳҟәыгазарц азы. Уи шымҩаԥыргаз атәы ҳзеиҭалҳәоит Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа рыла, амра атыҩ ианаклак, уи ахы иақәиҭханы, алашьцара иалҵны дырҩегьых адгьыл иқәлашарц азы аихсра иалагон "шәкы рҟынтәи ак наӡоит" ҳәа. Убас, хҭак еицҭазыршәуа ражәагьы ылнадоит, рҳәоугьы еиқәшәоит. Ажәлар рхаҭа раԥшьгарала иахьа Аԥсны ахы-аҵыхәа аӡәырҩы имҩаԥыргеит ахныҳәара. Досу рыҩнаҭақәа рҿы, ақыҭаҿ инхо реиԥш, ақалақь аҿы инхогьы рхы-рҭаацәа рныҳәеит, ажәлар агәаҟра рыҟәгазарц, аамҭа бзиа рԥеиԥшхарц.

© Foto / Рада АжибаЗамира Гәыбаз лыԥҳа Заира Григолиа-Ажьиба
Шәкы рҟынтәи ак наӡоит: ачымазара ҿкаҟынтәи ажәлар ахныҳәара шымҩаԥыргаз - Sputnik Аҧсны
Замира Гәыбаз лыԥҳа Заира Григолиа-Ажьиба

Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа рныҳәарақәа досу иқә-иҵас ала, иабиԥарақәа ишырҿиҵаахьаз еиԥш ишымҩаԥырго, убри аҟынтәи урҭ рымҩаԥгашьаҿы аиԥшымзаарақәа рнубаалоит. Убас, ари аныҳәараҿгьы иалаҳкааит ихадарахаз ҩ-знеишьак: џьоукы, аханатә ишҳәаз еиԥш, ацхаӡҩеи, ахарҵәыӡҩеи, акәакәарқәеи, ачаҳаржәқәеи рыла мацара иныҳәеит, даҽа џьоукы аныҳәара мҩаԥыргеит ацәашьы аркны. Иныҳәоз аԥҳәыс лоуп, џьара-џьара ахацәа ахьныҳәазгьы ыҟоуп.

Гәдоуҭа ақалақь аҿы инхо Замира Гәыбаз ари аныҳәара мҩаԥылгеит дара акәырбан шыҟарҵац еиԥш:

"Ҳазшаз ҳрыцҳашьа! Ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп! Иаҳзымдыруа ҳаҭамзааит! Иаҳзушаз ҳчаӷьа, ҳашә, ҳахш, ҳхарҵәы иалҵыз ҳчаҳаржә ҟаҵаны, ҳкәакәарқәа ҟаҵаны, ҳхарҵәыӡҩа, ҳацхаӡҩа… Ажәлар ирыхәара ҟало, ажәлар ақәнага иақәшәо, ажәлар гәыблыла, напеикәыршала еибабаратәы, аԥсҭазаара маншәала рзыҟаларатәы, рыгәҭа ҳаланыҳәаны Анцәа иҟаиҵааит, Ҳазшаз Дуӡӡа ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп!" – ҳәа дныҳәеит лара, мрагыларахь лхы нарханы.

Иҳәатәуп ари аныҳәара амҩаԥгаразы ҭелтә еимадарала зегьы шеигәныҩыз еиԥш, ианныҳәо ажәақәас ирҳәашагьы ҳәа еимыздаз шыҟалаз, иара убас азҵаара цәырҵит заҟа кәакәар ҟаҵатәузеи ҳәа.

Дук мырҵыкәа еиҭааигәныҩит жәаҩа кәакәар ҟаҵатәуп ҳәа шықәсык жәаҩа мзы шамоу ала. Аха аԥсуаа рныҳәарақәа рҿы шамахамзар ишыҟарҵало еиԥш, араҟагьы досу импровизациала игәаҟынтәи иаауаз ажәақәа рыла дныҳәеит. Иҟоуп зегьы ишырҳәаз еиԥш иҟаҳҵап ҳәа жәаҩа кәакәар ҟаҵаны иныҳәаз, иҟоуп даҽа хыԥхьаӡарак ҟазҵаз.

© Есма ҬодуаԥҳаАнжела Ҵәыџьба-Бигәаа лҭаацәеи лареи
Шәкы рҟынтәи ак наӡоит: ачымазара ҿкаҟынтәи ажәлар ахныҳәара шымҩаԥыргаз - Sputnik Аҧсны
Анжела Ҵәыџьба-Бигәаа лҭаацәеи лареи

Ҭхьына ақыҭа инхо Анжела Ҵәыџьба–Бигәаа лҭаацәа лыдкыланы ацәашьы рыхганы дныҳәеит иара абарҭ амарҭхәқәа ҟаҵаны:

"Иа, Анцәа ду суҳәоит, абри ачымазара иҟоу иахьа ҳалухәдааразы. Иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо издыруа зегьы иҟарҵоит. Иҟазымҵазгьы иҟазҵаз ртәы иаҵанакуа, агәабзиара ҟало, аизҳара ҟало, аманшәалара ҟало, ачымазара ҳзааумго, убри аҩыза аамҭа Анцәа иҟаҵа. Аԥсуа дахьыҟазаалак духьчаразы, Москва иҟоума, Аҟәа иҟоума, ҳацәыухьчаразы Анцәа Ду суҳәоит", – ҳәа ҳәаны, лхы-лыхшара, лмаҭацәа ацәашьы хынтә рхы инакәыхшаны, арыӷьарахьала хынтә иргьежьны, ларгьы хынтә днагьежьны ацәашьы лыблит.

Абасала ҭаацәацыԥхьаӡа ахныҳәара мҩаԥызгарц агәаҳәара зауз зегьы шьыбжьаанӡа ари аныҳәара мҩаԥыргеит. Иҟоуп иҟазҵарц зҭахыз, аха иахьатәи амш азы иззалымҵуаз еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, урҭ даҽа мшык азы аныҳәара мҩаԥыргарц оуп. Иара убас иҟоуп агәи агәаҵәеи арбаны иныҳәарц зҭаххаз, урҭ ачгара ианыҵыҵлак ашьҭахь иныҳәап ҳәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0