Ашықәс ҿыц аҭоурыхи иара иацу ахаҿсахьақәеи

© SputnikНовогодняя елка в городе Ткуарчал
Новогодняя елка в городе Ткуарчал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц азгәаҭара аҭоурых ахы абаҵнахуеи, ажәларқәа рҟны азгәаҭашьақәас иҟои, аԥсуаа рамзартә ныҳәақәа ирылоума - абарҭақәа ртәы Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҿы.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ашықәс ҿыц хәыҷи дуи ргәыӷрақәа здырҳәало, зегьы ззыԥшу ныҳәоуп. Иагьа аамҭақәа мариамзаргьы уи иацуп аныҳәатә гәалаҟалара, алахҿыхра. Шамахамзар адунеи иқәынхо ажәларқәа зегьы рҟны ари аныҳәа азгәаҭашьа еиԥшуп, досу дара ртадициа, ркультура ацәаҩа шаныԥшуагьы. Аԥсуаа ашықәс ҿыц аныҳәа ҩбаны иазгәарҭоит: иаԥу зеиԥштә ныҳәалеи, аԥсуаа ртрадициалеи (ажьырныҳәа/хьачхәама).

Новогодние игрушки - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2017
Ашәҭқәа, акакаҷқәа: аԥсуаа Ашықәс Ҿыц ишаԥылоз

Иџьашьатәӡам ашықәс ҿыц аныҳәа (азеиԥш ныҳәа) иадҳәалоу аперсонажцәеи ажәабжьқәеи аԥсуа фольклор аҿы иахьуԥымло. Ҳера ҟалаанӡа х-нызқь шықәса раԥхьа ари аныҳәа анцәырҵызгьы месопатамиатәи амзар ацәырҵрала, аныҳәа азгәарҭон ааԥын аамҭазы. Иара уазхәыцуазаргьы ус иагьиашоуп, ианбыкәу ааԥын акәымзар зегь анҿыцхо, аԥсабара ҿыц ангыло, зегь анышәҭуа.

Хымԥада ашықәс ҿыцгьы аԥсабара аҿыхара, аҿыц ацәа аҟәнылара асимволра азнауеит. Аҿатә аамҭа ҟалаанӡагьы ашықәс ҿыц азгәаҭараан аԥсаӡ дырхиомызт, еилаарцыруа алашарбага ҟарҵомызт, Аҵаа Бабадугьы дыҟамызт, Асҭыԥҳагьы дрыздырамызт. Арҭ аперсонажцәа рыхьӡқәа аурысшәаҟынтәи ишеиҭагоу убоит, аԥсуа цәа рхангьы иҟаӡам.

Нас иабантәиааи ажьырныҳәа аказы ашықәс ҿыц аныҳәа азгәаҭара? Аҭоурых аҟны ишарбоу ала, ари арыцхә азы римлианаа ҿыц иалырхуаз рконсулцәа рзинтә усқәа рахь ианиасуаз аамҭан. Убри инамаданы 46 шықәсазы ҳера ҟалаанӡа Иули Цезарь ари арыцхә амзартә ныҳәаны иазгәаҭазарц иаԥшьигеит. Ари амзартә рыцхә зеиԥш ныҳәаны излаҵәаз рацәоуп, аԥсуаагьы ҳналаҵаны, аха уеизгьы иара ныҳәа дуны ирыԥхьаӡом, акзаҵәык – аҿыц лагалақәа ирыдҳәаланы, "ашықәс ҿыц – аԥсҭазаара ҿыц" ҳәа иазырԥхьаӡо иҟалеит. Убри аан еиуеиԥшым ажәларқәа еиҳа иныҳәа дуны ашықәс ҿыц ҳәа изԥыло дара рҵас, рқьабз ала имҩаԥырго ауп. Иаагозар, атиурки аиран жәларқәеи рҟны уи Наурыз ҳәа ззырҳәо аныҳәа ауп (ааԥын, хәажәкыра мзазы иазгәарҭо). Акельтцәа ракәзар, мҽхакы ҭбаала иазгәарҭо амзартә ныҳәаны ирымоуп ҭагалан, рҭагаларақәа зегьы ианрылго. Урҭ рныҳәатә қьабз иахьӡын Самаин. Аӡәырҩы аҵарауаа иазгәарҭоит абри аныҳәатә қьабз ауп Хеллоуин ҳәа иршьо зхылҵыз, аԥсуаа ҳҟынӡагьы иааиз, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзгьы аларҵәара зауз. Аԥсны зымҽхак ҭбаау мзартә ныҳәаны иазгәаҳто Ажьырныҳәа ауп (ажәытәан ҳаргьы ашықәс ҿыц ааира ааԥын ааира ишадаҳҳәалозгьы).

Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2018
Арда Ашәба еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц аԥсуаа традициала ишаԥыло

Ашықәс ҿыц иацу ахаҿсахьақәа иахьеиԥш алахҿыхреи агәырӷьареи аазгоз ракәмызт, урҭ амч лашьцақәа ирыдҳәаланы иҟан. Италиатәи нанду Бефана (ахәыҷкәа зыршәо), германиатәи Перхта, швецариатәи Страгелла, австриатәи Крампус уҳәа иреиуоу аџьнышцәа анцәырҵуа ари амзартә аамҭа азы ауп. Убри аҟнытә ари аамҭа еихҵәарахҵәара ахыԥара амч лашьцақәа риааира иадыргоуп. 

Аԥсуаа рҿы уажәгьы ирҳәоит ашықәс ҿыц ааира иҽеим ахҟьаԥҟьақәа анацу маҷым ҳәа. Избанзар ари аамҭа ажәлар рыхдырраҿы ҩысҭааи џьныши адгьыл ианықәло аамҭоуп ҳәа ишьақәгыланы иҟоуп. Урҭ рҽырцәыхьчаразгьы рҽазыҟарҵон уаанӡа. Иаҳҳәап, рыҩны аандаҟны аҽхыбаҩ, ма амшә ахыбаҩ кнарҳауан аџьнышқәа, амышьҭа цәгьақәа ааннакылоит ҳәа. Аҩны инадәылҵуа рџьыба аџыш ҭазароуп, хымԥада какалк мкыкәа идәылымҵыроуп ԥсаатәк иамҟаҭәарц азы. Ашықәс ҿыц аухазы иҭдырҟьо ахысбыжьқәагьы абарҭ ҩысҭааи џьныши рыршәара иадыргоуп.

Абас амч лашьцақәа злоу ауха иахысны ашықәс ҿыц ианҭалалак раԥхьатәи амш азы рхы-ргәы иақәгәырӷьо "гәныҳәа" мҩаԥыргон – амгьал хагежьаа хәыҷқәа аҭаацәараҿы заҟаҩ ыҟоу рыцыҧхьаӡа аҩнуҵҟа кәтаӷьк-кәтаӷьк жәны иагәылаҵаны. Аҭаацәа реиҳабы досу дрыхныҳәауа амгьал досу итәы ргәы инадкыланы "агәы ахьаа Анцәа ишәимҭааит" ҳәа инадиркуан. Убри нахыс "ҭынч анхара, ҭынч аԥсшьара" иналагоит ижәытә ҿыцу русқәа инрықәныҳәо, мышьҭабзиала нап аркуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0