Covid-19 итрадициатәу аԥсуа ныҳәарақәа ишырныԥшыз

© Sputnik / Томас ТхайцукФамильное моление Лейбавцев в селе Мгудзырхуа
Фамильное моление Лейбавцев в селе Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа итрадициатәу аԥсуа ныҳәарақәа ишырныԥшыз ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Аҿкы чымазара аԥсуаа рыԥсҭазаара иалаҵәеижьҭеи иаланагалаз аԥсахрақәа маҷым. Уи аныԥшит аԥсуа жәлар имҩаԥырго итрадициатәу рныҳәарақәагьы.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ачымазара зцәа иалалаз ауаа рхыԥхьаӡара арацәара иахҟьаны иҟаҵаз аԥкрақәа аныҳәарақәагьы рымҩаԥысшьа ианыԥшит. Иаҳҳәап, ааԥын-аԥхынтәи аамҭа иақәшәоз амзартәи ажәлантә ныҳәарақәеи абжьааԥнеиԥш имҩаԥгазҭгьы, ҭагалан аамҭазтәи аныҳәарақәа зҽалазырхәыз рхыԥхьаӡара иаҳа еиҵахеит, уимоу иҟоуп зынӡаск иахьымҩаԥырымгаз аныҳәарақәагьы.

Амԥараа рныҳәара Аг-ныха ахыркәшаратә ритуал - Sputnik Аҧсны
Амҧараа рныҳәара – Аг-ных ажәытәи аҿатәи реиҿырҧшра амҩала

Убас есышықәса ноиабр мза актәи асабшеи амҽышеи рзы имҩаԥыргоз Амԥараа рныҳәара сынтәа ари аҿкы чымазара иахырҟьаны инаскьаргеит.

"Амԥараа рныҳәара есышықәса имҩаԥаагоит ҭагалан, ноиабр мза актәи амчыбжь азы, асабшеи амҽышеи. Асабшаҽны аныҳәара аиҿкааҩ иҩнаҭаҟны еизоит, аҳәса аныҳәатә чыс дырхиоит, досу иқьҭамхә алаҵаны, амҽышаҽны ахацәа аныҳәарҭатә ҭыԥ аҿы аныҳәара мҩаԥыргоит. Сынтәа, ари ачымазара иҟоу иахырҟьаны макьаназы цқьа еилкаам иҟаҳҵо, иҟаҳамҵо. Иҟаҳҵозаргьы, наҟ инаскьаганы иҟаҳҵоит ҳәа ацәажәарақәа цоит", – ҳәа ҳаиҳәеит ҳара ҳзызҵааз ари аныҳәара иалахәу Беслан Амԥар.

Иазгәаҭатәуп, аԥхын амҭазы аԥхаррақәа аныҟаз ачымазарагьы иаҳа ишәарҭаӡам ҳәа ажәлантәқәагьы абжьааԥнеиԥш еизаны аныҳәарақәа мҩаԥыргозҭгьы, ҭагалан аамҭа иақәшәаз аныҳәарақәа рҿы ма ауаа рхыԥхьаӡара маҷны имҩаԥган, мамзаргьы абас еиԥш иахызгаз ҟалеит.

Иҟалоума абас еиԥш аныҳәара ахгара, мамзаргьы аныҳәара ахыугозар, уи шыҟарҵо еилаҳкаарц ҳара ҳиҿцәажәеит "Аԥшьаҭыԥ" аиҳабы Борис Қәҭелиа.

Руслан Берзек  - Sputnik Аҧсны
Анцәа ииныҳәаз, ауаа ирныҳәаз: аныҳәаҩ ихаҿра

"Маи мза аахыс сара тәамҩахә сымаӡамкәа ақыҭақәа срылоуп. Сара схаҭагьы ари (асабрада. – Е.Ҭ.) ара исыцуп, исхасҵоит. Даҽакгьы исыцу есымша, амашьына сҭалама, автобус аҟны аума, абри сафыҩҩуеит, снапы аласрыцқьоит (аспирт. – Е.Ҭ.). Ачымазара ыҟоуп ҳәа ҳтәаӡам, ҳус ҳаҿуп, Анцәарныҳәароума, ахныҳәароума, абыржә иацгьы ахныҳәара мҩаԥызгон, Кәтол сыҟан. Сара сахьнеиуа ааҩык, жәаҩык, жәохәҩык ауаа ахьаҵагыло ыҟоуп, аха ҵәах-сах ҳәа ауаа гәыдеибакыло иҟалаӡом, ауаагьы абас аҭыԥ рыбжьаҵаны исыргылоит. Акгьы ыҟаӡам ҳәа аӡәы иҳәар саргьы исуӡом, иҟоуп, аха ҳныҳәарақәа иабжьамыжькәа ишыҟаҳҵац ҳаҿуп, иабжьаҳажьӡом" – ҳәа азгәаиҭоит иара.

Иҳәатәуп, еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы ас еиԥш ала аныҳәарақәа рзымҩаԥымго аныҟалалоз шыҟаз. Урҭ иреиуан, иаҳҳәап 1930-тәи ашықәсқәа рзы арҭ аныҳәарақәа амцхаҵарақәа иреиуоуп ҳәа амҩаԥгара азин анрымамыз, имҩаԥызгозгьы аҭакра ианақәдыршәоз. Аха убасҟангьы маӡала зныхахқәа рныҳәара иабжьамыжькәа имҩаԥызгон рацәан.

Иара убас, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзгьы аныҳәарақәа зцәабжьахаз маҷмызт. Аха аҭышәынтәалара аныҟала ашьҭахь, уи абжьааԥны аасҭагьы еиҵыхны имҩаԥыргон.

Аныҳәара иадыргалоз ашьтәагьы иабжьахаз ашықәсқәа рзы, абжьааԥнеиԥш шықәсык зхыҵуа ашьтәа акәымкәа, ахәахьшәтәа ҳәа изышьҭоу, хы-шықәса зхыҵуа адыргалон. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа иаланагало аԥсахрақәа иудырбоит ари ҭоурыхтә аамҭаны ажәлар ргәалашәараҿы иаанхо акакәны ишыҟало.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0