Аҟәа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь ԥшьыџьара алхрақәа шьақәымгылаӡеит

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп урҭ рҟны 25% иреиҳаны ауаа рыбжьы арҭазар.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аҟәатәи алхратә комиссиа адырра ҟанаҵеит аҳҭнықалақь аҿы 19 алхратә ҭыԥ хадақәа рахьтә ԥшьба рҿы алхрақәа шьақәымгылаӡеит ҳәа. Зынӡа рхы аладырхәит 29,97% алхыҩцәа. 39,5 нызқьҩык алхыҩцәа рахьтә рыбжьы арҭеит 11 934-ҩык.

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа хыркәшоуп

Алхратә комиссиақәа рхантәаҩцәа алхыҩцәа рааишьазы алкаақәа ҟарҵеит асааҭ 20:00 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа анадыркыз ашьҭахь. Дара абжьқәа рыԥхьаӡарахь ииасхьеит.

Гал араион аҿы алхрақәа шьақәгылеит алхратә ҭыԥ хадақәа зегьы рҟны. Уажәазы абжьқәа рыԥхьаӡарахь ииасхьеит, зеиԥшла ауаа рааишьа иартәеит 58%. Алхратә комиссиа ахантәаҩы Игор Амҷба иажәақәа рыла, аԥсуа тәылауаҩшәҟәы змоу 859 алхыҩцәа рахьтә рыбжьы арҭеит 506-ҩык.

Гәылрыԥшь араион аҿгьы алхратә ҭыԥқәа зегь рҟны алхрақәа шьақәгылеит. Бжьаратәла 32,8% ыҟоуп. Зыбжьы азҭаз рхыԥхьаӡара - ԥшьнызқьҩык раҟара.

Очамчыра араион аҿы ауаа рааишьа иартәеит 42,3%, рыбжьы арҭеит 6432-ҩык алхыҩцәа. Алхрақәа шьақәгылеит алхырҭақәа зегьы рҟны.

Аҟәа араион аҿы асааҭ 18:00 рызтәи аҭагылазаашьала алхрақәа шьақәгылеит 15 ҭыԥ хада рҿы. Рыбжьы арҭеит 2 654-ҩык алхыҩцәа, уи 37% шьақәнаргылоит.

Аԥсны аамҭала алашара арцәарақәа ааныркылеит алхратә комиссиақәа русура иалгаанӡа

Тҟәарчла араион аҿы ауаа рааишьа иартәеит 39,5%. Абжьыҭара иахьабалак ишьақәгылеит.

"Алхырҭатә ҭыԥқәа адыркит асааҭ 20:00 рзы, абжьқәа рыԥхьаӡара иаҿуп, абжьаратә лҵшәақәа еилкаахоит х-сааҭк рышьҭахь аҟара", - иҳәеит Тҟәарчалтәи алхратә комиссиа ахантәаҩы Витали Чачхалиа.

Гәдоуҭа араион аҿы алхрақәа шьақәгылеит иахьабалак, бжьаратәла ауаа рааишьа 40% артәеит. зынӡа шаҟаҩы рыбжьы арҭаз рхыԥхьаӡара макьана еилкаам, аха уажәазы аиааира згаз жәаҩык раҟара рыхьӡқәа еилыркаахьеит.

Гагра араион аҿы ауаа рааишьа макьана еилкаам.

Алхрақәа рофициалтә лҵшәқәа еилкаахоит ашәахьа, мшаԥы 12 рзы.