АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа русура арманшәаларазы планла иалагалоу алашара арцәарақәа аамҭала иааныркылоит ҳәа адырра ҟанаҵеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Афымцалашара аҿырхлаӡом алхратә комиссиақәа русура зегьы хдыркәшаанӡа. Асааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥкәа зегьы адыркит, абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.
Зынӡа Аԥсны алхыҩцәа 125-нызқьҩык ыҟоуп, 161 алхоратә ҭыԥ хадақәеи 198 алхратә ҭыԥи. Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәоуп Аҟәа - 40 нызқьҩык рҟынӡа. Зегь реиҳа имаҷуп Гал араион - 872-ҩык абжьыҭара азин рымоуп.
Иарбанзаалак алхратә ҭыԥ хада аҟны аӡәгьы дырзалымхыр, ма уа алхрақәа шьақәымгылеит, ма аилагарақәа аманы имҩаԥысит ҳәа ирыԥхьаӡар, алхратә комиссиа мчыбжьык иахмырԥакәа аиҭалхрақәа рыҿҳәара азгәанаҭоит. Аиҭалхрақәа ҩымз ирхымгакәа имҩаԥысроуп.