АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рҿы абжьыҭара хыркәшоуп. Алхратә ҭыԥқәа зегьы аркуп асааҭ 20:00 рзы.
Алхрақәа мҩаԥысуан мшаԥы 11 асааҭ 08:00 инаркны.
Асааҭ 17:00 рызтәи аҭагылазаашьала аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан ауаа рааишьа зеиԥшроу атәы рҳәахьан Аԥсны араионқәа ралхратә комиссиақәа рлахәылацәа.
Очамчыра араион аҿы асааҭ 17:00 рзы рыбжьы арҭахьан 5528-ҩык алхыҩцәа, уи алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтә 36,3% артәоит. Гәылрыԥшь араион аҿы асааҭ 15:00 рызтәи аҭагылазаашьала абжьыҭара жәа-ҭыԥк рҿы имҩаԥысхьан.
Гал араион аҿы асааҭ 17:00 рзтәи аҭагылазаашьала ауаа рааишьа иартәон 54%. Асааҭ 17:00 рзтәи аҭагылазаашьала Тҟәарчал араион аҿы азеиԥш ааишьа иартәон 30%. Алхратә ҭыԥқәа 12 рҿы алхрақәа шьақәгылеит ҳәа уҳәар ауеит ҳәа адырра ҟаҵан.
Асааҭ 16:00 рзтәи аҭагылазаашьала Аҟәатәи алхратә ҭыԥ хадақәа 19 рҟынтә ауаа рааишьала алхрақәа шьақәгылеит ҳәа уԥхьаӡар ауеит аҭыԥ хадақәа 4 рҟны заҵәык ҳәа рҳәеит акомиссиаҿы. Аҟәа араион аҿы асааҭ 17:00 рзы рыбжьы арҭахьан 2101-ы алхыҩцәа, уи азеиԥш хыԥхьаӡараҟынтә 29% артәоит.
Гагра араион аҿы бжьаратәла асааҭ 17:00 рзы ауаа рааишьа 19% артәахьан. Гәдоуҭа араион аҿы алхрақәа мҩаԥысит 32 алхратә ҭыԥ хадақәа рахьтә 30 рҟны ҳәа араионтә комиссиа адырра ҟанаҵахьан.
Иахьатәи алхрақәа реиԥш зеиԥшу бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы. Раԥхьаӡа акәны Аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007 шықәсқәа рзы, анаҩс адепутатцәа рнапынҵақәа рыҿҳәара иацҵан, ԥшьышықәса ҳәа иҟаҵан, убри аԥҟара инақәыршәаны 2011, 2016 шықәсқәа рзы алхрақәа мҩаԥысит.
Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуеит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.