Sputnik амчыбжь: Аинвестобиектқәа ргәаҭара, Роспотребнадзор аԥҟарақәа, аенергокризис

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит мшаԥы 12-18 рызтәи ахҭысқәа реизга.
Sputnik

Ииасыз амчыбжь азы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥган, Аԥсныҟа усутә визитла иааны иҟан Урыстәыла Аекономҿиара аминистрра аделегациа, Роспотребнадзор Урыстәылаҟа ихынҳәуа атәылауаа рзы аԥҟара ҿыцқәа аланагалеит. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аҿы.

Sputnik

Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа

Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 11 азы. 161 ҭыԥ рҿы иқәгылан 257 кандидат.

Аҭыԥантәи амчрахь: Аԥсны ахаланапхгараҭарахь алхрақәа шымҩаԥысыз

Алхрақәа мҩаԥымсит Гагреи Гали араионқәак рокругқәа рҿи Аҟәа ақалақь аокругқәак рҿи. Аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа.

Астатистика ишаҳәо ала, иалху реиҳараҩык хацәоуп аха 16-ҩык аҳәсагьы адепутатрахь инеит.  Гал араион аҿы алхрақәа шьақәгылеит алхратә ҭыԥ хадақәа зегьы рҟны. 859-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи 58% абжьыҭарахь инеит. Зегь раасҭа ауаа рнеира еиҵан Аҟәа– 30% . аԥына зегьы рыбжьы арҭеит 62777-ҩык алхыҩцәа.

Роспотребнадзор аҟынтәи ажәабжьқәа

Ииасыз амчыбжь азы Роспотребнадзор иаланагалаз аԥҟарақәа рыла, мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп.

Аԥсны аиҳабыра Роспотребнадзор Урыстәыла алаларазы иҟанаҵаз аԥҟарақәа ҳаилнаркаауеит

Аԥҟарақәа аларгалоит аҳәаанырцәынтә иарбанзаалак атранспортхкала ихынҳәуа урыстәылаа зегьы рзы. Уаанӡа атестқәа азҭараны иҟаз аҳаирплан ала ихынҳәуаз заҵәык ракәын.

Атуризм – ареспублика аекономикатә хырхарҭақәа ишраԥхьагылоу азгәаҭаны Роспотребнадзор Урыстәыла алаларазы иҟанаҵаз аԥҟарақәа реиҭакра аус Аԥсны азҵаара рацәа цәырнагеит. Аиҳаракгьы атуристтә сезон аламҭалаз.

Аҳәамҭа ашьҭахь атурфирмақәа аклиентцәа рцәыӡуа иалагеит. Ауаа Аԥсныҟа аара мап ацәыркуа иалагеит. Иара убасгьы Ҭырқәтәылаҟа аҳауатә еимадара анадыркы ашьҭахь Аԥсныҟа аара згәаҳәоз  еиҳахеит, аха аԥкрақәа рышьҭахь 30-35% еиҭакаҳаит.

Урыстәыла алалараан иаларгалаз аԥҟарақәа ирыҵаркӡом аурыс-аԥсуа ҳәаа уахьгьы арахьгьы иахысуа Урыстәыла атәылауаа, уи ҿҳәарала шаҟа ицо иаауагьы иахьыԥшым ҳәа аилыркаара ҟарҵеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы.

Аԥсны аиҳабыра адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә санитартә ҳақьым хада

"COVID-19 аламырҵәаразы аҽыԥхьакра арежим ашьақәыргыларазы" Асанитартә ҳақьым хада иқәҵара №7 ахь аиҭакрақәа ралагаларазы" мшаԥы 9 2021 шықәсазтәи Ақәҵара №12 инапы аҵаиҩит. Уи иацааиуа аԥшьы инақәыршәаны, Ермантәылеи, Белоруссиеи, Кырӷызтәи Ареспубликеи рҟынтәи Урыстәылаҟа иаауа роуп аҳәаа ахысра аԥҟара ҿыцқәа ирыҵаркуа.

"Адокумент ҿыц аҿы иарбоуп аԥҟара ҿыцқәа ирықәныҟәар шакәу 29 тәыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра урҭ ирылаӡам", - рҳәеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы.

Назаров Урыстәыла алаларазы иаларгалаз антиковидтә ԥкрақәа ахҳәаа риҭеит

Аха абри инашьҭарххны арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров ахҳәаа риҭеит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа урыстәылаа рзы Роспотребнадзор иаланагалаз антиковидтә ԥҟарақәа.

"Сара сазыхиам макьаназ аԥҟарақәа рҿы Аԥсны аганахьала аԥсыҽрақәа ыҟоу иҟаму ртәы аҳәара. Ари азҵаара алацәажәара мҩаԥысуеит. Макьаназы адокумент шыҟац иҟоуп. Ҷыдала ак алырхуа ҳәа атәы исыздырам", - ҳәа иҳәеит Назаров.

Москватәи аиқәшаҳаҭрақәа

Мшаԥы 12 рзы Москва имҩаԥысит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци Урыстәыла аиустициа аминистр Константин Чуиченкои реиԥылара.

Аҩ-тәылак руистициатә усбарҭақәа ирыгәҭакуп аусеицуреи ауснагӡатәқәеи есышықәсатәи рыплан анапаҵаҩра. Абри атәы арадио Sputnik аҟны далацәажәеит ареспублика аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Барцыц Урыстәыла аиустициа аминистри иареи реицәажәарақәа дырзааҭгылеит

Аминистр ишиҳәо ала, аиԥылара ахәҭак азкын Аԥсны аелектрон-цифратә технологиақәа ралагалара азҵаара.

Аусбарҭа ахада иара убасгьы далацәажәеит, аелектронтә технологиақәа Аԥсны аӡбранагӡаҩцәа русурахь алагалара атәы ишазааҭгылаз. Хаҭала – Урыстәыла иҟоу анагӡаратә електронтә база аналог ала Аԥсынгьы аиҿкаара.

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирзааҭгылан аӡбаратә експертцәа рызҵаарагьы. Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит аԥснытәи асудекспертцәа рҟазара Урыстәыла иацырҵаларц аҭагылазаашьа рыҭара.

Анри Барцыц ишиҳәо ала аиԥылара иреиҳау храны ишьоит ҩ-ганктәи аусутә гәыԥ аԥҵара.

Анқәаб иусура дазыхынҳәит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа анихига ашьҭахь мшаԥы 12 рзы инапынҵақәа дырзыхынҳәит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи акоронавирустә инфекциа зыхганы знапынҵақәа ирзыхынҳәыз Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби аусутә еилацәажәара мҩаԥыргеит.

Акоронавирус акәша-мыкәша

Аԥсны акоронавирус азы иалагалаз аԥкрақәа рԥсыҽны даҽа мызкы рыҿҳәара иацҵоуп – лаҵара 12 рҟынӡа. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Аԥсны урыстәылатәи алаҵа акоммерциатә партиа ҿанаҵар алшоит

Уаанӡа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб мшаԥы 9 азтәи аилатәараҿы ахада иабжьнагеит алаҵаҟаҵара иалагаанӡа аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵазарц.

Урыстәыла акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҟынтәи алаҵа Аԥсныҟа хымԥада иаагахоит, зҵаарас иҟоу аҿҳәароуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров.

"Ииашаҵәҟьаны, ареспублика алаҵа аиуразы азыҳәа нанашьҭхьеит. Ҳазҭоу амчыбжь азы ари атема ҳалацәажәон. Иахьаҵәҟьа еилаҳкаауеит аашьҭра аҿҳәара. Алаҵа шаагахо азы гәыҩбара ыҟам. Зҵаарас иҟоу аҿҳәароуп", - иҳәеит Назаров.

Назаров COVID-19 аҟынтәи алаҵа Аԥсныҟа аагаразы: азҵаара шыӡбахо азы гәыҩбара ыҟам

Уаанӡа Sputnik аинтервиу аҭо асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аҳәамҭа ҟалҵеит алаҵа Аԥсныҟа зыҳәала иааргоит ҳәа. Лара лажәақәа рыла Урыстәыла уажәы ахархәара змоу "Спутник V" ма "Эпиваккорона" роуп. Аԥсныҟа иаарышьҭран иҟоу макьана еилкаам.

Иара убасгьы Аԥсны урыстәылатәи алаҵа акоммерциатә партиа ҿанаҵар алшоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент адепутат Алхас Џьынџьал.

Урыстәылантәи аделегациа

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа Аԥсны иааны иҟоуп 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программала асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аобиектқәа рыргылара шцо рбаразы.

Аделегациа алахәылацәеи Аԥсны анапхгареи аиҳабыреи аиԥыларақәа мҩаԥыргеит. Мшаԥы 15 рзы аделегациа идикылеит Аслан Бжьаниа. Мшаԥы 16 рзы Аминистрцәа реилазаараҿы инарҭбаау аилатәара мҩаԥган.

Аенергокризиси алашара арцәареи

Акоронавирус инаваргыланы ипроблеманы иҟоуп аенергетикатә кризис. Мшаԥы 6 инаркны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара есхԥа-хԥа сааҭ рыбжьара сааҭк-сааҭк идырцәон.

Қорсаиа: ҳашцо ҳцалар, иааиуа аӡын азы ҳенергетика ҳалгоит

Мшаԥы 13 рзы Аԥсны аҵакыраҿы иалагалаз алашара арцәара аграфик ԥсахын абзазаратә обиектқәа еиҳа иҭышәынтәаланы русуразы абри асхемала: сааҭк ҽынла, ҩ-сааҭк – уахынла идырцәалоит.

Аԥсны аенергосистема иахьатәила ишыҟоу аус аураны иҟаӡам, даара идуу аинвестициақәа аҭахуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров.

"Аԥсны фымцамч ала аиқәыршәараз ахсаала азырхиоуп. Уи аԥсуа гани аурыс гани еицахәаԥшхьеит. Азҵаара Аԥсны ахада иҩаӡараҟынӡа иалацәажәоуп, иалацәажәоуп атәыла аиҳабыра рҿгьы.

Аенергосистема аиҿкаареи аиҭеиҿкаареи аус ду шырҭаху зегьы ирбарҭоуп", - иҳәеит иара.

Ашьаусқәа

Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә еизара Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иахьацнаҵаз азы ахьчаратә ган Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инанашьҭыз ашшыԥхьыӡ иақәшаҳаҭымхеит. 

Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа дшыбаандаҩыц даанхоит

Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.

Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит лаҵара 9 рҟынӡа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Абри аӡбра аԥнахит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа.

Аус далахәны дшьоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа уаанӡатәи аусзуҩ Аслан Цкәуа. Иаргьы аҩнытә баандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.

"Саянский марш"

"Саянский марш" актәи аицлабра мҩаԥысуан мшаԥы 14 - 17 рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны. АрМИ-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны 15 тәыла 34 еицлабра мҩаԥыргон. Аицлабра иалахәын Урыстәыла акомандақәа фба, Аԥсны, Китаи, Аахыҵ Уаԥстәыла, Таџьикистан, Киргизиа, Узбекистан.

Аԥсуа аррамаҵзурауаа злахәыз аицлабра "Саянский марш" рылҵшәақәа еилкаахеит

Аицлабрақәа ҩ-етапкны имҩаԥган, аруаа еиуеиԥшым аԥынгылақәа ирхысыр акәын. Аԥынгылақәа змоу азеиԥш маршрут 50 километра ыҟан. Аицлабра актәи амш азы 25 километра иахысит, ашьхаҿҟьара ашәҩақәа рыла илбааит, аԥшыхәра амҩаԥыргеит, ашахақәа рыла аҿҟьарақәа илбааит. Уахынла абнараҿы ақьала ргыланы иԥхьеит.

Аԥсуа ар рподполковник Алиас Уанаҿы иҳәеит  русдҵақәа рынагӡара акыр ишырцәыуадаҩхаз асеиларҳәи уахык иалагӡаны илеиз, 70 сантиметра иҟаз аси ирыхҟьаны. Уанаҿа иазгәеиҭеит акоманда аиааира шазымгаз аха ааԥхьара шрырҭаз Ҟабарда-Балкариа имҩаԥысуа ашьханыҟәаҩцәа реизарахь.

Аспорттә еихьӡарақәа

Аԥсуа боксиор Саир Качараа 15-16 шықәса зхыҵуа рыбжьара абокс ала Урыстәыла Аԥхьахә азы аиндаҭлараҟны аиааира игеит, иигаз аиааира иалнаршоит Европа Аԥхьахә аҿы иқәгылара. 15-16 шықәса зхыҵуа рыбжьара абокс ала Урыстәыла Аԥхьахә азы аиндаҭлара мҩаԥысуан мшыԥы 11 -17 рзы, Анапа.

Аԥсуа боксиор Саир Качараа Европа Аԥхьахә агаразы алшара иоуит

Игор Адлеиба мшаԥы 17 азы Екатеринбург имҩаԥысуа "Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз" аҟны аилахәыра "RCC Boxing Promotions" ахьӡала аринг аҿы дицықәгылеит Украинатәи аспортсмен Александр Абрамиан. Дара еиҭахеит.

Аԥснытәи  аспортсменка Шорена Гәниаԥҳа актәи аҭыԥ нылкылеит аҵаақәшьқьрааразы Псковтәи аобласт аҟны аиндаҭлараҿы.

Аиндаҭларақәа ирылахәын 100-ҩык аспортсменцәа Велики Новгород, Санкт-Петербург, Петрозаводск, Шәача, Псков рҟынтәи. Быжьшықәса зхыҵуа Шорена Аолимпиатә Академиа "Олимпийский лед" (Шәача) ахьӡала дықәгылон.

Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Ӷәазаа европатәи ачемпионат "Lamborghini Super Trofeo-2021" аҿы акласс Pro-AM аҟны  италиатәи акоманда "Target Racing" апилотк иҳасаб ала аиааира игеит.

Аԥсуа ԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳаи венгриатәи аԥқьаҭасыҩ Панна Удвардии аргентинатәи Кордобе имҩаԥысуаз атурнир ITF W25 аҿы аиааира еиҭаргеит. Афиналтә хәмарраан аспортсменкацәа Барбара Гатикеи – Чили, Ребека Переируи – Бразилиа ириааит 6:3, 6:3 ҳәа.

Амина Аншԥҳаи илыцықәгыло Панна Удвардии уаанӡагьы аԥқьаҭасразы атурнирқәа рсериа ITF W25 аҟны аиааира ргахьан.

Елҟан Ӷәазаа Казань аицлабрақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит

Аԥснытәи аспортсмен Елҟан Ӷәазаа Ареспублика Ҭаҭарсҭан имҩаԥысуаз атлетика хьанҭазы аиндаҭлараҿы аҩбатәи аҭыԥ игеит. Аицлабрақәа мҩаԥысуан мшаԥы 11 рзы. Ирылахәын шәҩык рҟынӡа Ҭаҭарсҭан иреиӷьӡақәаз аспортсменцәа.

Елҟан Ӷәазаа 67 кьыла рҟынӡа зыкапан наӡо дрыцықәгылон. Иеихшьалатә рбага – зныҭрысла ашьҭыхраҿы 120 кг, дагәҭасны ашьҭыхраҿы - 135 кг.

Калдахәаратәи ашкол-интернат ааӡамҭа Елҟан Ӷәазаа Аолимпиатә резерв иатәу Казантәи аҵараиурҭаҿы аҵара иҵоит, Марат Мадиаров инапхгарала иҽазыҟаиҵоит.

Уаанӡа аспортсмен Калдахәаратәи ашкол-интернат атлетика хьанҭа асекциаҿы иҽазыҟаиҵон СССР аспорт азҟаза Иасон Кьахьба инапхгарала.

Аҭарақәа

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаразы иеиҭаз Беслан Бигәаа  Очамчыра араион актив дыдирдырит.

Бжьаниа араион ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит акурорттә аамҭа аламҭалаз амҩаду хада инаркны арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргарц.

"Арҿиара аамҭа ҳааины ҳҭагылоуп. Арыцқьарақәа нап аҳаркып", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Мшаԥы 14 апрзы апартиа "Амцахара" аизара ду аҿы анапхгаҩыс далырхит Аԥсны Афырхаҵа Лиосик Цыгәба.