Бжьаниеи Анқәаби ԥхьаҟатәи русуратә планқәа ирылацәажәеит

© Foto / Пресс-служба Президента РААслан Бжания и Александр Анкваб
Аслан Бжания и Александр Анкваб  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа анихига ашьҭахь мшаԥы 12 рзы инапынҵақәа дырзыхынҳәит.

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи акоронавирустә инфекциа зыхганы знапынҵақәа ирзыхынҳәыз Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби аусутә еилацәажәара мҩаԥыргеит.

Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2021
Анқәаб аковид-чымазара ашьҭахь иахьарнахыс инапынҵақәа дырзыхынҳәит

Ахадеи аԥыза-министри атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи аусуратә планқәеи ирылацәажәеит.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа анихига ашьҭахь ареабилитациатә еиҭашьақәгылара дахысны мшаԥы 12 рзы инапынҵақәа дырзыхынҳәит.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла ФМБА Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр аҟынтәи данылырҩаа ашьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәит, ауааԥсыра рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, аҳақьымцәа ирҳәо иацныҟәаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0