АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Аԥсны аенергосистема иахьатәила ишыҟоу аус аураны иҟаӡам, даара идуу аинвестициақәа аҭахуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров.
"Аԥсны фымцамч ала аиқәыршәараз ахсаала азырхиоуп. Уи аԥсуа гани аурыс гани еицахәаԥшхьеит. Азҵаара Аԥсны ахада иҩаӡараҟынӡа иалацәажәоуп, иалацәажәоуп атәыла аиҳабыра рҿгьы. Аенергосистема аиҿкаареи аиҭеиҿкаареи аус ду шырҭаху зегьы ирбарҭоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Назаров иара убасгьы иазгәеиҭеит афымцалашара ахархәаразы атарифқәа рыла ашәарақәа шмаҷу, уи ари аусхк аҿиара ишаԥырхаго.
"Сгәы иаанагоит аԥарамшәара иахьатәи аҭагылазаашьа анырра анаҭеит ҳәа. Атехникатә ҭагылазаашьагьы уадаҩуп. Иуҳәар ауеит аенергосистема шеилаҳара иҟоуп ҳәа. Даара имаҷымкәа аинвестициатә лагалақәа аҭахны иҟоуп", - ҳәа иҳәоит Назаров.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ еиҭеиҳәеит мшаԥы 15 рзы урыстәылатәи аделегациа аԥснытәи рколлегацәа рыцны Аинвестпрограммала идыргыло астанциа маҷ (Бзыбь-220 - азгә.) ишаҭааз, аха иааидкыланы аенергосистема апроблема асала аӡбара шзалымшо.
Асистема ахьажәу адагьы, аидара хьанҭа иахьаҵоу аусхк иапроблема хаданы иҟоуп. Уи адагьы, "Амшынеиқәафымцамч" аофициалтә дыррақәа рыла, 70 процент ауааԥсыра алашара ахә ршәаӡом.
Аԥсны Урыстәылантә алашара аиура иалагеит ԥхынҷкәын 11 рзы. Убри аан Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ЕгрыГЕС аҟынтәи ажьырныҳәа 20 рҟынӡа алашара роуан. 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәуп.