Урыстәылатәи атурист дыҟазар ахьалшо аҭыԥқәа аамҭа-аамҭала вертолиотла ирхаԥраауеит

Екатеринбургтәи Владимир Улианов дызлахәыз урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиқәырхаҩцәа ашьхараҿы иӡыз атурист иԥшаара иаҟәымҵыцт, дыҟазар ахьалшо аҭыԥқәа аамҭа-аамҭала вертолиотла ирхаԥраауеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы.

"Ԥсҳәы иҟоу амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа шьапыла ирхысуеит атурист дызнысыр алшоит ҳәа агәаанагара ззыҟоу амҩақәа. Адырра рыҭоуп ашәарыцацәа ргәы рҽанызҵаша маҭәарк рымԥыхьашәозар, адырра ҳарҭарц", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Екатеринбургтәи Владимир Улианов дызлахәыз урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк, Владимир Улианов, имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ишыхынҳәуаз.

Атурист иԥшаара иалахәыз аволонтиорцәа авертолиотла ашьхарантә илбааргеит

Агәыԥ аинструктор Анна Гилева лдыррала, асоура ӷәӷәеи акырцхи рыхьӡеит, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, Улианов дахьырзыԥшыз. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц.

АҶА аԥшааҩцәа Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеит. Аиқәырхаратә команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит. Аха иӡыз атурист дырзымԥшааит. Абри ашьҭахьгьы Аԥсны АҶА Владимир Улианов дыҟазар ахьауаз аҭыԥқәа вертолиотла ирхаԥраауан.

Урыстәылатәи аволонтиорцәагьы рҽаладырхәит Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист Владимир Улианов иԥшаара, аха рашәара 9 азы Аԥсны АҶА атурист иԥшаара иалахәыз аволонтиорцәа авертолиотла ашьхарантә илбааргеит арҭ аҭыԥқәа рымч ахьрықәымхаз азы.