Аԥсны АҶА вертолиотла ашьхараҿы иӡыз атурист ишьҭан

© Sputnik / Томас ТхайцукПоездка в село Псху
Поездка в село Псху  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ихынҳәит.

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Гәымсҭа ахы ахьыҵнахуанӡа иҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥрааны игәарҭеит иӡыз атурист Владимир Улианов дыҟазар ауеит ҳәа ирымоу агәаанагара инақәыршәаны. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аиқәырхаҩцәа ирхаԥрааны игәарҭеит аӡиас Бзыԥ аладатәи акаҵәарақәеи ианыхынҳәуаз Кьалашәыр амшын алаларҭаҟынӡеи. Аха уеизгьы лҵшәа ҳәа акгьы рмоуит.

"Иӡыз атурист дызлалбаар илшоз ҳәа агәҩара ззыҟоу амҩа ашьха қыҭа Ԥсҳәы иазааигәоуп. Убри инамаданы уи ақыҭа аиқәырхаҩцәа ротриадгьы ари аус иадԥхьалоуп", - ҳәа азгәанаҭеит апресс-маҵзура.

Адгьыл аҿы аԥшаарақәа анхыркәшаха ашьҭахь, ахьчара-еиқәырхаратә операциа Мрагыларатәи Гәымсҭа ахахьгьы аԥшаарақәа ирыцнаҵеит. Амш анеилгалак, Аԥсны АҶА авертолиот ҩаԥхьа урҭ аҵакырақәа ирхаԥраалоит. Владимир Улианов дшыӡыз азы адырра рырҭахьеит арҭ аҭыԥқәа здыруа ашәарыцацәагьы.

Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад лаҵара 22 рзы ихнаркәшеит лаҵара 12 раахыс иӡны иҟоу урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара. АҶА аԥшааҩцәеи  аинструктор Анна Гилевои Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеиит. Аиқәырхаратә  команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит.

Аиқәырхаратә отриад алахәыла Фат Смыр иажәақәа рыла, ахаҵа дымҩасит ҳәа агәаанагара ахьыҟаз ҭыԥк аҿы амцашьҭа рбеит.

Рицинский нацпарк  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Аԥсны ашьхараҿы иӡыз урыстәылатәи атурист дырзымԥшааӡеит

"Иара ишьҭраҵәҟьоуп ҳәа ҳазҳәом. Аха уажәааны ашәарыцацәа уахь ихалаӡом. Аиҩхаахь дҭалазар, уахь иԥшаара уадаҩуп. Асы ԥсасиуеит, ишьҭақәа ықәнагоит", - иҳәеит иара.

Аԥсны АҶА аинформациала, урыстәылатәи аҟазауаа аԥшаарақәа ирылахәхоит ҳәа аофициалтә информациа рымам.

"Аԥшаарақәа аволонтиорцәа ралахәра ҳақәшаҳаҭым. Амаршрут акыр иуадаҩуп, апрофессионалцәа алархәтәуп. Иарбаз амаршрут зегьы ҳахысит, уажәгьы аҵакыра ҳахаԥраауеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Лаҵара 25 азы Аҟәатәи араионтә прокуратурахь Улианов иӡразы аматериал нашьҭын.

Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтәи.

Зима  в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Аԥсны ашьхараҿ иӡыз атурист иҩызцәа иԥшаара иацырҵоит

АҶА излаҳәо ала, агәыԥ аинструктор Анна Гилева адырра рылҭеит асоура ӷәӷәеи акырцхи шрыхьӡаз, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, уа дырзыԥшын Улиановгьы. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц.
Иӡыз ауаҩы иԥшааразы Аԥсны АҶА авертолиот халарҵар рҭахын, аха уи залмыршахеит аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Убри азы иӡбан шьапыла аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь идәықәҵазарц. Атуристтә гәыԥ иалахәын Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәақәа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0