Атурист иԥшаара иалахәыз аволонтиорцәа авертолиотла ашьхарантә илбааргеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Рицинский нацпарк
Рицинский нацпарк  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аволонтиорцәа рҽаладырхәит Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист Владимир Улианов иԥшаара.

АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны АҶА атурист иԥшаара иалахәыз аволонтиорцәа авертолиотла ашьхарантә илбааргеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

"Аӡиасқәа Хымсеи Қәыбышьи реилаларҭаҿы иҟан. Агәыԥ аҟынтәи ҩыџьеи аиқәырхаҩцәа ҩыџьеи рхала илбаауеит. Егьырҭ ԥшьҩык ирҳәеит ацхыраара шырҭаху. Иахьа ашьыжь урҭ верталиотла илбааган", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит арҭ аҭыԥқәа акыр ишыуадаҩу. Зегьы ишрылымшо уа аныҟәара. Уи адагьы шьыжьнаҵы асоура иалагеит.

"Рымчқәа еизымхеит. Ҳара ргәы рҽанаҳҵеит, аха аԥшаара ҳалашәырхәуам ҳәа рҳәеит. Уажәы ҳҟазауаа ражәақәа шиашаз агәра ргеит. Ҳаргьы агәра аагеит аволонтиорцәа ари аҩыза амаршрут ралархәра шиашам", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Екатеринбургтәи Владимир Улианов дызлахәыз урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк, Владимир Улианов, имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ишыхынҳәуаз.

Агәыԥ аинструктор Анна Гилева лдыррала, асоура ӷәӷәеи акырцхи рыхьӡеит, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, Улианов дахьырзыԥшыз. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц.

АҶА аԥшааҩцәа Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеит. Аиқәырхаратә команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит. Аха иӡыз атурист дырзымԥшааит. Абри ашьҭахьгьы Аԥсны АҶА Владимир Улианов дыҟазар ахьауаз аҭыԥқәа верталиотла ирхаԥраауан, иара убасгьы Ԥсҳәытәи амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иӡыз атурист иԥшаара рҽаладырхәит, аха макьаназ зегь лҵшәадоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0