Зынмаҭәа бзиала еиқәыршәоу урыстәылатәи аволонтиорцәа атурист иԥшаара иалагеит

© Foto / МЧС РАНовая группа российских волонтеров присоединилась к поискам Владимира Ульянова
Новая группа российских волонтеров присоединилась к поискам Владимира Ульянова  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Анапаҵаҩра
Ҩымш раԥхьа урыстәылатәи аволонтиорцәеи аԥснытәи аиқәырхаҩцәеи ргәыԥ ихнаркәшеит аԥшааратә операциа. Аоперациа лҵшәадан.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Быжьҩыуаак урыстәылатәи аволонтиорцәа ргәыԥ ҿыц атурист Владимир Улианов иԥшаара рхы аладырхәит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааз аволонтиорцәа Аԥсны АҶА ахь аҳәара ҟарҵеит иӡыз ауаҩы иԥшаара рҽалархәраз азин рырҭарц. Амаршрут ауреи ауадаҩреи ирыхәаԥшны иалкаан еиҳа азыҟаҵара бзиа змаз быжьҩык ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Зима  в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Аволонтиорцәа злахәыз урыстәылатәи атурист иԥшаара лҵшәадахеит

Аволонтиорцәа рсиа ҟаҵаны ҩ-гәыԥкны иршеит. Агәыԥқәа ирылагалан ҩыџьа-ҩыџьа аԥснытәи аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа.

Рашәара 3 ашьыжь агәыԥқәа руак Гәымсҭа иаваршәны аҩадаҟа идәықәлеит, егьи – Кьалашәыр иаваршәны ашьхарахь амҩа иқәлеит.

Ари аволонтиорцәа ргәыԥ ишахәҭоу еиԥш еиҿкаауп: аспутниктә телефонқәа, анавигаторқәа, аҩныҵҟатә рациақәа уҳәа азынмаҭәа бзиала еиқәыршәоуп.

Улианов дахьыӡыз аҭыԥқәа даҽазныкгьы ирхысраны иҟоуп. Агәыԥқәа рыхынҳәра азԥхьагәаҭоуп рашәара 10 рзы.

Уи аԥхьа, жәҩык ауаа злахәыз агәыԥ ҩбаны аҽшаны лаҵара 30 рзы атурист иԥшаара амҩа иқәлеит. Актәи агәыԥ рыԥшаарақәа хдыркәшеит лаҵара 31 азы, аҩбатәи – рашәара 1 азы. Агәыԥқәа шьҭахьҟа игьежьит, аԥшаарақәа лҵшәадан.

Екатеринбургтәи Владимир Улианов дызлахәыз урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк, Владимир Улианов, имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ишыхынҳәуаз.

Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥхынтәи аусура иазкны

Агәыԥ аинструктор Анна Гилева лдыррала, асоура ӷәӷәеи акырцхи рыхьӡеит, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, Улианов дахьырзыԥшыз. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц.

Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад лаҵара 22 рзы ихнаркәшеит лаҵара 12 раахыс иӡны иҟоу урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара.

АҶА аԥшааҩцәеи аинструктор Анна Гилевои Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеит. Аиқәырхаратә команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит. Аха иӡыз атурист дырзымԥшааит. Абри ашьҭахь лаҵара 28 азы Аԥсны АҶА урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшо аҵакыраҿы аԥшаарақәа ирыцнаҵеит, дыҟазар ахьауаз аҭыԥқәа верталиотла ирхаԥраауан, иара убасгьы Ԥсҳәытәи амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иӡыз атурист иԥшаара рҽаладырхәит, аха макьаназ зегь лҵшәадоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0