Витали Габниа имашьына зблыз ҳәа агәҩара ззыҟоу ирбаандаҩра аамҭа иацҵоуп

Аԥсны уаанӡатәи ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа имашьына амца ацрарҵеит рашәара 22 ауха Аҟәа агәаҿы. Ацәгьа зуз даанкылоуп, ашьаус хацыркуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа заанаҵтәи аҭҵаара мҩаԥызго аусбарҭа азыҳәа иақәшаҳаҭны Дмитри Аргәын ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Аӡбарҭа ақәҵарала 2021 шықәса нанҳәа 22 азынӡа ибаандаҩра аҿҳәара инахеит.

Витали Габниа имашьына анырблы ашьҭахь имазара иаиуз ааха ахәԥса шьақәыргылоуп

Аргәын ахара идырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла анаҩстәи ахәҭаҷқәа рыла: "ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара", "закәаншьаҭада абџьар, абџьархәҭа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа, арԥжәагақәа раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рныҟәгара".

Аӡбарҭа ақәҵара Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ иахашшаара алшоит иара анрыдыркыла ашьҭахь хымш рыҩнуҵҟа.

Аԥсны уаанӡатәи ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа имашьына амца ацрарҵеит рашәара 22 ауха Аҟәа агәаҿы. Ацәгьа зуз даанкылоуп, ашьаус хацыркуп.