Аԥсны АҶА аҿы еиҭарҳәеит иблыз автомашьына аӡбахә

© Sputnik Пожарный отряд
Пожарный отряд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы ирыларҵәан, аҟәатәи ашҭақәа руак аҿы идырым аӡәы автомашьына амца шацреиҵо ахьыубо авидео. Ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыла амашьына, уаанӡатәи Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа итәуп.

АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Автомашьына амца акит рашәара 22 ауыха ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит рашәара 22 азы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыда аминистрраҿы.

Амашьына гылан Аҟәа агәаҿы, Аиааира, 43.

"Асааҭ 03:47 азы амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь инеиит автомашьына Toyota Land Cruiser амца акит ҳәа адырра шроузҵәҟьа. Минуҭқәак рыла амца ырцәан. Амцакра ҟалеит автомашьына амотортә хәҭаҿы", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы ирыларҵәан, аҟәатәи ашҭақәа руак аҿы идырым аӡәы автомашьына амца шацреиҵо ахьыубо авидео. Ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыла амашьына, уаанӡатәи Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа итәуп.

Аԥсны ААР адыррала аоперативтә усзуҩцәа ахҭыс аматериалқәа реизгара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0