Аԥсны АА рминистр иҳәеит Аҟәа амашьына амца ацразҵаз дазусҭоу

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодсудимый
Подсудимый - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ААР ашьаусҭҵааратә ҟәша аусҭҵаара хацнаркит атәым мазара гәҭакрыла аԥхасҭа аҭаразы.

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны уаанӡатәи Ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа имашьына амца ацраҵара ацәгьоура аарԥшуп, абри атәы иҳәеит АРСМИРА имҩаԥысуаз абрифинг аҿы Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар.

"Уажәазы амашьына амца ацразҵаз Дмитри Аргәын даанкыланы иҿахәы иҿырхуеит. Уахыки-ҽнаки иалагӡаны аоперативтә ҟәша аусзуҩцәа ацәгьоура аадырԥшит", - иҳәеит аминистр.

Автомашьына Toyota Land Cruiser 200 амца акит рашәара 22 ауыха Аҟәа агәаҿы, Аиааира, 43.

Абри азы асааҭ 03:47 азы адырра зауыз амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь инеиит. Автомашьына Toyota Land Cruiser ырцәан. Амцакра ҟалеит автомашьына амотортә хәҭаҿы.

Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Аҟәа амашьына амцакра инадҳәаланы ашьаусҭҵаара хацыркуп

Ашьаусҭҵаара-оперативтә гәыԥ аҭыԥ аҿы иахьнеиз ишьақәдыргылеит асааҭ 03:40 азы зхаҭара шьақәырӷәӷәам ауаҩы амашьына амца шацреиҵаз.

Амашьына уаанӡатәи Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа итәуп.

Аҟәа ақалақь апрокуратура Аԥсны атәылауаҩ Дмитри Аргәын иганахьала ашьауӷатә ус хацнаркхьан лаҵарамзазы. Урыстәылауаҩ иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит ҳәа иԥхьаӡаны.

Агәаҭаратә материалқәа рыла амчратә усбарҭа аусзуҩцәа ишьақәдырӷәӷәеит, мшаԥы 26 рзы асасааирҭа "Гора Баграта" аҟны урыстәылауаҩи Аԥсны атәылауаҩ Дмитри Аргәыни рыбжьара аимак-аиҿак аҭыԥ шамаз.

Аргәын Урыстәыла атәылауаҩ иганахьала абџьар ахы ирхеит, акырӡа диқәмақарит, анаҩсан ажәҩанахь дхысит. Иазгәаҭоуп, абџьар закәаншьаҭада ишаахәоу, аныҟәгарагьы азин шимам. Урыстәылауаҩ аимак-аиҿак ашьҭахь асасааирҭа аанижьит.

Аргәын ахара идырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа рыла: "ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара", "закәаншьаҭада абџьар, абџьархәҭа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа, арԥжәагақәа раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рныҟәгара".

Ажәабжьқәа зегьы
0