Витали Габниа имашьына анырблы ашьҭахь имазара иаиуз ааха ахәԥса шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны уаанӡатәи Ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа имашьына амца ацрарҵеит рашәара 22 ауха Аҟәа агәаҿы. Ацәгьа зуз даанкылоуп, ашьаус хацыркуп.

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Витали Габниа имашьына анырблы ашьҭахь имазара х-миллион мааҭк рыхә ааха аиуит ҳәа ирыԥхьаӡеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Автомашьына Toyota Land Cruiser 200 амца акит рашәара 22 ауха Аҟәа агәаҿы, Аиааира, 43 аҭыӡҭыԥ аҿы. Абри азы асааҭ 03:47 азы адырра зауз амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь инеит. Автомашьына Toyota Land Cruiser ырцәан. Амцакра ҟалеит автомашьына амотортә хәҭаҿы.

Ашьаусҭҵаара-оперативтә гәыԥ аҭыԥ аҿы иахьнеиз ишьақәдыргылеит асааҭ 03:40 азы зхаҭара шьақәырӷәӷәам ауаҩы амашьына амца шацреиҵаз.

Амашьына уаанӡатәи атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа итәуп.

Рашәара 23 рзы Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҟәа амашьына амца ацразҵаз даанкылоуп, уи Дмитри Аргәын иоуп ҳәа.

Аҟәа ақалақь апрокуратура Аԥсны атәылауаҩ Дмитри Аргәын иганахьала ашьаус хацнаркхьан лаҵарамзазы, урыстәылауаҩ иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит ҳәа иԥхьаӡаны.

Агәаҭаратә материалқәа рыла амчратә усбарҭа аусзуҩцәа ишьақәдырӷәӷәеит, мшаԥы 26 рзы асасааирҭа "Гора Баграта" аҟны урыстәылауаҩи Аԥсны атәылауаҩ Дмитри Аргәыни рыбжьара аимак-аиҿак аҭыԥ шамаз.

Аргәын Урыстәыла атәылауаҩ иганахьала абџьар ахы ирхеит, акырӡа диқәмақарит, анаҩсан ажәҩанахь дхысит. Иазгәаҭоуп, абџьар закәаншьаҭада ишаахәоу, аныҟәгарагьы азин шимам. Урыстәылауаҩ аимак-аиҿак ашьҭахь асасааирҭа аанижьит.

Аргәын ахара идырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла анаҩстәи ахәҭаҷқәа рыла: "ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара", "закәаншьаҭада абџьар, абџьархәҭа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа, арԥжәагақәа раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рныҟәгара".

Ажәабжьқәа зегьы
0