Аԥсны аполитикатә статус ахцәажәаразы гәаанагарақәак

Аԥсны иахьа иамоу аполитикатә статус еиҭахәаԥштәуп ҳәа урыстәылатәи политикцәак иҟарҵо аҳәамҭақәеи уи акәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәеи шҵаҵӷәыдоу дазааҭгылоит Sputnik аколумнист, аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Аҵыхәтәантәи аамҭазы урыстәылатәи политикцәак еицлабны иаԥшьыргеит Аҧсны аҳәынҭқарратә статус ахцәажәара, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Донбасси, Приднестровиеи инрыдҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа адҵара апроцесс аԥшьгатәуп, убри азҵаарала ареферендум  мҩаԥгазаргьы ҟалон ҳәа. Игәацԥыҳәаны абри аидеа анагӡара дашьҭоуп ашәҟәыҩҩы, аполитикатә партиа "За правду"  ахантәаҩы Захар Прилепин, ԥыҭҩык еицхәыцыҩцәак наидкыланы.
Азхаҵара ашьҭахьтәи аусқәа: иаҭахузеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҿиаразы
Иҟоуп имаҷымкәа аполитологцәа, аекспертцәа ас еиԥш иҟоу ақәгыларақәа иадгыло. Абар урҭ раргументқәагьы: арҭ ареспубликақәа  ирымаӡам алшара ихьыԥшым ҳәынҭқаррақәаны рышьақәгыларазы, убри аҟнытә рполитикатә ҿиара хырхарҭас иаҭатәуп Урыстәыла адлара. Абраҟа азҵаара цәырҵуеит: нас, хара имгакәа, иаҳзыԥшума Аԥсны аҳәынҭқарратә статус аиҭахәаԥшра, иабанӡақәнагоу иахьа ҳтәыла асуверенитет алацәажәара? Еиҳаракгьы, ирымоума Урыстәыла аполитикатә еиҳабыра Аԥсны аганахьала аҵыхәтәаны ирымаз  разыҟазаашьа аԥсахразы гәҭакқәак? Абарҭ азҵаарақәа рзын, имроуцәакәа, згәаҭарақәак.
Иахәҭоуп иаразнак иҳәазарц - иааиуа ажәашықәсқәа Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә Аԥсны иаиуыз азхаҵара ԥсахра шаимуа,  иамоу аполитикатә статусгьы аиҭахәаԥшра ишаламго. Нанҳәа 2008 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәынҭқарратә суверенитет азхаҵарала Урыстәыла адунеижәларбжьаратә еилазаара иддырбеит дара амчхара дуӡӡа змоу ҳәынҭқаррақәаны ишышьақәгылаз, "ишбананатә" республикам, иаҭаххозар адунеи раионқәак рҿы хатәгәаԥхарала агеополитикатә ҭагылазаашьа аԥсахра шрылшо.
Иазгәаҭатәуп абарҭ аҩ-республикак разхаҵара  ҷыда хҭысны ишыҟалаз Урыстәыла абзоурала - раԥхьаӡа акәны апостсоветтә ҵакырадгьылаҿы ҩ-автономтә еиҿкаарақәа ихьыԥшым ҳәынҭқаррақәаны иазхаҵан, ахәдықәҵарагьы рырҭеит ршәарҭадара шдырманшәало, рсоциал-економикатәи, ркультуратәи еизҳазыӷьараҿы ацхыраара шрырҭало.
Урыстәыла адәныҟатәи аполитика аконцепциаҿгьы инаҵшьны иарбоуп  Аԥсни Аахыҵ  Уаԥстәылеи ҳаамҭа иақәшәо, ихьыԥшым ҳәынҭқаррақәаны ишьақәгылароуп ҳәа. Хаҭала Урыстәыла ахада Владимир Путин акырынтә иазгәеиҭахьеит  аҩ-ҵакырадгьылк рганахьала урыстәылатәи аиҳабыра мпыҵахаралатә политикак амҩаԥгара ргәы ишҭам, лассы-лассы Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла адларазы иҟарҵо аҳәарагьы  мап ацәыркуеит.
Затулин Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы: Урыстәыла иҟанаҵаз азхаҵара мап ацәнакӡом
Иахьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәынҭқарратә статус аиҭахәаԥшра  иаԥсам ҳәа Урыстәыла аиҳабыра иазырҧхьаӡоит даҽа мзызқәак ирыхҟьаны, иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи аамҭазы кавказтәи аҿацә аҭышәантәаларахь аиасра. Урыстәыла ахада  Владимир Путин итәыла анапхгараҿы имаҷымкәа аихьӡарақәа ааирԥшхьеит, аха лымкаала иазгәаҭатәуп Кавказ мҽхакы ҭбаала аҭыԥ змаз аибарххара аԥырҟәҟәааразы имҩаԥиго аполитика, Кавказ аиқәкразы, арҭынчразы хаҭала илшарақәа. Убри аҟнытә ишьақәгылаз, ихьыԥшым аҳәынҭқарра ҳәа ахьӡ зауз Аԥсны аполитикатә статус аԥсахра, аларҟәра аҽазкра - ари  урыстәылатәи аиҳабыра аҟнытә политикатә авантиурахоит, аҵыхәтәантәи кавказтәи рықәҿиарақәа зегь хзырбгало хҭысхоит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә зхаҵара аиҭахәаԥшра ишаԥшьарымго агәра ҳдыргоит иара "адунеижәларбжьаратәи азхаҵара" аинститут иамоу аҭоурыхтә практика. Ҳаамҭазтәи аполитикатә ҭоурыхаҿ даараӡа имаҷуп убасеиԥш ахҭысқәа амчхара дуӡӡа змоу ҳәынҭқаррак тәылак азхаҵаны рсуверенитет мап анацәыркхьоу. Иаҳҳәап, Еиду Америкатәи Аштатқәа 1979 шықәсазы Таиван ихьыԥшым ҳәынҭқарҵас мап ацәкны официалла иазхарҵеит Китаитәи Жәлартә Республика. Аха ас еиԥш аҿырԥштәқәа адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьаҿы даара имаҷуп, избанзар адунеитә политикаҿы убас иԥхьаӡоуп: аҳәынҭқарра  азхаҵара архынҳәра атәыла дуқәа рыхьӡ ланарҟәуеит ҳәа, насгьы, иҽеим хҭысны (прецедентны) иҟалаз ҳәа иахцәажәоит.
Аҟәа Мраҭашәара Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара архынҳәразы рааԥхьара аҭак ҟанаҵеит
Аԥсны астатус аиҭахәаԥшра шыҟамло азы иӷәӷәоу даҽа аргументк иадҳәалатәуп аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла имҩаԥырго апостсоветтә политика, уи ԥыжәарас иамоуп ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьа аԥсахра аганахьала аҽаанкылара, ҳаамҭазы мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа Урыстәыла "иагәыдырҵаз" асанкциақәа рырмаҷра аҽазышәара. Иҳазхаҵом ааигәа Урыстәыла аиҳабыра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыхьӡала "ҟрымтәи" авариант  амҩаԥгара аԥшьыргоит ҳәа, избанзар, иахьатәи рыдәныҟатәи аусхәаԥшраҟны иқәгылоуп еиҳа иӡбатәу, иҵару азҵаарақәа.
Нас, еилкаашьас иамоузеи иахьа Аԥсны астатус ахцәажәара? Избан уи иҳаракыу азҿлымҳара зарҭо урыстәылатәи политикцәак?  Ҳәарада, урҭ еилыркаауеит иаалырҟьаны аладатәи Кавказ агеополитика аҽшамԥсахуа, уи аганахьала  Урыстәыла ааигәа  "жәыларак" шыҟарамҵо.
Иҟалаз убри ауп, хара имгакәа (цәыббра 19 рзы), урыстәылатәи аполитикцәа ирзыԥшуп изаамҭанутәи апарламенттә алхрақәа, ари ахҭыс ӷьеҩла, қәҿиарала аҽалархәразы урыстәылатәи аполитикатә ԥсҭазаараҿы ианакәзаалак амчхаратә, апатриоттә риторика иӷәӷәаӡоу факторны иԥхьаӡоуп. Иаҳхамшҭралоуп, Урыстәыла зегь иреиҳау ҳәынҭқарраны ишыҟоу, ара еснагь ихьаауп агеополитикатә зҵаарақәа рылацәажәара, уи алхыҩцәагьы азҿлымҳара ӷәӷәа арҭоит, политикцәақәакгьы рхатә амбициақәа аланаргӡоит. Убри аҟнытә, зны-зынла Урыстәылантә ҳаԥхьаҟагьы иҳаҳалоит ҳҳәынҭқарра аҿиара алацәажәара, зны-зынлагьы ақәмақарра.
Хымԥада, абасеиԥш иҟоу аполитикатә ҳәамҭақәа ирыҭатәуп аҭак, аха, ишәгәаласыршәоит Урыстәылатәи адәныҟатәи аполитика ҳәаақәызҵо Урыстәыла ахада шиакәу, насгьы иара иҟнытә машәырынгьы аԥсуаа ишаҳмаҳац Аԥсны иахьатәи аҳәынҭқарратә ҭагылазаашьа ԥсахтәуп ҳәа.
Автори аредакциеи рпозициақәа еиқәымшәозар ҟалоит.