Азхаҵара ашьҭахьтәи аусқәа: иаҭахузеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҿиаразы

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛикование в Сухуме
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы. Есышықәса ҳтәылаҿы ари аҽны Ахьыԥшымра азхаҵара амш ҳәа иазгәарҭоит.
АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Ахьыԥшымра азхаҵара Амш иазку авидеоцҳа "Цхинвал-Аҟәа" мҩаԥысит нанҳәа 25 азы Sputnik апресс-центр аҿы.
Авидеоцҳа алахәылацәа иргәаладыршәон 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа, ирылацәажәон аҳәынҭқаррақәа рыҿиаразы иҟоу алшамҭақәа, адунеитә еилазаара  разхаҵара аҵакы.

Азхаҵарамш агәаларшәара

Аорден "Уацамонга" занашьоу, аибашьра алахәыла Ҭамаз Бестаев иажәақәа рыла, атермин "хәымштәи аибашьра" иашам, избанзар аиҿагылара 1989 шықәса раахыс имҩаԥысуан.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2021
Бжьаниа: Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз аибашьра Аԥсны ашәарҭара иҭанаргылар алшон
"Ари иаалырҟьан иҟалаз хҭысуп ҳәа аҳәара иашам. Ишыҟалоз удырыртә иҟан. Аибашьра актәи амш инаркны шьакаҭәаран иҟаз. Аӡәгьы  аиааира ҳнапы иаимыркӡеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа раԥхьатәи аминистр Мурат Џьиоев иҳәеит 2008 шықәсатәи ахҭысқәа анигәалашәо аамҭак ала агәырӷьареи агәырҩареи шиныруа. Иҳәеит нанҳәа 25 азы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар азхаҵара роуп ҳәа ишыԥшыз, нанҳәа 26 азы Урыстәыла ахада идҵа шрылаҳәаз.
"Ажәабжьқәа рҿы ари анрыларҳәа ақалақь зегьы агәырӷьара иамҽханакит. Минуҭқәак рыла аизара ду еиҿаҳкааит. Ареспублика, ақалақь Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рбираҟқәа рыманы амашьынақәа алагьыжьуан", - ҳәа иҳәеит иара.
Зҽаԥсазтәыз азхаҵара
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара ари ареспубликақәа знысыз амҩа ахәшьара аҭароуп иаанаго ҳәа иҳәеит Џьиоев.
"Ҳара ҳанысит ҳаамҭазтәи аҳәынҭқаррақәа знысуа амҩа нагӡаны. Жәларбжьаратәи азинқәа инарықәыршәаны. Урыстәыла ҳазхаҵара азин аман", - иҳәеит иара.
Аԥсны ахада иабжьгаҩ Максим Ӷәынџьиа иажәақәа рыла, Ԥырҭтәыла 2008 шықәсазы ишаҭахыз аусқәа ҟалар, иахьа адунеи аҿы аӡәгьы аԥсуааи ауаԥсқәеи рзинқәа изыхьчо иҟаломызт.
"Урыстәыла иалнаршеит ауадаҩра дуқәа ирхысны ҳазхаҵара. Ҳажәларқәа уи азы еснагь ҭабуп ҳәа рҳәоит. Уажәазы ихадараны иҟоу абри амш изахьымӡаз ҳауаа ишырҭахыз аиԥш ҳтәылақәа рыҿиара алыршароуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ахатә усқәа нап рылакра

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алан Џьуссоев иазиԥхьаӡоит европатәи атәылақәа ахьыԥшымра  азхаҵара ырхынҳәтәуп ҳәа ирҳәо иазхьаԥштәым ҳәа.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Аҟәа Мраҭашәара Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара архынҳәразы рааԥхьара аҭак ҟанаҵеит
"Уи ухахьы иааугаша акакәым. Ҳара ҳусқәа ҟаҳҵалароуп аӡәы ииҳәо ҳазымхәыцкәа. Заҟа аус аауа, заҟа аекономика ҳарҿио, ҳаӷәӷәахо аҟара асеиԥш ацәажәарақәагьы еиҵахоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Максим Ӷәынџьиа иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара амҩаҿы рыжәҩа еибырҭар шакәу, иахьазы ишыҟоу аҳәынҭқаррақәа уи аус мҩаԥызгар зылшо.
Алан Џьуссоев игәаанагарала, ахьыԥшымра апроцесс ада ԥсыхәа ыҟам ҳәа ихәыцлатәым, ганрацәала ԥхьаҟа узгаша еиуеиԥшым аусхкқәа мҩаԥгалатәуп.
Урыстәыла ахада  Дмитри Медведев нанҳәа 26, 2008 шықәсазы аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рҭахра инақәыршәаны, ООН Аԥҟаԥҵәеи, 1970 шықәсазы жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы анапы зҵаҩыз адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хьельсинкатәи  ахыркәшаратә акти, егьырҭ жәларбжьаратәи адокументқәеи шьаҭас иҟаҵаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ишазханаҵо азы  Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара анапы аҵаҩын аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҵакыраҿы урыстәылатәи арратә база аҟазааразы аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчаразы аиқәшаҳаҭра иара убасгьы жәпакы аҳәынҭқаррабжьаратәии аиҳабырабжьаратәии адокументқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0