Аԥсуа ичеиџьыка агәҭылса: абысҭа иазку афактқәа жәаба

Аԥсуа ичысеишәа еихишоит ҩбаны - агәыхәи ацыфеи ҳәа. Агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазку афактқәа жәаба шәыдаагалоит Sputnik анҵамҭаҿы.
Sputnik
Аԥсуа чыс аԥсуа милаҭ рықәра ақәроуп. Аԥсны ихаау, ибарақьаҭу ачыс хкы рацәоуп. Аԥсуа чысеишәаҟны рхы иадырхәоит аалыҵ бзиа, ачысқәа реиҳарак амцаԥшь рылҟьоит. Урҭ традициала амцаҟноуп иахьдырхио.
Sputnik
Аԥсны зегь реиҳа ирылаҵәаны иҟоуп абысҭа. Абысҭа чароума, иара ус аума, еснагь аԥсуа иеишәаҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Аџьықәреи шыла иалху абысҭа аџьыкхыш амҭакәа, амца иахакнаҳау ачуан иҭаруеит.
Абхазская деревня
Ишәыдаагалоит абысҭа иазку еицырдыруа афактқәа рыдагьы, шәзызҿлымҳахаша егьырҭ адыррақәагьы.
Мамрыс, журан-худур, ахьар-худур, мамалыга – абарҭ еиуеиԥшым абызшәақәа рҟынтәи ажәақәа зегьы ҵакыс ирымоу "абысҭоуп". Ари ачыс арумын, амолдавиа, адыга, аԥсуа культурақәа рҟны аҭыԥ ду ааннакылоит.
Аԥсны абысҭа аџьыкхыш амҭакәа ируеит. Аиҳарак ашыла шкәакәа иалырхуеит (иҟоуп ашыла ҩежь ала ианыруагьы). Аишәаҟны реиҳа ихадоу гәыхәуп.
Асаан ианырҵо абысҭа ԥханаҵы ашәеилаҵа аларҵоит мамзаргьы аџьыкҵәаҵәеи ашьыхәи рыла ирҟәыҷу ашәаӡа аларҵоит. Абысҭа амҳабысҭа иадымҷаблаларц азы иара аамҭа-аамҭала аӡы иҭыршьуеит, идырбааӡоит. Ачуан иҭадырхом, ируз абысҭа зегьы иаразнакала ианырҵоит. Ирымфакәа иаанхаз – ашәи иареи адырган ианҵаны ирџьуеит.
Итрадициатәу аԥсуа чысхкқәа: акәацлых, ахәша, ахыжәла, абааӡатәы
Ажәытәан, ачысмаҭәа аныҟамыз – абысҭа иара иазкыз аишәа иқәырҵон. Иахьагьы зны-зынла (Ацуныҳәа анымҩаԥырго) ари атрадициа иқәныҟәоит
Абысҭа ибзианы ианаалоит ашәеилаҵа, ашәхарҩа мамзаргьы ашәаӡа. Уи адагьы аԥсуа бысҭа иацырфоит асыӡбал зҵоу ижәу ма иӡу акәац. Иара убасгьы ахарҵәысыӡбали арашыхсыӡбали даара ибзианы абысҭа иаццоит. Аԥсуаа рыфатә агәыхәи ацыфеи ҳәа еихшоуп. Агәыхә — афатә хада, ацыфа – афатә хада иадукыларц зылшо зегьы.
Аԥсны ируеит ҩ-хкык абысҭа. Очамчыратәи абысҭеи гәдоуҭатәи абысҭеи. Актәи ҩбаҟа сааҭ инарзынаԥшуа аамҭа ақәырӡтәуп, ахрыӷи ашылеи еиларԥсоит аураан. Аҩбатәи – аамҭа рацәа уцәагаӡом. Рхы иадырхәоит иара азы ашылагәӡа амацара, зны-зынлагьы аманка аларԥсоит.
Абысҭа напылоуп ишырфо. Аишәатә приборқәа XVIII ашәышықәсаахыс атәылаҟны ахархәара шрымоугьы, иахьанӡагьы абысҭа напыла ифатәуп ҳәа ишьоуп.
"Счеиџьыка уаӷрамгылан": аишәаҿы ахымҩаԥгашьа аетикет
Ажәытә, аԥсуаа абысҭа аџьықәреишыла иалыхуамызт. Усҟан ируаз ахәыӡбысҭа акәын. Азеижәтәи ашәышықәсазы арҭ акультурақәа рыҩбагь ахархәара еицрыман. Аха аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы аԥыжәара агеит аџьықәреи акультура.
"Аҭацабысҭа" — аҵак ҷыда амоуп. Уи иаанагоит ачарашьҭахь аҭаца лнапала илуаз абысҭа ҳәа. Аԥсны итрадицианы иҟоуп ачара ашьҭахь аҭаца лбысҭа афараҳәа аҭаацәа рыуа-рҭахы, ирзааигәоу рнеира.
Аџьықәреи иалху ашыла, ишдыру еиԥш, ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Иара ирласны иухаҳауа акакәны ишьоуп. Арҳәарах азы ифатәы ласуп ҳәа азырыԥхьаӡоит.
"Аԥылса", "ашԥылса", "аԥылгыды": акәац жьыхәҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи
Аԥсуа бысҭа аушьа
2-3 ҿахра злыҵуа абысҭа ауразы: ашыла гәӡа – 2 ҵәыцак; аӡы – 4-5 ҵәыца.
Ашыла рхәуеит. Абжа ампыр ҟамларцаз иаҵшьуа, иҟәандоу аӡы иҭарԥсоит, иансалак – иаанхаз ашыла ахарԥсоит. Ибзианы еилырхны ахҩа ахадыршәуеит. 10-15 минуҭ рҟынӡа абысҭа аҟалара иазыԥшуеит. Абри ашьҭахь ихәаны асаанқәа ирнырҵоит.
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара
Аилаџь (ашәаӡа злоу абысҭа)
2-3 ҿахра злыҵуа аилаџь ауразы: ашыла гәӡа – 2-3 ҵәыца; ашәаӡа – 500 грамм; аӡы – 4-5 ҵәыца; аџьыкхыш – ишугәаԥхо еиԥш.
Аџьыкхыш аҭаны иууз, иҟалахьоу абысҭа ашәаӡа асақәа ԥҟаны иалоуҵоит. Абысҭеи ашәи еилаланы, еиҵыхәхәа ианыҟалалак амца иақәухуеит. Аилаџь асаанқәа ирынҵаны ишшу ахарҵәы мамзаргьы ацха иадкыланы аишәа иқәдыргылоит.