"Счеиџьыка уаӷрамгылан": аишәаҿы ахымҩаԥгашьа аетикет

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская деревня
Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы аишәаҿы ахымҩаԥгашьа иацу аритуалқәа, атәашьа-агылашьа, ачеиџьыка уҳәа рҵакы атәы дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аишәаҿы атәашьа

Аԥсуаа еснагь ртәашьа-ргылашьа, рцәажәашьа, рыкрыфашьа, рхымҩаԥгашьа иацклаԥшуеит, аиҳаракгьы џьара сасра ианыҟоу. Аишәаҿы ахымҩаԥгашьа иацу аритуалқәа убас ирацәоуп, урҭ зегьы иагьузеиқәыԥхьаӡашам, дара ҵакылагьы акыр игәылҭәаауп.

Аԥсуа чыс - Sputnik Аҧсны
Ари лакәым, лабҿабан: аԥсуа барақьаҭразы гәҭахәыцрақәак

Раԥхьаӡа иргыланы аишәахь инеиаанӡа анапыӡәӡәара аритуал иахысуеит. Наскьа инаԥшуа, аԥсуара иацәтәыму, уадаҩрас иамоузеи анапыӡәӡәара, абрысҟак иадзырхало ҳәа игәы иаанагар ҟалоит, аха ари аҵас иацуп ахатәы ԥшӡара – аҳаҭыреиқәҵара. Анапыӡәӡәарахь инеибаго асаси аԥшәмеи ажәақәа еимырдоит: "Иҟалоума, уара уаԥхьа, уара – уаԥшәымоуп!", "Мап, уара уеиҳабуп!" ҳәа пату еиқәырҵоит. Убас шакәугьы, аԥхьа знапы зыӡәӡәо аԥшәма еиҳабы иоуп, нас асасцәа реиҳабы, анаҩс еиҳабы-еиҵбыла. Дарбанызаалакгьы аду инаиркны ахәыҷы иҟынӡа инапы ӡык ақәымҭәақәа аишәа иахатәом.

Аишәаҿы ахымҩаԥгашьа атәы ануҳәо ихадароу аҭыԥ ааннакылоит атәашьа – досу рҭыԥқәа рзалхны иҟоуп. Иаҳҳәап, аԥшәма иганаҿы иҷкәынцәа тәаӡом, аншьеи аиаҳәшьаԥеи еидтәалаӡом, ҳәарада, абхәеи амаҳәи еидтәаларгьы ԥхашьароуп. Ахаҿы дтәоуп аԥшәма еиҳабы, уи иааҩс арымарахьала асасцәа реиҳабы ддыртәоит, асасцәа агәылак дрыддыртәалозар, уи асас еиҳабы иган аҿы дтәоит (қәрала агәыла иакәзар еиҳабу – аԥшәма иган аҿы аԥхьа итәо агәыла иакәхоит, нас асас). Урҭ рышьҭахь егьырҭ иҟоугьы еиҳабы-еиҵбыла пату еиқәҵаны еибартәоит. Аишәа аҵыхәахь аиҵбацәа тәоит. Акрыфара иалагаанӡагьы аԥхьа ажәақәак еимырдоит, уск рымазар, иззааиз аус иалацәажәоит, нас ауп маҷ-маҷ акрыфара нап анадыркуа. Уигь имыццакӡакәа, аамысҭашәара аарԥшуа.

Шәеидымшылахааит, ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа - Sputnik Аҧсны
"Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа

Аҩны ҭаацәашәала ианеидтәалогьы, иаҳҳәап, ахәыҷы дыццакны, ирласны акрифозар, "алақәа ушьҭоушәа, узырццакуазеи" ҳәа иаҽԥнырҳәоит, мамзаргьы "иҟалазеи, умлашьуама, зызхара ҟамлац иеиԥш" рҳәоит. Абас еиԥш аԥхашьара иақәымшәарц азы џьара ианыҟоугьы, амла иакуазаргьы рхымҩаԥгашьа, рыкрыфашьа иацклаԥшуеит. Амала иџьашьатәуп (мамзаргьы зынӡаск иџьашьатәӡам!) аишәаҿы акрыфара иадыркыло ажәаԥҵәақәа амаҵуратә ҭыԥқәа аанызкыло ауаа русура ("рыкрыфашьа") аазырԥшуа еиҿырԥшраны рхы иахьадырхәо.

Акрыфашьа атәы ҳазааҭгылозар, аԥсуаа ирҳәоит усаан иану зегьы анрыцқьааланы иуфар ԥхашьароуп ҳәа. Уи аамҷыдарахазгьы, ҿаҵак иадамхаргьы усаан аҿы иаанужьроуп ҳәа азгәарҭоит, мамзар аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла "ужәла анухуеит" ҳәа иԥхьаӡоуп. Акранырфо аӡәы иҿаҵа кашәар, ашьыжь акәзар – ишьҭырхуеит, шьыбжьышьҭахь, хәылбыҽхан акәзар – ишьҭухыр ҵасым рҳәоит, аԥсы иҿаҵахәуп ҳәа иршьоит.

Ачеиџьыка

Иалкаатәуп, џьара зҵаарақәак анырыӡбоз, аимак зыбжьаз аҩ-ганк еишәачыск иаддыртәалон, убри аан мап зкуаз ҟалозар: "умҩахыҵ, счеиџьыка уаӷрамгылан" ҳәа ажәақәа иҳәон иаазыԥхьоз аԥшәма. Ауаҩы ичеиџьыка мап ацәкра ԥхашьара дуун, хьымӡӷ дуун, аԥшәма уи ихы иақәиҵон, уи иашьҭанеир ҟалон ашьоура. Насгьы ачеиџьыка агьама абара мап зкыз абзиара иҭахым ауп иаанагоз.

Аԥсуа чеиџьыка - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәылаԥшра

Аԥсуаа рҿы ачеиџьыка убасҟак иҳаракуп, знык иадамхаргьы зчеиџьыка агьама убахьоу ауаҩы ацәгьа изуур иламысым, ипатудароуп, "ичеиџьыка дақәԥалеит", "ичеиџьыка дахысит" рҳәоит, мамзаргьы "ачеиџьыка еицаҳфахьан" ҳәа уи аԥхашьара дыннакылоит.

Ачеиџьыка уақәԥаларгьы ҵасым, иуҟьашьит ҳәа иԥхьаӡоуп. Уимоу, ачеиџьыка амч убасҟак идууп, ашәи зыбжьоу рҿгьы ишәииз учеиџьыка дахьурсыр, агьама иурбар, ишәи мчыдахоит.

Арҭ хыхь еиқәыԥхьаӡоу аҵасқәа зегь бзианы иаарԥшуп аԥсуаа рфольклор аҿы. Дара рызегь ихадароу гәыцәны иргәылсуа "ахьыӡ – ахьымӡӷ", "аԥхашьара – аԥхамшьара" ауп.

Ажәа "аԥхашьара" ихадароу ажәазар ҟалап аԥсуара акодекс аарԥшраҿы. Иарбанзаалак аҭагылазаашьа аԥсуа дзықәшәо еснагь издикыло аԥхашьара ауп: "ауаа рҿы иԥхашьароуп", "иԥхашьароуп ус аҟаҵара", "умнеир ԥхашьароуп" ҳәа ихы дазнархәыцуеит. Амала "иԥхашьароуп" ҳәа инамыцхәны иҟаҵатәым аныҟарҵогьы ыҟоуп акәымзар. Араҟа аҳәаа азыԥҵәазароуп. Абри акод хада - аԥхашьара - наскьацыԥхьаӡа уи иацу аҵасқәагьы шьҭахьҟа иаанхоит. "Аҽы аӷәра аҿамзар иузаанкылома?"

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0