Итрадициатәу аԥсуа чысхкқәа: акәацлых, ахәша, ахыжәла, абааӡатәы

© SputnikАбхазский стол
Абхазский стол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Анапаҵаҩра
Итрадициатәу аԥсуа чысхкқәа ирызку анҵамҭа ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Итрадициатәу аԥсуа чысхкқәа шоит агәыхәи ацыфеи рыла. Агәыхә ахь иаҵанакуа ихадароу аԥсуа чысқәа иреиуоуп абысҭа, уи анаҩс ачалыхқәа: амгьал, ачашә, ачааҿа уҳәа иреиуоу. Ацыфақәа рахь иаҵанакуеит акәацлыхқәеи, ахшхарҵәи, аҵаарақәеи еиуеиԥшым ачаԥақәеи.

Абыста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2019
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны

Аҵаарақәа рахь иаҵанакуеит аҟәыдыршьшьы, аҟәыдеилыршәшәа, асыӡбал, араса-сыӡбал, ахарҵәы-сыӡбал, еиуеиԥшым аҵәҵәырақәа, арҵәқәа, аиаҵәарақәа. Урҭ даҽакала "ахьшьы" ҳәагьы ирышьҭоуп. Ачаԥақәа иреиуоуп: ахәылчаԥа, абырҷманчаԥа, ахәацчаԥа.

Иазгәаҭатәуп афатәқәа рыҽшеихыршо ахаатә иатәуи ачгьахьа иатәуи рыла. Ахаатә ахь иаҵанакуеит аныҳәатә чысқәа. Уи ижәу, ма иӡу акәац-жьы ауп, акәырма, мамзаргьы аҭубар. Иҳәатәуп, ҳаамҭазы аҭубар ҟазҵо рыԥшаара акырӡа ишыуадаҩу. Агәыхә иадыркыло ахшлыхқәа еихыршоит ацыфа хадеи абааӡатәи рыла. Актәи ахь иаҵанакуеит ашәаӡа, ашәрҩа, ашәырҟәыҷ уҳәа иреиуоу.

Арҭ ацыфахкқәа рнаҩсан, аԥсуа иҟырҟы злаирбааӡо иреиуоуп ахш, ахарҵәы, ачаҩыр. Аԥсуа фатәқәа рҟны иалкаау аҭыԥ рымоуп ашәырқәа. Урҭ ирылхны иҟарҵо ашәырӡқәеи ашәырқалмышьқәеи рнаҩсгьы, иҟоуп итрадициатәу афатәаалыхқәа: аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа, аҵәарҩа, ақалмышь уҳәа иреиуоу. Дара даҽакала "ахыжәла" ҳәа иршьоит. Абжьааԥны аԥсуа иҩнаҭа асас данаҭаауа, аԥшәмаԥҳәыс абарҭ ахыжәлақәа арыжәтә нрыдкыланы ицәырылгоит, аишәа ачыс хадақәа лырхиаанӡа иназыдтәалаша ҳәа. Аԥсуа ихадароу ирыжәтә уи аҩы ауп, анаҩс ажьаӷьуатка, ацхаӡҩа, ахарҵәыӡҩа.

Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
"Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп!" - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз

Хазы иалкаатәуп аетникатә специфика змоу афатәхкқәа. Шамахамзар, аныҳәарақәа раан итрадициатәу чысхкқәас иадыргало, изыхныҳәо агәи агәаҵәеи, акәакәарқәеи, ачашәи роуп. Иарбанзаалак аныҳәара иацуп ахатәы ритуалқәа, урҭ иреиуоуп аамҭатә чысхққәагьы. Иаҳҳәап, арахә ирхылаԥшуа Аиҭар иныҳәара азгәарҭоит "жәабранмгьал" аӡрала, хазы ашықәсан ихырхуа раԥхьатәи ахш-аалыҵ – "ацқьашә" иахныҳәоит.

Ааԥын ааира акәзар, раԥхьа игыло аиаҵәара – ахәацчаԥа агьама рбароуп иара иацу аритуал мҩаԥганы. Арыжәтәқәа рҟынтәи иныҳәоит аҩи, ацхаӡҩеи, ахарҵәыӡҩеи рыла. Абас еиԥш ала, арҭ афатәхкқәа аԥсуа ихадароу инхашәа – адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи ишрыдҳәалоу аныԥшуеит.

Уборка урожая кукурузы в Абхазии (Лонгрид) - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2019
Нарҭыхә – аԥсуаа рҿы ихадароу ауҭраҭых аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

Кавказҭҵааҩ Е.М. Шиллинг аԥсуаа рыкрафара иазкны иҩуан абас: "Аԥсуаа рыфатә хкқәа нхыҵкавказтәи афатәқәа иреиԥшуп, аха ахатә ҷыдарақәагьы амоуп. Аԥсуаа рҿы ирацәоуп акәацлыхқәеи ахәшахкқәеи, иара убас аԥыжәара рымоуп ашәыр-лыхқәа рхархәара. Рыфатә хкқәа зегьы иҷыдоу агьамеи аҵаареи ацнаҵоит акы еиԥшым апырпылџьыка".

Иахьатәи ҳаамҭазы аԥсуа ичеиџьыка аӡыргараҿы арҭ ачысхкқәа ихадароу аҭыԥ ааныркылоит, иҟам ԥсыуа ҩнаҭакгьы арҭ афатәқәа зхы иазмырхәо. Ҳәарада, урҭ инрывагылеит егьырҭ амилаҭқәа рчысхкқәагьы, аиҳарак ахаатәқәа иреиуоу, аха аԥсуа ичыс акы иузадкыло иҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0