АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит ҽааны Аԥсны атуристцәа еиҳагьы ирацәахарц, иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Актәи аканал аинтервиу аҭо.
"Сынтәатәи ашықәс рекордтәуп. Уи ҳара даара агәахәара ҳнаҭоит. Аԥсны аекономиказы акурорттә усхк аҵак ду амоуп", - иҳәеит иара.
Ахада игәаанагарала атуристцәа Аԥсныҟа иаауеит ара еиҳа ахәқәа ахьылаҟәу азы. Уи адагьы Аԥсны аурыс бызшәа ахархәара амоуп, ауаа рысасдкылара еицырдыруеит, аекологиа ԥырхага дук амам.
Бжьаниа иазгәеиҭеит 2024 шықәсазы ишазыԥхьагәаҭо Аԥсни Урыстәылатәи ақалақьқәеи рҳауатә еимадара ахацыркра.
Абри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп амшынтә еимадара аганахь алагьы. Асовет аамҭазы арахь иааиуан акруизтә ӷбақәа, аԥхараныҟәаӷбақәа. Сара сшахәаԥшуала ари еиҭахацырктәуп. Ҳабжьара ацҳақәа хаҳҵалароуп, аԥынгылақәа аԥыхлатәуп.
Бжьаниа игәаанагарала, иааиуа 10-15 шықәса рыҩныҵҟа атуристцәа раара хынтә-хәынтә еиҳахар алшоит.