Аԥышәаратә реис: атуристтә аԥхараныҟәаӷба "Грифон" Аҟәатәи абаӷәазахь иҭалеит

© Sputnik Туристический теплоход "Грифон" прибыл в Сухумский порт
Туристический  теплоход Грифон прибыл в Сухумский порт - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Анапаҵаҩра
2022 шықәса лаҵара 1 инаркны атуристә аԥхараныҟәаӷба "Грифон" Шәачантәи Аҟәаҟа иаалоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп.
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атуристә аԥхараныҟәаӷба (теплоход-аред.) "Грифон" Шәачантәи Аҟәаҟа ааразы аԥышәаратә реис мҩаԥган.
"Ҳаилахәыра шьаҭаркын 2021 шықәса хәажәкырамзазы. Аӷбақәа ҩба  аагеит. Руак акомета аҟазшьа амоуп, аҩбатәи уажә ижәбо аԥхараныҟәаӷба "Грифон" ауп", – иҳәеит аилахәыра "Водоходъ Экспресс" аиҳабы Михаил Антошин.
Иара иҳәеит аилахәыра Амшын еиқәа иаԥну ақалақьқәа рҿы апассаџьырцәа шымҩаԥнаго.
"Аԥхьатәи ҳныҟәарақәа еимардеит Новороссиск, Геленџьик, Шәача.  Анаҩс Аҟәаҟа аимадара шыҟам ҳазхәыцит. Иаҳҭахын рашәарамзазы ихацҳаркыр, аха  апандемиа иахырҟьаны ҳаихәлахеит. Уажәы раԥхьатәи аԥышәаратә реис мҩаԥаагеит", - иҳәеит Антошин.
Атеплоход 2022 шықәсазы лаҵара  1 – жьҭаара  1 рзы аныҟәарақәа мҩаԥнагалоит.
"Аԥхараныҟәаӷба аҿы анавигациа мҩаԥаагоит. Иара 120 ҩык апассаџьырцәа акуеит, аццакыра 24 ӷбаццакыра ыҟоуп.  Уи инақәыршәаны иаабеит 3 сааҭки 15 минуҭи рыла реиск амҩаԥгара шалшо. Ус анакәха Шәача ашьыжь иқәҵыз аӷба асааҭ 11 шыҟоу Аҟәа иааиуеит. Асааҭ 15.00 рзы арантәи шьҭахьҟа ихынҳәыр ауеит", - иҳәеит иара.
Абилеҭ ахә 3 000 мааҭ рҟынӡа итәоит.
© Sputnik / Леон Адлейба Атуристтә аԥхараныҟәаӷба "Грифон" Аҟәатәи абаӷәазахь иҭалеит
Туристический теплоход Грифон прибыл в Сухумский порт - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Атуристтә аԥхараныҟәаӷба "Грифон" Аҟәатәи абаӷәазахь иҭалеит
"Ахәԥса аиҭакрақәа ақәшәар ҟалоит. Аҳазалхратә усқәа зегьы Шәача абаӷәазаҿы имҩаԥгахоит", - иҳәеит Антошин.
"Аԥсны амшынтә ӷбарныҟәара" адиректор хада Даур Арӡынба иҳәеит амҩатә хсаалага ишазхәыцу.
"Аицусутә гәыԥ аԥҵан. Азҵаарақәа зегьы ҭаҳҵааит, аус рыдаауылеит. Иахьа ишыжәбо ала аԥышәаратә реис мҩаԥаагеит", - иҳәеит иара.
Амҩатә хсаалага ала Аҟәа иаԥҵахоит аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи хылаԥшратә ҭыԥ.
"Иааҳартит апассаџьырцәеи реидарақәеи ахьгәарҭало атерминал", - иҳәеит Арӡынба.
Абилеҭқәа рҭилоит Аҟәатәи амшынтә баӷәазаҿи Шәачатәи амшынтә баӷәазаҿи, иара убасгьы "Водоходъ Экспресс", асаит аҿы 2022 шықәса актәи  аамҭахәҭазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0