Аԥсны

Ешба изакәанымкәа х-фазакны иҟоу аҽаԥшьрақәа раарԥшраз аусурақәа рӷәӷәатәуп иҳәеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба акриптовалиута закәаншьаҭада арҳара аԥырҟәҟәаразы аоперативтә штаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба изакәанымкәа х-фазакны иҟоу аҽаԥшьрақәа раарԥшраз аусурақәа рӷәӷәатәуп иҳәеит, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Ешба иазгәеиҭеит раԥхьа иргыланы х-фазактәи аҽаԥшьрақәа рзы аинформациа шырҿыцлатәу.
Аҟәа ахада амаининг аҿагылараз аоперштаб аусура игәаԥхом
"Иҟалоит ауаа ари аус иаԥырҵхьазар, арахь иҳамоу аинформациа ажәхьеит. Шәара аҭыӡҭыԥқәа рахь шәнеиуеит, афидерқәа гәашәҭоит. Аусура рӷәӷәатәуп. Уи шыҟаҵатәу иахьа ҳалацәажәеит. Закәаншьаҭада аҽаԥшьрақәа змоу рызҵаара аҽакала иалацәажәатәуп. Уи азы иахәҭоу амчра ҳамоуп. Аусура ишахәҭоу еиҿкаатәуп", - иҳәеит Ешба.
Ешба адҵа ҟаиҵеит амчыбжь анҵәамҭазы иҟаҵоу аусуразы аҳасабырбақәа аздырхиарц.
Иара убасгьы, Беслан Ешба Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал диазҵааит афымцатә ҳақәа рҭагылазаашьазы.
Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа аиҳабы иҳәеит ахьанҭарақәа аҭыԥ шрымоу, игәаанагарала урҭ амаинерқәа русура ишадҳәалоу. Убри аан иазгәеиҭеит ақалақь аҿы аферма дуқәа шыҟам, аха ахатәыҩнқәа рҿы ахархәагақәа шыҟоу.
Аслан Бжьаниа Аԥсны акриптовалиута арҳара иаҿагылоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит
"Анаплак дуқәа зегьы аус рыдуылоуп, лассы-ласс ҳарҭаауеит, игәаҳҭуеит. Ауадаҩрақәа ахьыҟоу ауааԥсыра рҿоуп", - иҳәеит Џьынџьал.
Беслан Ешба зус здыруа аҟазацәа русбарҭақәа ааԥхьара риҭеит адыррақәа зегьы аус рыдыруыларц.
Ҭемыр Џьынџьал иҳәеит иара убасгьы Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа ахатә сектор аҿы аҭаҩратә хархәагақәа рықәыргылара ишалагаз. Аԥсшьарамшқәа раан мацара 120 хархәага ықәыргылан, 1180 цыра "Амшынеиқәафымцамч" ирнаҭаз аҟнынтә.
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны акриптовалиута аргама арҳаразы иҟоу аԥхьаҟатәи аԥеиԥш