Аԥсны

Аҟәатәи ашколқәа руак жәабран 4 рҟынӡа иадыркуеит

Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа адыррақәа рыла, аҳҭнықалақь арҵаҩцәа 700-ҩык рҟынтәи акоронавирус 15-ҩык ирымоуп, 8000-ҩык аҵаҩцәа рҟынтәи – 69-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аҟәатәи ашкол №10 жәабран 4 рҟынӡа иадыркуеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Ашкол арктәуп ҳәа рыӡбеит аа-класск рҿы COVID-19 анаадырԥш ашьҭахь.

“Ашкол адирекциа иҟарҵаз аҳәарала иахьа инаркны жәабран 4 рҟынӡа аҵаҩцәа аушьҭуп. Ахәыҷқәа аҩныҟатәи адҵақәа рыҭан рхы иақәиҭтәхоит", - ҳәа лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Егьырҭ аусбарҭа анапаҵаҟа иҟоу ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русура иацырҵоит.
Ҭаркьылԥҳа илҳәеит иҟоу акоронавирустә ҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи раркра шиашам, аҵаратә процесс иара усгьы ишышьшьылаҳау.
Аԥсны
Аԥсны ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русура аамҭа иацҵахоит
Лара лажәақәа рыла, аҵаратә процесс аамҭа-аамҭала иахьаанкылахо ахәыҷқәа аҵара ргәы шахнаршәо.
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа адыррақәа рыла, аҳҭнықалақь арҵаҩцәа 700-ҩык рҟынтәи акоронавирус 15-ҩык ирымоуп, 8000-ҩык аҵаҩцәа рҟынтәи – 69-ҩык.
Аҟәа зынӡа 412 класс рҟынтәи 23 акарантин ахь иҟоуп.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵаҟаҵарҭа ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иагнархоит