Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русура аамҭа иацҵахоит

© AFP 2023 / JACK GUEZПарамедик показывает результаты теста на COVID-19 в центре тестирования на коронавирус "Маген Давид Адом"
Парамедик показывает результаты теста на COVID-19 в центре тестирования на коронавирус Маген Давид Адом - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны асанепидемстанциақәа мышкы аҩнуҵҟа 1500 тест аус рыдырулоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русура аамҭа иацҵахоит ҳәа иҳәеит ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба абрифинг аҿы.
Аҟәа ажьырныҳәа 26 инаркны анализқәа шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа ирыдыркылалоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аминистрраҿы. Уажәы абиоматериал ргоит асааҭ 9:00 - 11:00 рзы.
Вакцинация против гриппа в Калининграде - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵаҟаҵарҭа ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иагнархоит
Иахьазы Аԥсны асанепидемстанциақәа мышкы аҩнуҵҟа 1500 тест аус рыдырулоит.
Быҭәба иазгәеиҭеит иахьа аковидҟәшақәа рҿы ауаа рацәаны инанагом ҳәа. Ииасыз ԥшьымш рыҩнуҵҟа астационар-чымазцәа 165-ҩык роуп иҟоу, аха убри аан аштамм "омикрон" зыдбалоу рхыԥхьаӡара иацлеит.
Быҭәба иҳәеит аминистрра аштаттә режим ала аус шауа, иахәҭоу ахәшәқәеи аматериалқәеи рыла ишеиқәшәоу. Ахәшәтәырҭақәа рҿы акарантинтә режим рылагалоуп аштамм ҿыц алаҵәара иахҟьаны.
Ажьырныҳәа 25 азтәи адыррала Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 40875-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 35413-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 588-ҩык.
Акоронавирус омикрон-штамм, B.1.1.529, аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи абҵарамзазы. Аҟазауаа ишырҳәо ала, иара шьҭыркаар рылшоит ачымазара зхызгахьоугьы, алаҵа ҟазҵахьоугьы. Иара акыр еиҳа иццакны ирылаҵәоит авариант "дельта" аасҭа. Аштамм азгәарҭахьеит 110 тәыла рҿы, Аԥсынгьы абрахь иналаҵаны. Авирусологцәа аӡәырҩы омикрон ОРВИ еиԥшуп ҳәа иршьоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0