Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Аԥсны омикрон цәырҵит, атеатрқәа раартреи ашколқәа раркреи

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит иналукааша ажәабыжьқәа, ажьырныҳәа 24-30 рзы Аԥсны аҭыԥ змаз.
Sputnik
Аԥсны иаадырԥшит омикрон-штамм, COVID-19 чымазара аҽарҭбааит, ареспубликаҿ аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа дырԥсыҽит, атеатрқәа аадыртит, ашколқәа адыркит. Арҭи егьырҭ ажәабыжьқәеи Sputnik аматериалқәа рҿы.

Аихамҩа

АУН "Аԥснеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа апресс-конференциа мҩаԥигеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы ажьырныҳәа 24 азы.
2019 шықәсазы "Аԥснеихамҩа" 94 миллион мааҭ ахашәала аиуит, 2021 шықәсазы – 164 миллион мааҭ ҳәа иҳәеит АУН "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа апресс-конференциаҿы.
Аԥсны
"Аԥснеихамҩа" аиҳабы анаплакы аԥаратә лагалақәа ишрыцлаз атәы далацәажәеит
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥснеихамҩеи" "РЖД Бизнес Активи" аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит контеинерла амҩангарақәа рзы, абри атәы иҳәеит АУН адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа.
Гагра, Афон ҿыц, Кьалашәыр иҟоу аихамҩатә аангыларҭақәа ҳазҭоу ашықәс азы арҽеиратә усурақәа ирылагоит ҳәа иҳәеит АУН "Аԥсны аихамҩақәа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа. Уи азы хәажәкыра 1 аҟынӡа ааангыларҭақәа хԥа еиҭашьақәдыргылоит.
Аԥсны
ААМ урыстәылатәи аҟазауаа аднаԥхьалар аҭахуп ацҳақәеи атоннельқәеи ргәаҭаразы
"Ара атуристтә дәыӷбақәа аныҟәара иаларгатәуп", - ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аԥсны омикрон-штамм цәырҵит

Аԥсны акоронавирус омикрон-штамм 30-ҩык ауаа ирыдырбалахьеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара аминистрра.
Аԥсны иҟоу адиагностикатә центр Lab Quest алабораториаҿы ажьырныҳәа 16 раахыс аомикрон-штамм зыхьуа 16-ҩык рхыԥхьаӡара шьақәдыргылахьеит.
Аԥсны
Аԥсны акоронавирус омикрон-штамм здырбалақәаз ауаа ыҟоуп
Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу ауаа 42 нызқьҩык иреиҳахеит. Уи омикрон-штамм алаҵәара иадырҳәалоит.
Ажьырныҳәа 25 азы Аԥсны ахада акультуреи аспорти русҳәарҭақәа русура аиҭахацыркра азин ҟаиҵеит.

Акоординациатә штаб аилатәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит хәажәкырамзазы иҟалараны иҟоу Апарламент ахь алхрақәа рахыгара ҵаҵӷәы амамкәа дшахәаԥшуа.

Акоронавирус аштамм ҿыц "омикрон" Аԥсны аԥкратә уснагӡатәқәа рыла аанкылара залшом ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик, ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажьырныҳәа 28 рызтәи аилатәараҿы.
Аԥсны
Анқәаб: апарламенттә алхрақәа рахыгара ҵаҵӷәык аманы избом

Атеатрқәа аадыртуеит, ашколқәа адыркуеит

Ажьырныҳәа 25 азы Аԥсны ахада акультуреи аспорти русҳәарҭақәа русура аиҭахацыркра азин ҟаиҵеит.
РУСДРАМ аҿы ажьырныҳәа 26 азы актәи аспектакль - "Зегь рцасҳәа агәырӷьара" дырбан.
Аԥсны
Аҿкчымазара агәхьаа мкыкәа: аамҭақәак рнаҩс РУСДРАМ раԥхьатәи аспектакль
Убри аан аепидемҭагылазаашьа иахырҟьаны ашколқәа раркра иалагеит.
Акоронавирустә инфекциа алаҵәара иахҟьаны Гәдоуҭа араион ашколқәеи ашколқәранӡатәи аусбарҭақәеи акарантин ахь иршьҭит жәабран 14 аҟынӡа. Аҟәа ахада иусдҵала ашколқәа аркуп ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран 4 аҟынӡа, Гагра араион аҿы жәабран 1 аҟынӡа ашколқәа аркуп.
Аҵара аминистр ажурналистцәа иреиҳәеит арҵаҩцәа зегьы алаҵа ҟарҵароуп ҳәа.

Аслан Бжьаниа аоперациа изыҟарҵеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа руак аҿы дԥырҟеит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
Аоперациа мҩаԥысит ашәахьа, ажьырныҳәа 24 азы урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны. Иазгәаҭоуп аоперациа азыԥхьагәаҭан, қәҿиаралагьы имҩаԥысит ҳәа.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны иҷаҷа ԥырҟеит

Агәабзиарахьчара аминистрра апрограммақәа быжьба

Ажьырныҳәа 27 азы имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәараҿы агәабзиарахьчара аганахь ала ирыдкылеит быжь-программак:
Ауааԥсыра ирзыҟарҵо аимҳәадуҿагыларатә цхыраара аиӷьтәра
Атәылауаа Аԥсны анҭыҵ рыхәшәтәра
1992–1993 шықәсазтәи аибашьра аинвалидцәа рыхәшәтәра
Арра ирго аҿар рмедицинатә гәаҭареи разырхиареи
Аҳәынҭқарратә медусҳәарҭақәа рзы ахәшәқәа ҭыԥкны раахәара
Агәабзиарахьчара асистема акадртә еиқәыршәара.

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара

Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩуеит жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
Ажьырныҳәа 29 рызтәи аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 92, аполитикатә партиақәа хәба.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Шәҩык ҟаларц егьрыгым: АКХ аҿы иҵегьы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҭарҩит
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса рзы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны. Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.

Атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа

Аҟәа атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 27 инаркны жәабран 5 рҟынӡа.
Аԥсны
Атеррористцәа рҿагыларазы: Аҟәа аԥсуа-аурыс ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз
Аԥсны амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит Аҟәа амҽыша ажьырныҳәа 30 рзы.
Аҽазыҟаҵарақәа рысценари ала, "атеррористцәа" аиҳабыратә хыбрақәа ааныркылеит, ауааԥсыра шасыс иргеит. Аԥсны АШәМ, ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ русзуҩцәа атеррористцәа ықәырган, ашасцәа рхы иақәиҭыртәит. Рхы иадырхәеит акәылӡтәытранспортиорқәа, аробот, иазыҟаҵаз алақәа.
Аԥсны
"Ацәгьоуцәа ҭадырхеит": Аԥсни Урыстәылеи ршәарҭадаратә маҵзурақәа рҽазыҟаҵарақәа