Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультура аусбарҭақәеи аспорттә обиектқәеи русуразы азин ҟаҵоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Вручение дипломов победителям конкурса Лучший художнк года
Вручение дипломов победителям конкурса Лучший художнк года - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Анапаҵаҩра
Иааидкыланы Аԥсны 40 000-ҩык инареиҳаны акоронавирус рыдырбалахьеит, жәацы 500-ҩык инареиҳаны COVID-19 рыдбалан. Ари рекордтә рбагоуп апандемиа иаалагазар.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Акультура аусбарҭақәеи аспорттә обиектқәеи асанитар-гигиенатә нормақәа ирықәныҟәаны аусура иалагаразы азин ҟаҵоуп ҳәа аҳәоит ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа.
Аусԥҟа рыдкылоуп Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара ашьҭахь.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәаз аҳәынҭқарратә санитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны имҩаԥыслааит акультура аусҳәарҭақәеи (акультура аханқәа, атеатрқәа, ацәыргақәҵатә залқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа) аспорт аобиектқәеи (аспорттә, атренажиортәи афитнес-залқәеи, егьырҭ аспорт аобиектқәеи) русура", - ҳәа аҳәоит адокумент аҩбатәи апункт.

Иара убасгьы аусԥҟа иаҳәоит: иаанкылазааит ачарақәа, аиныхрақәа, агәырӷьаратә, аныҳәатә, аустә, арлахҿыхратә, даҽа массатә усмҩаԥгатәқәак иарку аҭыԥқәа рыҟны рымҩаԥгара ҳәа.
Амаҵзуратә обиектқәеи ахәаахәҭратә обиектқәеи русзуҩцәа рыҩнуҵҟа хымԥада ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа, анапҭарԥақәа) рхы иадырхәалароуп, урҭ ирыҵанакуа адгьылҵакырақәа рыҟны мчыбжьык ахь знык, ауаажәларратә транспорт аҿы есҽны ачымазара аламырҵәаразы адезинфекциа мҩаԥыргалароуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра 2022 шықәса жәабранмза 1 аҟынӡа иазнархиароуп иагьышьақәнарӷәӷәароуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа рымҩаԥгаразы аҳәынҭқарратә санитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи. Уи адагьы аҵараиурҭақәа, ауаажәларратә крыфарҭақәа, егьырҭ асанитар-хылаԥшратә обиектқәа русура иахылаԥшлароуп ишьақәырӷәӷәоу асанитар–епидемиологиатә нормақәеи аԥҟарақәеи иахьынӡарықәныҟәо агәаҭаразы.
Карантин в школах Омска - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Аԥсны
Гагра араион аҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи жәабран 1 аҟынӡа иаркызаауеит
Атәылауаа ирабжьгоуп хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәа) ныҟәыргаларц, ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рахь иахьынӡауала имнеиларц.
Аҳәынҭқарратәии аҭыԥантәии анапхгараҭаратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа, икоммерциатәуи икоммерциатәыми аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа 60 шықәса ирҭысхьоу русзуцәа, акоронавирустә ҿкычымазара аҟынтә авакцина ҟазымҵац, иара убас зцәа зтәым аҳәса рџьатә маҵзурақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәызарц, руалафахәы еиқәырханы.
Акультура аусбарҭақәеи аспорттә обиектқәеи аркын 2021 шықәса нанҳәамзаахыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0