Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акоронавирус омикрон-штамм здырбалақәаз ауаа ыҟоуп

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу ауаа 40 нызқьҩык рҟынӡа инаӡарц ак агым.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны акоронавирус омикрон-штамм 30-ҩык ауаа ирыдырбалахьеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара аминистрра.

Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы, Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәыла Алиса Матуаԥҳа излалҳәаз ала, "омикрон" ҩынтә-хынтә иласны аӡәы иҟынтә ҽаӡә иахь ииасуеит егьырҭ аштаммқәа ирыҿурԥшуазар. Убри азы ауаа еиҳагьы агәаҽанызаара аадырԥшлароуп.

Агәабзиарахьчара аминистрра иазгәанаҭоит "омикрон" Аԥсны иахьаҵанакуа ицәырҵит ҳәа адырра шроуз ажьырныҳәа 22 рзы Ареспубликатә хәшәтәырҭа атерапевт чымазаҩык данлыдҵаалаз ашьҭахь.
Уаанӡа Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Аԥсны иҟоу адиагностикатә центр Lab Quest аиҳабы Амина Амҷԥҳа еиҭалҳәеит ажьырныҳәа 16 раахыс рлабораториаҿы аомикрон-штамм ахҭысқәа 16 шаадырԥшхьоу.
"Ҳара еилаҳкаар ҳалшоит иарбан штамму ауаҩы илоу, еиҳа иуадаҩу "дельта" акәу, уажәы ицәырҵыз "омикрон" акәу, уи аклиникатә рбагақәа рыла еиҳа имарианы аҽаанарԥшуеит", - ҳәа иазгәалҭеит Амҷԥҳа.
Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу ауаа 40 нызқьҩык рҟынӡа инаӡарц ак агым, ргәы бзиахахьеит 34803-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 585-ҩык.
Тестирование на коронавирус в Баку - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
COVID-19 азы атест ҟауҵаанӡа "омикрон" аҟазшьа аарԥшышьа шьақәыргылоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0