Аԥсны

Ажәлар рзы ихьӡырҳәагахаз: Алықьса Гогәуа иҿцәажәара

Ҳазҭоу амза 15 рзы Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы, Sputnik апрозаик ду изку анҵамҭақәа рсериа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишәыдаагалоит ажурнал "Алашара" аредактор хада апоет Анатоли Лагәлааи Алықьса Гогәуеи 2017 шықәсазы ианҵаз реиҿцәажәара.
Sputnik
"Аџьамԥазратәи аҷкәын хәыҷы ижәлар рзыҳәан дыхьӡырҳәагахеит!.."
Баграт Шьынқәба
Сара акрааҵуан ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа инарҭбаан иҿцәажәара сҭахижьҭеи. Ҳџьынџьтәылатә еибашьра анааилгаҵәҟьа, усҟангьы, иахьа уажәраанӡагьы Аԥсуа радио аҿы иаԥҵоу алитературатә дырраҭара "Абырлаш" аҟны имҩаԥызгеит уи иҿцәажәара, амала абжьқәа адиск аҿы исзеиқәмырхеит, аха исымоуп инапылаҩырала иҟаиҵаз сызҵаарақәа рҭакқәа. Агазеҭ "Эхо Абхазии" аҿы инагӡаны аԥсышәала икьыԥхьуп. Уи сара сзыҳәан, иара убас аҭоурых азгьы, хымԥада, хәызмаӡам малуп! Уиаахыс, Алықьса Гогәуеи сареи ирлас-ырласны ҳаиқәшәоит, ажурнал "Алашара" аредакциа иара мыцхәы бзиа иибо ҳлитературатә хәышҭаарақәа иреиуоуп, насгьы, ҳара аредакциа аусзуҩцәа разҟыс иҳамоу, ҳашәҟәыҩҩы ԥсышәала ииҩуа иҩымҭақәа зегьы шамаха ҳара ҳҿоуп иахьикьыԥхьуа, раԥхьаӡа ҳара ҳашәхымс ауп изхыҵуа, ҳара ҳнапқәа роуп урҭ рыԥхарра зныруа!.. Убригь ҳара ҳзы насыԥ дук иаҩызоуп!
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа
Алықьса Гогәуеи сареи акыр ҳшеизааигәоугьы, уи "иаҳҭынра" агәашә санҭало "ала" сшырымкуагьы, сара сзы даара игәаӷьыуацәан асеиԥш инеиҵыху аиҿцәажәара амҩаԥгара. Избанзар, иҵаулоу ашәҟәыҩҩы уиҿцәажәарц азы, аӡмыжь ҵаула аҭалара иақәызкыз уиҩызоуп, акы – аӡсашьа бзиан иудыруазароуп, ҩба – агәаӷьрагьы умазароуп!.. Насгьы, иара ихаҭа иҩымҭақәа реиԥш, иҟазшьагьы бзианы иудыруазароуп, шәеизааигәара, шәеиҩызара мацара ахәаӡом, игәамԥхаз "цәқәырԥак" уҽаноуҭа, уаҟа, ани аԥсуа жәаԥҟа бзиа "Ажә ашьапы аҳәыс ашьӡом" зынӡакгьы мчы амаӡам!.. Уи "азакәан" иара иҩызцәа зегьы рҿы еиԥшны аус ауеит, убри азы, шамаха зегьы ирдыруеит мыцхәы "ахықә ишазааигәахалатәым!".
Ус анакәха, Гогәуа иӡмыжь аҭаларазы аҿышәҭақәа зегьы аадыруеит ҳәа ҳгәы ишаанамгогьы, уи аҭалара згәаӷьыз, шамаха уаҩ дшамхәаҽыц, уимоу, "аӡсашьа" ҵаны ишҭыҵхьоу агәра анаҳга, ҳаргьы иаагәаӷьит, уи "ахықәгылара" мацара ҳазмырхакәа, наҟ ҳанӡаалан, Ӡызланԥшӡа лҽахьылкәабо ахь анаскьара, ахәыцра ҵаулақәа рыцәқәырԥақәа рыҽрыҭара!
Алықьса Ноча-иԥа, Шәара зхыҷра даара иуадаҩны изхызгаз, уи иацыз агәырӷьарақәа зызхара иззымбаз, аԥсҭазаара ирацәаӡаны икыднаҟьаз шәреиуоуп… Насгьы, Шәара шәаҳәшьцәа абыжьҩыкгьы рашьеиҵыб шәакәын, шәаб илымшо даналага, Шәара шәакәын аҩнаҭа "зхагылаз!" Уи бзианы ианыԥшуеит, иара хыла Шәара шәҭаацәара ишазкымгьы, Шәара шәыԥсҭазаареи иареи "аиуара" ӷәӷәа зыбжьоу шәажәабжь ссир "Абырфын". Иара ажәабжь иахагылоу аепиграф ахаҭагьы, акәашара уқәызгало амузыка бзиа иаҩызоуп – "Уда ԥаҵаҟаԥшь дҳамаӡамызт, Абрагь!" Ус егьа иҟазаргьы, Шәара шәрыхьӡон арахә рхылаԥшрагьы, аҟанҷқәа рзы шәеигәышә хәыҷ кны, амжәаҵла акьышәкьышәра шәхаланы, акаҿарагьы, ԥшьба-хәба верс ашкол ахь ацарагьы, Гәлиеи Пушкини рыԥхьарагьы, агәгәаҳәа амца ахьеиқәыз ахәышҭаараҿы шәаб илакәқәа аҵх иаашәымнакәкәаанӡа рзыӡырҩрагьы!.. Иҟалап, шәхәыҷрашықәсқәа раан урҭ алакә ссирқәа рзыӡырҩра иреиӷьӡаз театрзҭгьы?!
- Убри аиԥш аамҭа саҵанакит. Аибашьра иахҟьазгьы рацәан. Усҟантәи ақыҭаҿы ахәыҷқәа реиҳараҩык ус иҟан. Ишхәыҷқәаз аибашьра ицаз рус ҟарҵалар акәын, иахьынӡарылшоз. Иаҳҳәап, сара 9 шықәса анысхыҵуаз ацәмаа скхьан. Ашкол иҭаз ахәыҷқәагьы рканикулқәа зегьы аколнхараҿы аус рулар акәын. Ашколҭалара мчыбжьык шыбжьаз акәын рхы ианақәиҭыртәуаз. Ҳаҩнаҭа иахагылаҵәҟьаз саҳәшьцәа еиҳабацәа ракәын. Ҳан заа данҳаԥха нахыс, ҳара аиҵбацәа, еиҳарак сара, зегьы иреиҵбыз быжьҩеиҳәшьцәа рашьазаҵә, аиаҳәшьарагьы анрагьы сзуны сырбон урҭ.
Аусура, ианымыцхәым, ианыхьамҭам, рыхәмарра аамҭагьы анрымнамхуа, ҳәарада, ахәыҷқәа рзы иааӡагоуп. Ус акәымкәа, ианымыцхәу, ианыхьанҭоу, ахәмарра аамҭагьы, егьырҭ ахәыҷқәа зқәиҭу зегьы анақәӡуа, ахәыҷра бзиа аиԥш иҟоу, ауаҩы уинахыстәи иԥсҭазааразы даара акрызҵазкуа, ԥхасҭахоит. Аха аибашьра убас адыруеит. Уи ахьымҩаԥысҵәҟьоз шыхаразгьы, аранӡа иааӡон, амаҵ улатәын, зегьы иара иахәлажьлатәын. Есҽны ақыҭа, аҳабла ҳәҳәабжьык, ҵәыуабжьык аналмыҩуаз ыҟамызт, афронт аҿы иҭахаз ршәаџь ааҩуан.
Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт
Абри зегьы ҳалагылан ҳара ахәыҷқәагьы, егьҳахҭысуан. Уеизгьы, абриаҟара џьабаа, гәырҩа зыхәда иқәҳаз анацәа, абацәа, аиҳәшьцәа уҳәа зегьы ахәыҷқәагьы зҭагылаз хьазыршшашаз, џьара шәахәацқәак азынхартә иныҟәар рҭахын. Убарҭ ирыдукылар ҟалон саб иажәабжьҳәарақәагьы. Уи, ҳәарада, аамҭа алихуан, ауаа ус рыԥсы аныргоз, агәырҩа, ахьанҭарақәа ртәы иацәцар анырҭахыз. Абасҟак аԥсцаха рызымҭоз аилахарақәа шыҟазгьы, аамҭа ԥшааны, хәылԥазыла ҳаҩны еизон, саб иажәабжьқәеи илакәқәеи ирзыӡырҩырц. Саргьы, ҽынла акыр сшааԥсозгьы, ацәа иаасымнахаанӡа сырзыӡырҩуан. Урҭ сара сырҿиаратә хыҵхырҭақәа рахь раԥхьаӡа игылақәаз иреиуоуп. Ҳәарада, ажәабжьҳәаҩ бзиа уизыӡырҩуеит ҳәа мацара иабзоураны ашәҟәыҩҩра акәым, иуаҳаз аиҭаҳәарагьы залшом, иаратәык уара ухаҭа ушьа-уда иаламзар.
– Шәара акырынтә даара гәҭыӷьӷьала шәрыхцәажәо саҳахьеит раԥхьаӡа аҵара ахьышәҵоз Ԥақәашьтәи ашколи уаҟа аҵара шәзырҵоз, иахьагьы шәзызгәдуу шәырҵаҩцәеи!.. Урҭ, Шәара излашәҳәо ала, шәаԥхьаҟатәи шәыԥсҭазааразы ауасхыр бзиа шәзышьҭарҵеит!.. Нас иҟан Аҟәатәи арҵаҩратә институти А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институти… Урҭ алитературатә ԥсҭазаара ду ахь шәназгоз амҩахәасҭақәа ракәын… Сара сбиблиотекаҿы иахьагьы иреиӷьу аҭыԥ ааннакылоит усҟан иҭшәыжьыз раԥхьаӡатәи шәышәҟәы "Аӡиас ццакуеит амшын ахь". Уи ашәҟәы аԥхьажәаҿы ашәҟәыҩҩы Шоҭа Ҷкадуа даара гәыблыла дақәныҳәоит раԥхьатәи шәшьаҿа.
– Сара сышколшықәсқәа, акыр имариамыз аамҭақәа ишрыҵаркуазгьы, сыԥсҭазаараҿы иреиӷьыз ашықәсқәа рахь исыԥхьаӡоит. Насгьы, абжьаратә школ уинахыстәи зегьы шьаҭас ирымоуп. Уи ашьаҭа, адацқәа – зегьы еиӷьу ала еиқәзыршәо арҵаҩцәа роуп.
Сара исыԥхьаӡоит арҵаҩцәа бзиақәа сықәын ҳәа. Ԥақәашьтәи абжьаратә школ еснагь аӡбахә алкаан изысҳәо, раԥхьа иргылан, убарҭ арҵаҩцәа рзоуп. Аԥсуа школқәа анадыркуаз, аамҭала Очамчыра араион зегьы аҿы иаанрыжьит аԥсуа бжьаратә школқәа рҟынтәи ҩба: Ԥақәашьтәи абжьаратә школи Тамшьтәи абжьаратә школи. Ажәбатәи акласс инаркны ажәабатәи аҟынӡа Ԥақәашьтәи абжьаратә школ аҿы аҵара сҵон. Аԥсны зегьынџьара иадыркыз абжьаратә школқәа рҟынтәи иреиӷь-реиӷьқәаз арҵаҩцәа абрагь иақәшәеит. Аԥсны еицырдыруаз аҭоурых зҭиуаз Мистакопуло, аматематик Атмачиди, Ленинградынтә иааз абызшәаҭҵааҩы, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Лимонов, ахимиа арҵаҩы Нарманиаԥҳа, аԥсуа бызшәеи алитературеи зҭиуаз Иона Ҳашба, ашкол адиректорцәа Ачба, Шенгелиа уҳәа. Сара уи ашьҭахь аинститутқәа ҩба срылгеит, иаҳҳәап, Москва, алекциа исзаԥхьон Аникст, Шкловски, Архипов, Поспелов уҳәа реиԥш, Асовет Еидгыла ду ахьынӡанаӡааӡоз еицырдыруаз аҵарауаа дуқәа, аха ашколаҿтәи сырҵаҩцәа бзиақәа урҭ иреиҵаны исшьом.
Аԥсуа бызшәеи алитературеи ргәыбылра сзыркыз рахь сгәалашәараҿы хашҭра рықәӡам Евдокиа Шьынқәба (Б. Шьынқәба иаҳәшьа гәакьа), Мариа Асланӡиа, нас, ҳәарада, Иона Ҳашба.
Москватәи алитературатә институт ахь Аҟәатәи арҵаҩратә институт салган ауп сышцаз. Абра иҳәатәуп ҳәа сгәы иаанагоит убри аинститут аҿы ҳара ҳанаԥхьоз ԥасатәи апрофессура нага аҟынтәи имаҷҩымкәа инханы ишыҟаз. Урҭ рахьтә рзанааҭқәа рҿы даара адырра бзиақәа астудентцәа ирызҭартә иҟаз маҷҩымызт, арҵаҩцәа бзиақәа ркадрқәагьы рааӡон. Усҟан уа алекциа иаԥхьон зус бзиаӡаны издыруаз, шәара зқәымыз ҳпатриотцәагьы: Аслан Оҭырба, Антон Адлеиба, Татиана Гәлиа, Маргарита Ладариа.
Москва сахьнеизгьы, иара скурс мацараҿы иақәшәеит уинахыс алитератураҿы еицырдыруа иҟалаз астудентцәа. Алекциақәа исызрыԥхьон Урыстәыла анҭыҵгьы еицырдыруаз аҵарауаа. Ианакәзаалак дысхашҭуам аурыс литература арҵаҩ ду, апрофессор Архипов, уи шаҟа сӡырган дсызныҟәаз сырҿиаратә диплом анысыхьчоз. (Уи хыла Аԥсны идыруан, иара ахьаақәагьы изааигәан, А. Лашәриа данстудентыз далкаан ҳаҭыр иқәиҵон.)
Аиашаз, Москватәи алитературатә институт са сзы альма-матерҵәҟьан.
– Москватәи алитературатә институт қәҿиара бзиаӡала шәалган Аҟәа шәанааи, иаразнакгьы усурала шәманшәаламхеит, усҟан аԥсуаа зегьы ирзеиԥшыз алахьынҵа – ауадақәа рылагьы шәеиқәшәагәышьамызт, арахь шәаб ичымазара шәыхьӡеит, шәҭаацәа рҟынтәи аӷьараҳәа ишәывагылашаз уаҩ дыҟамызт… Ани шәроман бзиа "Асҟак дузааигәан, аха дузгәамҭеит…" аҿы иалоу арԥыс еилҟьа Леуан иеиԥш, ақалақь аҿы хаҭала Шәара шәыхьӡ зҳәоз ҵәҩан заҵәыкгьы шышәзарсмызгьы, зегь акакәын, аԥсуаа ҳаҵкыс акырӡа хыԥхьаӡарала еиҳаны инхоз ақырҭцәа раҵкыс, шәаԥшәыман шәхы шәыԥхьаӡон!.. Иааҭаххаргьы, аҭаҷкәым раҵәарахь шәнеиргьы, рхәы рышәҭон!
– Абри азҵааразы сара схатәы гәаанагара сымоуп. Ҳәарада, акультуреи алитературеи рызҵаарақәа, ркадрқәа рааӡара иахәҭаз ахылаԥшра арҭомызт. Урҭ рызҵаарақәа ирҿӡаз, иара акультуреи алитературеи реидгылақәа ирхагылаз, иара ус иалахәыз рактивқәа ракәын. Аха, иаҳҳәап, алитераторцәа аҵара иалган ианаалак, аҭыԥқәа рзыԥшаара уадаҩын. Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иазыӡбомызт аусура ҭыԥ ахтра, апартиа аобласттә комитети аминистрцәа рсовети уҳәа ракәын урҭ знапы ианыз. Уа, усҟантәи аамҭақәа рзы аполитикаҿы ԥсцарҭақәак шыҟалахьазгьы, иазыҳаҵҳаҵоз раҵкыс, иаԥырхагаз еиҳан. Аҭыԥ змоуаз хылатәи дара зҵанакуаз аидгыла иахарартәуан. Ҳәарада, урҭ русурақәа рҿгьы агхақәа маҷмызт, аха рҭыԥқәа ирышьҭаз, ма дара ус изҭахымыз идыртутуцәон, зегьы дара ирықәрыжьуан.
Аԥсны
Ҿыцәаара зқәым абаҩхатәра: Алықьса Гогәуа ииубилеи иазкны апресс-конференциа мҩаԥысит
Иаԥсоу, иҿыцу, аамҭа иацназгартә аусура зылшоз аныҟала, ирықәнагоз аҭыԥқәа рзалхра изылшоз иҟарҵар акәын. Абри аконфликт еснагь рхы иадырхәон акариеристцәа. Ахеилакқәа, аидгылақәа рыҩнуҵҟа имҩаԥысуаз абарҭ реиҿагыларақәа, рҽеиҩшарақәа, рышьҭақәа ҟьаҟьаӡа урҭ рҭоурых аҿы инхеит.
Ииашоуп, саргьы убарҭқәа зегьы сыхьӡеит, акраамҭа сҳәаԥыӡыԥуа срылан, аамҭа рацәа сцәақәӡит, иҟасҵашаз снамырҟаҵеит, аха урҭ рахьтә 28 ҳреспублика азеиԥш ҭагылазаашьа иахҟьаз еиҳаҵәҟьан, ҳәарада. Сара усҟан, аинститутқәа санрылга акәым, ашкол аиҳабыратә классқәа рҿы сантәаз инаркны убри азеиԥш ҭагылазаашьа ҳәа изышьҭаз, ҳажәлар ирзыҟазҵози, ҳажәлар рахьтә зхатәы усқәа рзы мацара убарҭ ирыдызцәылози хацәнмырха сраӷан. Уи, ҳәарада, ус исанарыжьуамызт, сымҩақәа рҿаҟәон, иркуан. Ашьҭахь, ишдыру еиԥш, иаахтны урҭ ҳарҿамгылар ада ԥсыхәа ҟамлеит.
– Алықьса, Шәара ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегь реиԥш, аҩра шәалагеит ажәеинраалақәа рыла! Аха апоезиа ажанр шәыҽшәызҭамгӡеит, ишәымаз аҳәатәы "злацәқәырԥацәоз" ала, уи "аӡышьҭрақәа" азхомызт, аҽҟьарҭақәа аҭахын, уи мчыла амҩахәасҭа иузанцаломызт, аҽыццышә еиԥш, адәышкәаӷьаз иаҳәон!.. Иара убри аамҭазгьы, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҟынтә, Шәара шәтәқәа раҟара зҩымҭақәа апоезиа "ргәылыжжуа" дмаҷуп. Ус анакәха, жанрк аҳасабала апоезиа шәмыҩуазаргьы, уи ахаҳә "иқәыртәан" шәымцеит, апоезиа – шәыпрозатә ҩымҭақәа, аԥсуа кәымжәы аҳәынҵәра ԥшӡақәа реиԥш, еилыџьџьаауа иргәылоуп!
– Усҵәҟьагьы акәӡам, раԥхьаӡа сгәы иҭаскыз ақьаад ианысҵап ҳәа саналагаз, изҩыз ажәабжьи аочерки ирзеиԥшшәа иҟан. Уи атәы зыҩқәахьеит. Аха уа иасырбаз ахҭыс аԥсҭазаараҟны убас сгәы снархьит, изҩыз уи азаамырԥшит; аҿы еилгашәа иҟалеит, аха ҩнуҵҟала амч амамызт. Иагьԥызыжәжәеит. Иахьагьы изысгәалашәо еиҳарак иара ахҭыс шаҟа сгәы снархьыз ауп.
Ашьҭахь, аиашаз, акраамҭа ажәеинраалақәа сыҩуан. Еиҳарак урҭ сзырҩуаз аибашьра иахҟьоз, аибашьра иаанагоз агәаҟра акәын. Ирацәаны изыҩхьан. Аҵыхәтәан, ашкол салгамҭаз, урҭ ирылашәаҵәҟьон хар змаӡамыз, емоциалагьы, ҵакылагьы, бызшәалагьы. Аха зегьы зсырӡыз, зынӡа сызрызхьамԥшыз сыздырам.
Аха сара иахьагьы апоезиа хыла бзиа избоит, ажәеинраалақәа рыда ԥсҭазаара сымаӡам, амузыка иаҿхагаахо амеломанцәа среиԥшуп уи азы. Егьирахь, асахьаркыратә литература зегьы, инарҭбаан уахәаԥшуазар, апоезиа иаҵанакуеит. Апоезиа, ҳәарада, ажәеинраалала еиқәуршәо ажәа мацара акәӡам, асахьаркыра иатәу ажанрқәа зегьы аҵанакуеит. Ҳәарада, апрозагьы. Аха, иаҳҳәап, апроза, апоезиа ишӡааҵатәу, иацәдумкәа, иацәамажьымам мацара иҟазарц даара иацклаԥштәуп. Ацклаԥшра абаҩхатәра иацәаҩазароуп.
Убарҭ ажәеинраалақәа еиҳаны ианысыҩуаз, апрозагьы саҿын. Уимоу, ароман сыҩуеит ҳәа салагахьан.
– Шәара шәҩымҭақәа зегьы ҿыгҳарыла иреиҳауп шәроман "Асду". Сара ибзианы исгәалашәоит, уи анҭыҵ (ажурнал "Алашара" аномерқәа ирнын шәҟәны иҭыҵаанӡа), аԥхьаҩцәа еимырҟьо ишаԥхьоз, еиҳаракгьы астудентцәа рыбжьара даара ахьӡ цеит иаразнак, урҭ аӡәи-аӡәи еимырдон, еиҿыркаауан алитературатә кружокқәа рҿы аилыргарақәа, ахцәажәарақәа. Уи ус унадыххылангьы узаԥхьаӡомызт, иузышьҭкааӡомызт, уаԥхьо ушнеиуа хҭыск, ма асиужет "ааумпыҵҟьар", нас еиҭа ҿыц уеиҭагьежьны уаԥхьар акәын, уеиҭазыхынҳәыр акәын!.. Уи, иара ароман аҿы мацара акәӡам, шәара шәажәабжьқәеи, шәповестқәеи, шәроманқәеи зегьы рҿы уанрыԥхьо даара "агәҽанызаара" умазароуп, урҭ автобус аҿы, атроллеибус аҿы, амашьынаҿы узыԥхьо, зеилкаара мариақәоу иреиуаӡам!.. Даҽакала иаҳҳәозар, ақәԥаҩ иага дыбзиазаргьы, ақәԥарҭахь кыраамҭа иҽазыҟамҵаӡакәа даннеилак дшаҵахо еиԥш, Шәара шәҩымҭақәагьы рыԥхьара далагаанӡа ҩныҵҟала аҽазыҟаҵара иҭахуп аԥхьаҩ!.. Изеицәааӡои, Шәара зеилкаара уадаҩу, аха знык шәанеилыркаалак, ирлас-ырласны изызхьаԥшуа, иазыҟаҵоу, ахәыцреи аусуреи зылшо аԥхьаҩцәа иашақәаҵәҟьа бзиа ирбо шәҟәыҩҩуп! Маҷк шәазҳархынҳәыр ҳҭахуп ҳлитератураҿы "Асду" "ашьҭалашьа", "аушьа"!
– Ианхәыҷыз инаркны асду атәы змаҳацыз уаҩ дыҟамызт. "Асду аиԥш иргәалашәоит", "асду аиԥш ирхашҭуам", "асду ирзаҩызахеит" – ҳәа ражәа иалан, иалоуп иахьагьы. Саныҩеидас, иара асду атәгьы акыр анеилыскаақәа, игәасҭеит уи аӡбахә анырҳәоз, рыцҳарак, гәаҟрак атәы аиԥш акәымкәа, ахәыҷы раԥхьатәи асы иеигәырӷьабжьеиԥш акы шаҵыҩуаз. Аҽа ԥыҭрак ашьҭахь, асду аамҭала ианауз, усҟантәи ҳажәлар рҭагылазаашьа уҳәа еидыскыло саналага, уи ус баша ишыргәаламшәоз аҟара еилыскааит. Аҵакы ҷыда зманы, ажәлар рыԥсҭазаараҿы ҷыдала иалукаартә иҟаз цәаҳәасҭак нзыжьыз акеиԥш избеит.
Асду ауит 1911 шықәсазы, амҳаџьырра ҟалеижьҭеи ҳауаажәлар реиҳараҩык ықәыӡәӡәаан изгоз ахәра еимамлацкәа. Ганкахьала иуҳәар алшон, ажәлар рхамҭа-рыԥсымҭаз акәын ҳәа. Аха ианрааз Кавказ иабжаз ажәлар рыԥсадгьыл аҿы, Анцәа иџьшьала, инхеит рышьаҭа, рдац. Абри аамҭа кьаҿ ала, зыԥсадгьыл аҿы инхаз ажәлар ирхыргаз акатаклизм иазхәыцыртә, иршәартә, ирзартә, арахь ицәырган ирымҳәацзаргьы, аӷацәа рыдагьы, дара рхаҭақәагьы, уинахыс рхы ианармыжьуа инхаз рхарагьы еилыркааит. Ажәлар егьа иақәшәаргьы, зегь раԥхьа рыԥсадгьыл иамоу рышьаҭа, рдацқәа ирызхәыцроуп. Усҟан, ажәлар реиҳарак урҭ ыҵыжәжәан, аҽакы иахьыԥшны рхы ахьынахаз ицартә иҟарҵеит, рыуаажәларгьы, рыдгьылгьы бжатәны.
Асеиԥш иҟаз асдугьы, абри аиԥш зхызгаз ажәлар рзы даара иԥышәара хьанҭахар ҟалон. Аха асду иаанарԥшит ажәлар рыԥсы шҭаз, рхы иахәар, зегьы еиқәдырхар шрылшоз. Рдац-ԥашә амч рнаҭартә ишыҟаз, ԥаса, ианыцәгьараха рхы ирзамырхәаз ретика ду, реихаҵгылара – зегьы рыԥсы ҭан, еиҭаҿыцхан, иарӷьажәҩахеит. Атрагедиа хьарҳәшьа анамам, ажәлар рхы агәрагара анырцәыӡлак, ирымоу амч рхы ианырзамырхәа, агәра анырымга ауп. Асду, иуҳәар алшоит, ажәлар еиҭарҿыхеит, иреиӷьны ирылаз зегьы еизнаркәкәеит, еиднакылт еицхыраартә, ргәыбылра еимырдартә, ишьҭибахыртә иҟанаҵеит. Арҭ зегьы, ауаҩгьы, ажәларгьы зда ихәарҭам мчқәоуп, ҟазшьақәоуп. Дырҩегьых агәра днаргеит, ауаҩы изгьы, ажәлар рзгьы раԥхьа игылоу, иара иԥишәахьоу, иара ибзиа, имч, идац-иԥашә аҟынтәи иаауа шакәу, уи агәра шгатәу, уи еснагь ишьҭыхны ирымазар шакәу. Убас ҟазҵаз ажәлар егьирахь иҟоу, адунеи зегьы аҟынтәи иааиуагьы иахьынӡахәҭоу рцәа иалалоит, рымч иаԥыршьуеит. Уи иахьагьы зегьы ирыдыӷәӷәало проблемоуп. Ажәлар рдацқәеи дареи рыдгьыли шаҟа иӷәӷәаны еимадоу аҟара, даргьы ӷәӷәоуп. Уаҳагьы аҽа мҩакы ыҟаӡам.
"Асду" аиҭаҭыжьра: Sputnik аҟны еиҭарҳәеит ашәҟәы аиҭаҭыжьра шыҟалаз
Уи иаанагом усҟан асду зыгәқәа арыцқьаз ажәлар, абзиа еиҳаны ирзынзыжьыз ашьҭахь, рпроблемақәа зегьы рҭак роуит ҳәа. Ус иҟалаӡом. Аҿиара – қәԥароуп. Ароман афырхаҵа хада ҳәа иуԥхьаӡаша Мсоусҭгьы аҭак хадақәа дышрышьҭоу дрышьҭоуп. Урҭ рзы усҟан иҟаз ажәлар злеибаркыз амчқәа рахь инагӡаны акгьы дадгылаҩым, ихатәы, ижәлар мацара ртәы дашьҭоуп, урҭ рдац-ԥашә амчқәа аԥхьа иргылоит. Убас иҟоу амчқәа ыҟазароуп жәларс ибзазо зегьы рҿы. Сажәа сроуӡеит аҟнытә, иара ароман аҩраҿтәи ауадаҩрақәа, аҽа вариантк абжара аҟара иҩны ишкасыжьыз атәы зыҩқәахьеит аҟнытә, уажәы салагом.
Насгьы, убри ахаҿсахьа хада иеиԥш, саргьы исҳәарц исҭахыз зегьы, зҵаарас исымаз зегьы рҭак шысзыҟамҵаз здыруеит, аха сара дунеихәаԥшышьалагьы иара сидгылаҩуп.
– Шәара шәҩымҭақәа инарҵауланы ирыхцәажәахьеит ҳаԥсуа критикцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: – Ш. Инал-иԥа, Хә. Бӷажәба, С. Зыхәба, М. Лашәриа, Р. Қапба, Вл. Аҵнариа, В. Дарсалиа, Ҭ. Џьапуаԥҳа, В. Бигәаа уҳәа убас ирацәаҩны. Даҽакала иуҳәозар, иахьатәи астудент, ма аспирант, мамзаргьы акритик, шәҩымҭақәа реилыргареи рыхцәажәареи иҭахызар, хымԥада, инапы "ахьҭишьша" маҷымкәа акритикатә статиақәа зҭоу "ашәындыҟәра" имоуп!.. Аха Шәара шәхаҭа урҭ шәышԥарзыҟоу, абӷацамкыраҿы лабашьара шәзыруама?!
– Уа уиашоуп. Сҩымҭақәа ирыхцәажәахьеит ҳлитератураҭҵаареи ҳакритикеи ахыбаҩқәа ҳәа ззуҳәашаҵәҟьа аӡәырҩы. Даара ҳаҭыр ақәҵан ирыхцәажәахьеит, еилдыргахьеит. Уи сара сзы акырӡа иаԥсоуп. Ус апрактикаҿгьы урҭ ирҳәоз, иҟарҵоз азгәаҭарақәа акырӡа исыхәеит, исыҵгәеит уинахыстәи сусураҿы. Уи сара сзы хашҭра ақәӡам. Егьирахь, аҩымҭа ахцәажәара атәы анаҳҳәа, ахаан исхамышҭуа иажәа ҭынха ссирқәан исзынхеит "Абас дузааигәан, аха дузгәамҭеит" иазкны, аԥсуа ҟазара ахаҭарнак ссир, актриса қәыԥш Аргәынԥҳа илҩыз. Уи рацәаӡак ыҟам, "Аԥсны ҟаԥшь" аномерк ианын. Ус аҩра, уаанӡа иҵаулаӡан аҟазарагьы, аԥсҭазаарагьы рнырра иҷыдоу, ишиашоу Анцәа излеиҵаз ида аӡәгьы илшом. Рыцҳарас иҟалаз, убас дышқәыԥшыз, убри илҩыз аҵыхәала ажәак ласҳәаанӡа, лыԥсҭазаара ҿахҵәеит, лара иҿахылҵәеит. Сара схаҭагьы, абри сгәаҟынӡа инеины акраамҭа ишысхьаауазгьы, изныз агазеҭ, сеиҷаҳан ишысҵәахуаз, исцәыӡит. (Сгәы иҭоуп, амилаҭтә библиотека архив аҿы исзыԥшаауазар ҳәа.)
1 / 6

Алықьса Гогәуа

2 / 6

Алықьса Гогәуа

3 / 6

Алықьса Гогәуа

4 / 6

Алықьса Гогәуа

5 / 6

Алықьса Гогәуа

6 / 6

Алықьса Гогәуа

Ашәҟәыҩҩы, аԥхьаҩ бзиа, ҳәарада, дзыԥхьахьоу рахь иҟоуп, ирласырласны игәалашәо, иԥсҭазаараҿы имҩалацәоу. Урҭ маҷӡам, еиҳа иреиӷьаушьо ҳәа уҵааргьы, алхрагьы мариаӡам. Сара имаҷымкәа исыҩхьеит "Ҳаџьы-Мураҭ" раԥхьаӡа сзыԥхьаз ҩымҭа дууп ҳәа. Уи иахьа уажәраанӡагьы, сзыԥхьахьоу рахь аԥхьа исыргылақәо иреиуоуп. Кавказаа рхақәиҭраз ақәԥара иахьазку мацаразы акәымкәа, иара асахьаркыратә ҳаракыразгьы. Анҵәамҭаҿы иҭахоит афырхацәа зегьы, аха убарҭ рықәԥашьа, рҭахашьа убас иаарԥшуп, урҭ аҵамхаӡеит. Иҭхаџьуа аԥсабара, ҵҩа змаӡам, аеҵәақәа еизыҳәҳәаны иназго аӡиас еиԥшу ажәҩан асахьа, абарҭ иҭахаз, аха иаҵамхаз рзы ипофеозуп.
– Ирҳәоит, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа, дара рҩымҭақәа рнаҩсгьы, ирлас-ырласны иззыхынҳәуа, бзиа ирбо авторцәа алырхуеит ҳәа. Урҭ, акалмаҳа ԥсыӡқәа реиԥш, дара "рҿышәҭақәа" рымоуп, уатәи реицәажәара, реигәныҩра дара рыда аӡәгьы издырӡом!.. Зынӡа имаӡамзар, адунеитә литератураҿы, иарбан ҩымҭақәоу Шәара ус игәхьааган шәыззыхынҳәло?
– Сара ианакәзаалак уи атәы сҳәоит, азеижәтәи ашәышықәсазтәи аурыс литературеи европатәи алитература инаваргылан, аҩажәатәи ашәышықәсазтәи америкатәи алитература бзиа избақәо среиуоуп. Аҟазара ҳаракы убас иҟоуп, џьара, америкатәи аштатқәа рҿы имҩаԥысуа адунеи зегьы ирзеиԥшхоит. Америкатәи ашәҟәыҩҩцәа зыҟны аус рымоу аԥсҭазаара аҷыдарақәа амоуп: Европантә, адунеизегьынтә инеиз аемигрантцәа, насгьы уа инхоз аборигенцәа ркультура, рдоуҳа Америка ҿыц акультура зегьы аҿы анырра ҟанаҵоит. Иаҳҳәап, сара зҩымҭақәа рылскаауа иреиуоу У. Фолкнер иепопеиа хада мҩаԥысуеит аиндеиаа рыхьӡ змоу, рбызшәак аҟынтәи зыхьӡ аагоу адгьыл – Иконапатофа. Аемигрантцәа иҟарҵаз аҳәынҭқарра дуӡӡа иаҵанакуа адгьыл аҿы, убриаҟара жәлары ргьама еилаԥсоуп, алитературатә ҩымҭа дуӡӡақәа уи рныԥшуеит.
Иара убас, иамыԥхьац аӡәыр шәыҟазаргьы, даара ишәыдызгалоит иара америкатәи ашәҟәыҩҩы Томас Вульф иҩымҭақәа. Уи ироман "Унаԥшы уҩнахьы, амаалықь" захьӡу сара иреиӷьасшьақәо асахьаркыратә ҩымҭақәа иреиуоуп.
Америкатәи алитература атәы анысҳәо, ианакәзаалак, урҭ рыкәшамыкәша иҟоу аполитика бжьазгалар сҭахым. Уи, еиҳарак аҵыхәтәан, уаҩы дахьрықәшаҳаҭхаша маҷуп. Адунеи зегьы ҳәынҭқарра мацарак ахылаԥшуа ҟалашьа амаӡам.
Аԥсуа литература аҟнытә, уи зӡом, раԥхьа исыргылоит Б. Шьынқәба иҩымҭақәа. Раԥхьа иргылан ипоезиа. Б. Шьынқәба даара иҳареикит аԥсуа бызшәа алшарақәа, аҷыдарақәа, уи иара убасҟак инаӡаны ихы-иԥсы иалан, зышьҭыбжь, зҵакы, зыԥшӡара иҭахыз ажәақәа ахьтәы ҵәҵәақәа реиԥш иаразнак рыбжьы иқәдыргон.
Насгьы, сара апоезиа убасҟак сазгагоуп, шамахамзар апоетцәа зегьы, схала саныҟоу, шәажәеинраалақәа сыбжьы ҭыганы срыԥхьоит, сестетикатә гәахәара ус аҭахуп.
– Ииашаӡам ашәҟәыҩҩы абас иазҵаара, аха сгәы иауам!.. Шәара заатәи шәҩымҭақәа, шәаныҷкәыназ иаԥышәҵаз, ҳарҭ ҳабиԥара, ҳхәыҷра иақәлоу, хынтә-хынтә, ԥшьынтә-ԥшьынтә ҳзыԥхьахьоу, гәыла-ԥсыла "иҩнаадахьоу" шәажәабжьқәеи шәповестқәеи – "Елана", "Шьха ԥшӡа", "Аси амацәыси", "Мшәагә Дуи Мшәагә Хәыҷи", "Хаха-хымш ныҟәа ахьыбжьоу", "Ашәаџьҳәаҩ" ракәу, ааигәа иаԥышәҵаз шәажәабжьқәа ракәу еиҳа шәгәы ззыразу?
– Ус иаалырҟьан исзарбом, аха абра зыӡбахә уҳәаз зегьы, исылшаз ахәыҷахьы иазхасҵақәаз иреиуоуп. Иара ус, зныкымкәа исҳәахьеит, абри еиԥш азҵаара анықәгылалак ажәабжьқәа рыла салагоит.
– Алықьса Ноча-иԥа, Шәара шәҩымҭақәа еиҭаргахьеит атәым бызшәақәа рахь ирацәаны, шәроман-рапсодиа "Асдугьы" урысшәала ҩынтә иҭыҵхьеит, аха зегьакоуп, Шәара шәбаҩхатәра иахьынӡахәҭоу ирыздырӡом, шәеиҭаган шәырнымлаӡацт аҵыхәтәантәи аамҭазы "ажурнал ҟәазқәа" ҳәа изышьҭоу – "Дружба Народов", "Новый мир", "Знамя", "Наш современник" реиԥш иҟоу. Сара издыруеит, Аԥсны Ҳџьынџьтәалатә еибашьра иалагаанӡа, шәҩымҭақәа реизгақәа хә-томк Москва иреиӷьӡоу ашәҟәҭыжьырҭақәа руак аҭыжьра азырхиара иалагахьан. Уи аибашьра еиԥнаҟьагәышьеит, аха уиаахысгьы, аиҭагара амҩақәа мап зырцәышәки?.. Насгьы, Шәара шәҩымҭақәа зегьы аурысшәахь ибзиаӡан цәаҳәанҵала Шәара шәхаҭа еиҭажәгоит, аиҭагаҩ иус шәырмариоит, анхаҩ иажәақәа рыла иуҳәозар, аиҭагаҩ изынхо – "аҩынтәрашәоуп!" Реиҳа ицәгьоу, "азнашәа" шәара ирашәаны шәалгахьеит!
– Аиҭагара аус сара сзыҳәа еснагь ихыхьын. Раԥхьа иргылан, иҟоуп аиҭагаҩцәа аҩымҭа ишырҭаху иазныҟәо, афактура убар иузымдыруа, дара еиҳа ишырзыманшәалоу иҟазҵо. Убас зны, сара алитературатә институт исыцҭаз, абаҩхатәра бзиа змаз, астилист бзиа ҳәа иԥхьаӡаз аӡәы, иара иҭаххан, сажәабжь еиҭеигарц игеит. Амыцхәӡагьы еиҭеикит уҳәартә иҟамызт, насгьы хәҭақәак даара дақәшәан иҟаиҵеит, аха еиҭакрақәак, даҽа стильӡак ахьалеигалаз аҟнытә, мап ицәыскит. Уаҳагьы сымԥан дықәсмыжьлеит. Егьирахь, цәаҳәанҵалатәи аиҭагагьы сара схала иҟасҵон. Уи цәаҳәанҵала ахьӡуп, аха еиҭагаҵәҟьоуп. Цәаҳәанҵала ажәеинраалаҿы иалҵуеит, аха апрозаҿы ҟаҵашьа амаӡам. Убри аҟнытә, даара сацклаԥшны иҟасҵон. Сҩымҭақәа реиҭагақәа зегьы аиҭагаҩ ҳәа зыхьӡ арбоу ихьӡ авараҿы сыхьӡ арбазар ахәҭоуп. (Ус иззыҟасымҵақәаз ыҟоуп.) Дара сеиҭагаҩцәа ирцәызӡаӡом уи. Сеиҭагаҩ хада дредактор бзиоуп. Уи изҩыз иаҳаҭыр баны астилистикатә редакторратә напы бзианы иахигоит. Уи азы иахьа уажәраанӡагьы ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Зегь дара роуп, ииашан ирҳәоит, аиҭагара аҩымҭахь ихоу амҩа ауп ҳәа. Уи амҩа нагӡаӡаны иахысхьоу дыҟамзар ҟалап.
Абзиабара, анасыԥ, аразҟыдара: аҳәса рлахьынҵақәа Алықьса Гогәуа ипрозаҿы
Егьирахь, ани быжь-томк, аҳәаанырцә бызшәақәа быжьба рыла иахьҭрыжьуаз ашәҟәҭыжьырҭа ссир ыҟан Москва, "Радуга" ҳәа. Уахь аиҭагаразы, аҭыжьразы аҩымҭақәа алызхуаз акомиссиа аус ауан. Урҭ, шықәсык ахь асовет тәылаҿы иҭыҵуаз, аурыс литературагьы, егьырҭ ажәларқәа рлитература еиҭагақәа рҟынтәигьы иалырхуан аплан иаларҵашаз. Урҭ, аҳәаанырцәтәи абызшәа хадақәа быжьба рыла иҭыжьны, адунеи зегьы иахьырыгӡон. Абри акомиссиа 1990 шықәсазтәи аплан иадырбеит сара сышәҟәы, урысшәала еиҭаган, аҭыжьырҭа "Советская литература" аҿы иҭыҵыз сповестқәеи сажәабжьқәеи реизга "Дикая азалия". Уи 30 кьыԥхь бӷьыц раҟара ыҟан. Иансаҳа, изӡом, даара сеигәырӷьеит. Инақәырццакны аиспан бызшәахьы аиҭагаҩ дааит, аиҭагареи аҭыжьреи рзы аиқәышаҳаҭра ҳнапқәа аҵаҳҩит. Мчыбжьык ала англыз бызшәахьы еиҭазгоз даарц дшыҟаз, иаагылт. Асовет Еидгыла мыжда еилаҳауа ианалага, иара еиҿнакааз зегьы хыбго иалагеит. Аҭыжьырҭа ссир "Радуга" ааныркылт, нас шықәсык аҩнуҵҟала зынӡа иадыркит.
Усҟак сгәы иалсуаз сырҿиартә ԥсҭазаараҿы сақәшәеит, иахьа уажәраанӡагьы аҵәымӷ еиԥш сгәы иалоуп. Ус, иара Москва ԥшьба-хәба бызшәа рыла иҭыҵуаз альманахқәа рҿы сажәабжьқәа ркьыԥхьхьан, аха ари аҽакы еиԥшмызт. Аибашьра ашьҭахьтәи сажәабжьқәа ирылкаау рахьтә "Амра аԥсы шҭаз" Д. Наҷҟьебиа еиҭеигеит, ишиашоу аоригинал аҟнытә. Ибзиангьы еиҭеигеит, даара иҭабуп ҳәагьы иасҳәоит.
Аиҭагара ус иныжьтәым, аус азутәуп. Иара Алитературатә институт аҟны ԥасеиԥш ус иҟоу афакультетқәа нханы иҟазар, убригь еилкаатәуп. Аиҭагара аҿиара зда ԥсыхәа амақәам иреиуоуп. Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла еиԥшу аидгылақәа убасеиԥш аусқәа рыҟаҵатәқәа зегьы раԥхьа игылазароуп. (Ԥаса Алитературатә институт аҿы аиҭагаразы аҵара зҵаз, шамахаӡак акәымзар, изеиҭаагарызеи, ҳара ҳхаҭа иаҳмыҩуеи, ҳара ҳзеицәада рҳәазшәаҵәҟьа, уи ала иалгеит. Урҭ рахьтә иҟан даара абаҩхатәра змоу аҩҩцәа, аха аиҭагара аӡәгьы дахьаламгаз иазырԥшӡом.)
– Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы сара иҭыҵхьоу ажурнал "Алашара" аномерқәа сахьыргәылоу, исԥыхьашәоит Шәара еиуеиԥшым ашықәсқәа раан ижәҩыз астатиақәеи, аиҿцәажәарақәеи, аочеркқәеи маҷымкәа. Урҭ еизгазар, ишаанагара иҟоу шәҟәык ҟалоит!.. Насгьы, дара даара гьамаҳаракыла иҩуп, Шәара шәнапы иҵыҵуа егьырҭ аҩымҭақәа зегь реиԥш, иҵаулақәоуп… Ус анакәха, урҭ реидкылара, шәҟәыкны рҭыжьра хымԥада иахәҭоуп, Шәара уи уажәы аамҭа шәымамзаргьы, ма аӡәы инапы ианҵазар?
– Урҭ зегьы ҵакылагьы ҩышьалагьы еиҟарамзаргьы, акьыԥхь збахьоу еизганы хазы иҭыжьзар зҭахымда. Л. Чамагәуа даара дацклаԥшны зҭыжьра аллыршаз хә-томк сҩымҭақәа рнаҩс, аизгараҿы, аҭыжьраҿы уажәраанӡа иҟаҵоугьы зыбзоуроу, Толиа, уареи Даур Наҷҟьебиеи шәоуп. Уи ус баша исхашҭӡом, даара ҳаҭыр сзақәуп.
– Алықьса Ноча-иԥа, Шәара ашәҟәыҩҩра анаҩсгьы, ауаажәларратә усураҿгьы даара акыр аџьабаа жәбахьеит. Раԥхьаӡа "Аидгылара" ахы анакы, Шәара шәоуп акыршықәса хантәаҩыс иахагылаз. Иахьа ииашаҵәҟьан изҳәо рацәаҩуп, усҟан "Аидгылара" иарҿыхаз, зшьапы иқәнаргылаз, иазыҟанаҵаз ажәлар роуп, уи ашьҭахь иҟалаз Ҳџьынџьтәылатә еибашьраҿгьы аӡәк реиԥш еидгылартә иҟазҵаз ҳәа. Уи аҩыза ахәышҭаара ду аԥхарра иаразнак инырит Жәлар Рԥыза Владислав Григори-иԥа Арӡынбагьы. Убри азоуп, иара иеиԥш иҟаз, зҿаԥыцгьы, згәаӷьгьы, зыхшыҩгьы ӷәӷәаз Аԥсны данаҭахыз, Аԥсназы даныхәшәыз аамҭазы, дызцәырҵыз! Шәаргьы иаразнак игәашәҭеит уи акрышилаз, уинахыс, шәагьеиҩызцәахеит!
– Аԥсуа интеллигенциа иреиуоу, еиҳарак иҿаз рыхәҭа, шамахақәак ракәымзар, аӡәгьы днаскьаны дымгылеит уажәы амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ҳәа иааидкыланы иззаҳҳәо иҽалеимырхәкәа. Ииашан, ахеидкыла "Аидгылара" иҟанаҵаз, иалшаз рацәоуп. Уи аусурамҩа ҭоурыхмҩоуп. Уаҩҵас, обиективла аҭоурых ҭызҵаауа уи аҭыԥ аҭоурых аҿы иаанырмыжьыцт. Еизнакит, еиҿнакааит уи аҭоурых ус ду, изҿагылаз амчра аныӷәӷәаз, ианшәарҭаз аамҭазы. Уи иалшаз аус хадақәа иреиуан иара Владислав Арӡынба ихаҭа Жәлар рдепутатс иҟаҵара, уинахыстәи иполитикатә ус ду аҿгьы идгылара, ицхыраара. Аиашаз, "Аидгылара" еиднакылт акрыздыруаз, акреилызцоз, агәамч змаз, имшәоз, имхьаҵуаз аҵеицәа.
Арадио
Гогәуа "Аидгылара" азы: ҳажәлар рыҿиараҟны хсаалара зуа аҭоурых иахәҭакуп
Ҳәарада, асеиԥш иҟаз, усҟак зыҽзырҭбаауаз, усҟантәи амчрагьы ианамуӡалак изхамыҵгылар амуаз ахеидгылаҿы, аиқәымшәарақәагьы ҟалон, аиҿагыларақәагьы, иара иатәымкәа иаланагалазгьы ыҟан, аха ахеидкыла агәыцә убасеиԥш еибаркын, иӷәӷәан, ауси аиашеи ишрықәнагаз ада, аҽакала зҵаарак аӡбара алдыршомызт. Уа, еиҭасҳәоит, ари аҭоурыхтә хеидкыла иалан акрыздыруа, апринцип змаз, зажәа иамеижьоз аҷкәынцәа. Урҭ рахьтә, даагозар Зураб Ачба, уи иҟынӡа иҟаз ауаажәларратә политикк иԥшаара мариамызт. Абри аганахьалагьы, уи аусушьа, аԥышәа иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы ашьақәгылараҿы ихәарҭоуп. Ииасхьоу, иҭоурыххаз еиҳау рҵага ыҟаӡам, убраҟара аиаша шиашоу иахьҳәатәу, иахьыхьчатәу ҟалаӡом. Ҳара ҳҭоурых аҿы, саҭамзааит, макьана уи иахьагьы иахьагқәоу ыҟазар ҟалап. Ақырҭуа ҭоурыхҩҩцәа еснагь ҳҭоурых ахьеиларгоз, инарҳәаарҳәны иахьадырбоз ианаршьцылаз рышьҭахь ҳаргьы маҷк аиаша ҳавсыр егьоурым ҳәа згәы иаанаго нхазшәа збоит. Аҭоурых аҿы амаҷ ыҟаӡам, амаҷ усс иумкыр, узавымсуа идухоит, умҩа акуеит.
Ҳәарада, "Аидгылара" сыԥсҭазаараҿы иаҵанакыз маҷым, аха уи атәы ишақәнаго сахьаркырала аума, публицистикала аума, аҩра сахьымӡозар акәхап. Аӡәырҩы, иара иалахәыз рахьтәгьы, уи аусура армаӷьырма иахәаԥшуа, еилызкаауа, аус анауазгьы иаԥырхагаз иахьагьы иҟоуп, аха, уеизгьы, уи атәы ишақәнаго иҭызҵааша, изҩыша ҟалап ҳәа агәыӷра ыҟоуп. Имгәыӷкәа иԥсхьада.
– Ҳаицәажәара инагӡаны аҿахәы азҳәом иахьа имҩаԥысуа ҳаԥсуа литературатә процесс ҳаламцәажәакәа… Насгьы, Шәара уи профессионалтә литераторк иаҳасабала шәалагылеижьҭеи уажәшьҭа хынҩажәа шықәса инареиҳаны иҵуеит! Ибзиаӡан ижәдыруеит иарбан жанру еиҳа иԥсыҽу, иарбан еиҳа аԥыжәара змоу, ҳгәы даара ишаҳнархьуагьы, уи аҩыза аҳәара, ҳлитературатә критика зынӡа ашьапқәа "еиҵыхны итәеит", аӡәык-ҩыџьак шықәсыкахь знык-ҩынтә ак зыҩуа – Руслан Қапбеи, Владимир Агрбеи, Валентин Кәаӷәаниеи, Виачеслав Кәаӷәаниеи алаҳамҵозар… Апроза акәзар, еиҳарак ажәабжьқәа рзы ҳӡышоит!.. Ажурнал номерк еиқәиршәарцаз аредактор ԥшьба-хәба жәабжь анимам, зшьапқәа ҿаҳәаны асцена иқәырҵаз акәашаҩ диҩызоуп!.. Сара сақәшаҳаҭым ааигәатәи ашәҟәыҩҩцәа Реизара Ду аҿы уаанӡатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Анзор Мықәба анкьеиԥш ажурнал "Алашара" шықәсык ахь жәаҩантә иҭыҵуа иҟаҵатәуп ҳәа ииҳәаз… Зегь раԥхьа иргылан иҳәатәуп, урҭ ахькьыԥхьуа алитературатә журналқәеи агазеҭқәеи рхыԥхьаӡара ишацлаз, ажурнал "Аҟәа", агазеҭқәа: "Аамҭа", "Еҵәаџьаа". Ус анакәха, урҭ ашәҟәыҩҩцәагьы дасу иахьиҭаху иҩымҭақәа икьыԥхьуеит…
– Раԥхьа иргылан иҳәатәуп, ҳлитература ахаҭа, ахцәажәара иазку акьыԥхьразы ҳшымаџьанам. Егьирахь, ҳлитератураҿы имҩаԥысуа апроцессқәа зегьынџьараҵәҟьа урхыҽхәартә иҟамзар ҟалап. Ажанрқәа рыҿиара мацара акәым, зышьақәгылара апроцесс макьана инымҵәац ҳамоуп. Сара сгәаанагарала, ҳара ҳҿы еснагь апоезиа аԥыжәара аман, зны-зынла ахыԥхьаӡара мацарагьы акәымкәа, ахаҭабзиараҿгьы. Иахьа ишыҟоу ахыԥхьаӡараҿы акәу, асахьаркыратә ҩаӡараҿы акәу, ус ирдыруазаргьы, иҭҵааны аӡәгьы уи атәы имҩыц. Ҳакритика еснагь аинформациатә материал еиҳа анапаҿы иааиуан. Иаҳҳәап, иара Р. Қапба уи аҿы илшахьоу, иҟаиҵаз хәы амаӡам. Аха ҩымҭак, еицырдыруа жәеинраалак акәзааит, инеиҿыршәшәаны, инарҵауланы анализ азуны, иахәҭоу алогикеи иара атерминологиагьы агымкәа аус азура аганахьала еиҳа ҟаҵатәуп. Хаҭала аӡәы акритика изуны игәы нмырхакәа ахыкәшара ишаҿу, алитература зегьы иалҵны иҟоу ашәырақәа акыр еиқәыло иаауеит.
Алықьса Гогәуа: збызшәа ззымдыруа, даҽа бызшәак нагӡаны ҵашьа имаӡам
Адунеи зегьы аҿы, атехнологиа ҿыц, егьырҭ аҿиарақәа, акаҳарақәа, агыларақәа ирыхҟьаны, алитература аҭагылазаашьа даара аҽаԥсахит. Уи ҳара ҳҟынӡагьы иааӡоит. Уажәы ара, урҭ зегьы ртәы ҳазҳәом, аха игәаҳҭалароуп, иҭаҳҵаароуп, аамҭа ҳаҵамхалароуп. Ашәҟәыҩҩцәа дасу иахьырҭаху дкьыԥхьуоу, дзымкьыԥхьуоу, ус ажәаҟынтә иҳәоу сыздырам, аха алитература ахаҭа аизҳашьа шыҟало, иаанашьҭуа "аҽаҩра" шаҟарахо, изеиԥшхо иаӡбоит ажурналқәа есымза иҭыҵлар акәу акәму. Егьирахь, еиҭасҳәоит, ҳара ҳлитература еснагь даара иаҭахуп акритика ацхыраара, уи иҟанаҵароуп жанрк хар амамкәа изыҿио, егьи заҵахо уҳәа акыр зҵаара рҭакқәа. Иаҳхамышҭыроуп акритика, аестетика – философиоуп, ашьаҭа аҟынӡа алаԥш иалнадозароуп. Насгьы, алитература аҩныҵҟа еснагь имҩаԥысуазароуп, асахьаркыратә ҟазаратә ҵара, аилыргарақәа, апрезентациақәа, аԥхьаҩцәеи аҩҩцәеи реиԥыларақәа. Урҭ зегьы даара ихәарҭоуп.
– Абраҟа имҳәакәа ҳзавысуам, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, агазеҭ "Аԥсни", ажурнал "Алашареи", егьырҭ ҳкультуратә хәышҭаарақәа даҽа ԥыҭки, шықсыки бжаки инарзынаԥшуа раахыс аамҭала ҳәа рыбиуџьетқәа шхырҵәҵәаз… Ҭоурыхла излаадыруа ала, аҳәынҭқарра зынӡа иаҿанакӡаргьы, адоуҳа-культуратә хәышҭаарақәа ираҩсуеит, уимоу, хашәалахәы хәыҷык анаароулак, иахьатәи ала зынӡа имаҷӡоу руалафахәқәа иахьрыцырҵаша иашьҭазароуп… Усҟантәи афинансқәа рминистр дҭарԥшны ҳапроблемақәа зегьы лзеиҭаҳҳәеит, аха иҟалҵашаз ҟалҵахьан!.. Ҳгәы иаанагоит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымбеи ашәҟәыҩҩцәеи раԥхьатәи ҳаиԥылараҿы абри азҵаара анықәҳаргылалак, хымԥада ииашан дахаҵгылап ҳәа. Шәаргьы уаҟа шәажәа шәҳәозар акәхап…
– Уи, иаҳҳәап, министррак, ма чынуаҩык ихы иҭашәаны иҟаиҵозар, иаразнак зегьы ирбартә, ираҳартә дахьырхәтәуп. (Абжьарауаа аҳәынҭқарра системаҿгьы аусқәа аныбжьырхуа ыҟоуп.) Раԥхьа иргылан, уи иаанаго, ас дзызныҟәо акультура акәым, иара икультура шылаҟәу ауп. Уаҩҵас аҳәынҭқарра амаҵ зуа, абасеиԥш иҟоу асферақәа дышрыцхрааша иԥшаалароуп. Избанзар, абасҟак аҳәынҭқарразы, ажәлар рзы аҵакы змоу асферақәа рбиуџьет, руалафахәқәа, ргонорарқәа еснагь ихьысҳауп. Ҳара иахьа зышьақәгылара, зеибыҭара ҳаҿу аҳәынҭқарра, асеиԥш иҟоу азҵаарақәа, ԥаса, ҳхы ҳанақәиҭымыз, амчрақәа иладырҟәуаз, уажәы еиҳа ирыцхраатәуп. Иҳаӷаз еиҳа иахьҳахьуаз рдыруан, ҳара иаҳзымдырыр, иахьыхьмыӡӷу мацара акәым, даара иаҳԥырхагоуп. Асеиԥш иҟоу ацәырҵрақәа, раԥхьа иргылан, Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, дара ашәҟәыҩҩцәа иаразнак рыбжьы ақәдыргароуп. Агәра ганы сыҟоуп еиҳау аиҳабыра уи ишақәнаго ишырыӡбо.
– Шәара еснагь шәылаԥш ҵар рхуп ҳлитературатә ҿар… Урҭ ажурнал "Алашара" аҿы ирлас-ырласны иаҳкьыԥхьуеит, уимоу, иреиӷьӡоу рҩымҭақәа рзы х-жанрк рыла, иреиӷьуп ҳәа ажиури иалыркааз шықәсык ахь знык апремиа рзаԥҵоуп!.. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аамҭа уадаҩ иахаразар акәхап, даргьы маҷк рҽырԥсаҟьацәеит, анкьа "Алашара" аҿы традициа бзианы ишҳамаз еиԥш, шықәсыкахь знык актәи аномер дара рҩымҭақәа рымацара ираҳҭартә еиԥш изыҟамлеит, номерк шеибгоу "ирзышьҭыхуам". Иҟалап, Шәара шәеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩцәа ражәа, рԥышәа рымадара ирлас-ырласны ирҭахызар… Уи Шәара есымшагьы шәшазыхиоу аадыруеит…
– Анцәа иџьшьала, апоезиа, апроза, алитератураҭҵаараҿгьы аҿар ыҟоуп. Уа иаҭаху зегьыҵәҟьа ҟаҵамзаргьы, азҿлымҳара рымоуп. Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы, ажурнал "Алашара" аредакциаҿы уҳәа. Избарц зҭаху ибартә иҟоуп "Алашара" аредакциаҿы аханатә аҿар даара азҿлымҳара шрымоу. Анатоли, хыла уара, урҭ имаҷымкәа ажурнал адаҟьақәа ахьырзышәкуа адагьы, аусурахь иудукылоит, аредакциа аус иалаурхәуеит, абаҩхатәра бзиа змоу, акьыԥхь аиҿкаара аганахьала иахьатәи атехнологиа знапаҿы иааиуа. Иааидкылан, ажурнал аҿы аусура, иара ишақәнаго аҭыжьра, иақәнаго алхны анҵара ҟазароуп. Уи зегьы рыла иааӡагоуп, насгьы, ҳлитература иаҵанакуа акьыԥхь атәы здыруа еснагь ихианы иҳамазароуп. Еснагьеиԥш, иахьатәи аҿар рахь еиҳауп ажәеинраалақәа зыҩуа, иҟоуп апрозаҿгьы зымч ԥызшәо. Сара еснагь сыԥшуп, аҿар рганахьала адраматургиа аҿгьы аӡәы дцәырҵып ҳәа, аха уа иахьынӡаздыруа егьыҟам. Убри акы азыӡбатәуп. Ма аинтерес дзыркыша, аҿар мацара злахәу конкурсқәак мҩаԥгатәуп. Апоезиаҿы абаҩхатәра зныԥшуа ацәырҵрақәа ыҟоуп. Зегьы ирыгу ҳәа сгәы иаанаго ртематика аӷарреи, иахьа, ақалақь ахь иааз ахьырацәоу аҟнытә, абызшәаҿы иҟоу аамҭалатәи (ус сгәыӷуеит) аҭагәҭасрақәа ахьырныԥшуа, иахьырԥырхагоу, апоезиатә хшыҩ бзиақәа иара убас ибзианы, иагәылыршәан рбызшәа иахьазышьҭымхуа ахьырацәахаз ауп.
Кан Ҭаниа даԥхьеит Алықьса Гогәуа иажәеинраала
Апрозаҿгьы ирацәақәоуп аскетч ҟазшьа змоу, апоезиатә ритмика злагалоу аусумҭақәа. Аԥсҭазаара ахаҭаҵәҟьа иаалхны, иԥхеиԥхеиуа, аԥсы зханы иҟаҵоу апроза еиӷьуп алагамҭаҵәҟьазгьы, уинахысгьы. Асахьаҭыхҩы раԥхьа анатура аҭыхшьа иҵароуп, ус баҩ злам ашәыгақәа егьа еилоуԥсаргьы изҟазарахом. Аҿар бзиа саҭарымҵап ҳәа сыҟоуп ас иаахыжәжәацәаны сахьцәажәо. Аха сара сызҿу аҩра зҽазызкыҵәҟьахьоу, игәарҭартә иҟалахьоу роуп. Урҭ иаахтны ирацәажәалатәуп, арҿиара ус, аҟазара ус ҿырԥшӡагам, хәмаррам, иус дууп, аџьабаа ацуп, уԥсҭазаара зегьы аҭахуп. Срықәныҳәоит ҳҿар, ҳажәа акапан, аҳаҭыр ашьҭыхраҿы иреиӷьу аихьӡарақәа рзеиӷьасшьоит!
– Шәара шәажәа ҳажәлар рҿы есымшагьы инеиуан, иахьагьы амч амоуп… Уи даҽазныкгьы агәра ҳнаргеит аҵыхәтәантәи аиҿагыларақәа рыламҭалаз, аԥсуа телехәаԥшрала иҟашәҵаз ацәажәара бзиа… Уи, ажәлар архәыцит, иреилнаркааит иҟарҵо ашьаҿа шшәатәу-ишзатәу, иахьатәи ҳҳәынҭқарра, уаҵәтәи уи аԥеиԥш ахӡыӡаара шаҭаху, насгьы, аус злоу, ахықә аҟны инеиаанӡа, Анцәа иҟнытә, дара-дара еилибакааит, ирзеиԥшыз, аҩганкгьы зықәшаҳаҭыз акы иазаиит…
– Уи сықәгылара кьаҿ експерементк еиԥшын. Ихәарҭоу акык-ҩбак сызҳәазар, Анцәа иџьшьоуп. Ара урҭ азҵаарақәа инарҭбаан рзааҭгылара залшом. Иара усгьы сажәа сроуӡеит. Раԥхьа иргылан, дызусҭзаалак, абасҟак зҵазкуа, ҳажәлар, ҳҳәынҭқарра, урҭ рзы икаҭәахьоу ашьа, ҳԥеиԥш зҵазкуаз азҵааразы ашьаҿа ҟазҵарц згәы иҭазкуа, даара дзызхәыцхьоу, ишәаны-изаны иҟоу аҳәатәы, аутәы имазароуп. Ус, аӡәы акы иҳәеит, аӡәы абас игәы иаанагеит, идгылатәуп ҳәа мацара акәымкәа. Ара еиҭасҳәахуеит, ҳазҵаарақәа консенсусла, ҳаизааибаган, аха Аиаша ҳавамгылакәа иҳаӡбароуп. Егьырҭ зегьы неиԥымкрада, неиҩымсрада аусура иаӡбароуп. Ҳадгьыл, иреиӷьу, иахьауажәраанӡа ҳаазго ҳажәлар рҷыдарақәа, рыҟазшьақәа, ишахәҭоу ҳхы иаҳархәар, убарҭ ҳрықәныҟәан аҿатә ԥсҭазаара иалархәны ҳаԥсҭазаара ҳзеиҿкаар, иҳашьҭанеиуа аҵеира насыԥ рыман, аказы рхы иахамышшаауа аҭагылазаашьа рнаҭоит. Уи ҳтәыла анҭыҵ, адунеи аҿгьы ҳаҳаҭыр шьҭнахуеит, ҳагьахьчоит. Ҳара ҳҭагылазаашьа зегьы иҳаднаҵоит, апафос ацзаргьы, аӡәы зегьы рзы, зегьы аӡәы изы ҳәа, ҳашьҭибахуа ҳаҟазарц.
– Николаи Гоголь иҿцәажәарақәа руак аҿы зны џьара иҩхьан, – "Ненаписанные книги – мои небесные гости" ҳәа! Ииашаҵәҟьан, саргьы агәра згоит, Шәара, уажә зкьыԥхьра ҳаҿу шәроман анаҩсгьы, ҳаԥхьаҩцәа зыргәырӷьаша "ҭаҵәах бзиақәак" шшәымоу!
– Аҭаҵәах умаҵәҟьазар бзиоуп, аха сара ицәырсымгац, сызлымгакәа инхаз роуп. Урҭ ртәы сҳәахьеит, изыҩхьеит. Зтәы сымҩыц, аибашьра ашьҭахь, акыраамҭа рықәырӡны пиесақәак зҩит. Сырнахан иахьнышьҭасҵаз, уаҳа срыламкьысит. Ҳтеатр усҟантәи аҭагылазаашьа схьаауан, арҭгьы асценахь рнагара амуазар акәхап ҳәа азысыԥхьаӡеит. Егьирахь, зыӡбахә сҳәахьоу ароманқәа аус рыдызулоит исылшо ала, аха сымч ахьынӡазхо сыздырам. Ашықәсқәа дара ртәы ҟарҵоит. Насгьы, ажәабжьқәа, абри бзиа избо ржанр аҿы аус зулап, убас апублицистикаҿгьы. Егьирахь, ишҭаҵәахыз инхаҵәҟьаз, ус ажәаҟынтә исҳәом, изҩырц исҭахыз, схы ишҭаз, сгәы ишҭаз, зыхҭысқәеи зхаҿсахьақәеи иахьагьы-уахагьы игәеигәеиуа иқәхаз, ус исҭаауа роуп. Урҭ рахьтә иҟан акыр иӡбаз, зсиужетқәа шьақәсыргылахьаз ахҭысқәа ныҟәызгои сареи ҳаибадырхьаз апроектқәа, аха еиҳа аамҭа ансоуа, еиҳа саныманшәалахалак ҳәа ишынаскьазгоз исцәынхаз. Урҭ нхаӡагәышьеит.
"Ажәа ухаҵкы": ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 85 шықәса ихыҵра азгәарҭеит
– Алықьса Ноча-иԥа, Шәара сынтәа шәымшира Аԥсны ныҳәа дук еиԥш инарҭбаан иазгәарҭоит! Ииашаҵәҟьан, иагьныҳәа дууп, избанзар, ҳаԥсуа литератураҿы, ҳапрозаҿы, иреиҳаӡоу аҳаракыраҿы инаганы рыӡбахә рҳәахьеит Шәара шәажәабжьқәа, шәповестқәа, шәроманқәа!.. Аҵыхәтәан, исгәаласыршәар сҭахуп, Шәара хынҩажәа шықәса анышәхыҵуаз, зқьи жәшәи ԥшьынҩажәи жәаҩа шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра еиҿнакааз ахәылԥаз аҿы Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ишәзикыз иажәа ԥха аҟынтәи хәҭак: "Акыр иаԥсоу Алықьса! Даҽазныкгьы иудысныҳәалоит умшира, иузеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, аԥсҭазаараҿы аманшәалара, агәырӷьара! Жәҩан икыдыӷӷала икыду аеҵәа шеишеиқәа цҳаражәҳәара саарышьҭызшәоуп агәра ганы сшыҟоу; уаԥхьаҟагьы уара иаԥуҵараны уҟоуп аҩымҭа ҟаимаҭқәа, урҭ рылагьы иургәырӷьалашт узлыҵыз ужәлар!"
- Егьирахь, сиубилеи азгәаҭара еиҵызхыз, ишалагаз мацара ала, иара акомиссиа иаларҵаз рыла мацара исыԥхьаӡоит, даара ҳаҭыр сықәырҵеит ҳәа. Уи, сара исылшар, сзацныҟәар, иара убас ҳаҭыр ақәҵан ишымҩаԥыргаша агәра згоит.
Баграт ду иажәақәа, ҳәарада, сара сзы ианакәзаалакгьы акыр рыҵаркуеит, даара хәы змоу ракәны исыԥхьаӡоит. 50 шықәса схыҵра иазкны имҩаԥыргаз сиубилеи иара дахагылан, иара имҩаԥигон. Иахаану иргәалашәоит. Иахаанымгьы ираҳартә ҳаҭыр ақәҵан имҩаԥигеит. Толиа, даара иҭабуп, абри еиԥш инеиҵыху, гәык-ԥсыкала еиҿукааз аиҿцәажәаразы. Ажьаӷьырҩагаҵәҟьа скылухит, уи иаҵыҵыз агьамеи амчи зеиԥшрахо сыздырам аха!
(Ианҵан 2017 ш.)