Алықьса Гогәуа: збызшәа ззымдыруа, даҽа бызшәак нагӡаны ҵашьа имаӡам

© Foto / Сырма АшәԥҳаАлықьса Гогәуа
Алықьса Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа аԥсуа бызшәа аҿиаразы игәаанагара ҳацеиҩишоит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ажәлар жәларны иҟазарц азы ирымазароуп рхатәы бызшәа. Абызшәа ауаҩы ибжоуп, ауаҩы дуаҩызтәқәаз иреиуоуп. Збызжәа зцәыӡыз ажәларқәа, милаҭк аҳасабала, адунеитә хсаала ианыӡаауеит. Убас ҟамларц азы, зхы ҳаҭыр ақәызҵо, жәларык аҳасабала ахеиқәырхара здыруа ажәларқәа, даара рбызшәа рыхьчоит, иахӡыӡаауеит, рыбла ҷыц еиԥш иазыҟоуп.

Ажәлар хәыҷқәа рбызшәа анаҩсгьы, ажәлар дуқәа рбызшәа еиздырҳауеит. Абызшәа ианакәызаалакгьы ашәарҭара ацуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы ижәдыруеит,  адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы, ауаҩы иҩны дшыҩнатәоу, иарбан бызшәазаалак ала иаҳарц илшоит. Зыхдырра ыҟоу ажәлар, ианакәызаалак рбызшәа рыхьчоит, еиҷаҳауеит. Абызшәа ахаҭагьы ахыхьчарақәа аман.

Оқҭаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Оқҭаи Ҷкотуа: ҳара ҳхыԥхьаӡара егьа имаҷзаргьы, уи абызшәа ашәарҭара иҭанаргылаӡом

Аӡиасқәа анаҟәақәа рыԥсы шҭарҵо еиԥш, аӡы шаауа еиԥш, абызшәа иарҿиоз рацәан: амифологиа, ажәабжьқәа, алакәқәа, ахҭысқәа, аепос дуқәа уҳәа. Убарҭқәа ауаа рыларҵәараҿы, абызшәа арӷәӷәаразы даара акраҵанакуеит. Ишнеинеиуаз убас еиԥш аамҭа еиҭасрақәа ҟалеит, аҩыра змамыз ажәлар, еснагь ашәарҭара иҭагылан.  

19-тәи ашәышықәсазы аҩыра ҟаҳамҵазтгьы, ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа анаҳамҵазтгьы, алитература шьақәҳмыргылазтгьы, иахьа ҳҭагылазаашьа зеиԥшрахоз? Абызшәа уажәы ҳшалацәажәоз иҟалаӡомызт. Ҳәара аҭахума, убарҭқәа зегьы рыбзоурала, ҳбызшәа акыр иазҳаит, акыр аҽарҿыцит.

Аинтеллигенциа аамҭа уадаҩ ианҭагылаз, мчыла ҳбызшәа бжьадырӡырц анырҭахыз, даара аԥышәара ҟарҵон, аха хәыҷык аԥсцарҭақәа аныҟала, ахархәара аиуа иалагеит. Ацивилизациа иаанаго акультура, абызшәа ҿыцқәа рахь иаго иалагеит ҳҿар. Егьа бызшәа удыруазаргьы, ухатәы бызшәа аԥхьа иургылароуп.

Аԥсуа бызшәа иазку азакәан ҳнықәныҟәаны ҳҿынаҳхароуп, ҳбызшәа аус ауа иҟалароуп. Аҳәынҭқарра уасхырс иамзароуп ахатәы бызшәа, аиҳабыра уи усугатә бызшәаны ирымазароуп, амч амазароуп. 

Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа, абызшәа аганахь ала рҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп. Аха, ҳара Аԥсны инхо ҭабуп ҳәа раҳҳәартә еиԥш рхы аадырԥшит. Ашколқәа рымамакәа, аҩыра рымамкәа, дара рхала мацара, ишаԥсыуаау дырны, рбызшәа аиқәырхара иашьҭоуп.  

Срнер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Сонер Гогәуа: абызшәа ззымдыруа, изҵарц агәаҳәара зҭаху, хымԥада иҵоит

Сара излаздыруа ала, даргьы ашәара рымоуп уи аганахь ала. Аԥсуа дахьыҟазаалакгьы, анхаҩы инаиркны аинтеллигент иҟынӡа ихәыцра иалазароуп иара милаҭла дшаԥсыуоу, аԥсуа жәлар дшырхылҵшьҭроу, аԥсуа жәла шимоу. Зхы пату ақәызҵо, зхы ҳаҭыр ақәызҵо ауаҩы, иҩны аԥсшәа аҷҷаҳәа иҩныҩуазароуп. Аԥсуаа ишырҳәо еиԥш: "Атәым рбаӷь ааины аҩнатә рбаӷь дәылнамцар ауп". Ажәлар ҳхы еиқәҳархоит ҳәа мацара азы акәӡам ахатәы бызшәа зрымоу.

Зқьышықәсала ажәлар ирҳәо акоуп, абызшәа ажәлар рцәеи-ржьи иахәҭаны иҟалахьеит. Убри аницәыӡ, ауаҩы дыбжахоит. Збызшәа ззымдыруа, даҽа бызшәак нагӡаны ҵашьа имаӡам. Абызшәа ауаҩы агәахәара инаҭоит, аԥсеиԥш ихоуп. Иҟоуп ажәларқәа даҽакала зҽеидызкыло, аха ҳаидызкыло ҳәа иҳамоу ҳара ҳбызшәоуп. Аҳәаанырцәынтәи арахь зхы хоу рацәаҩхар, абра ҳаизҳар, ҳбызшәа амч ӷәӷәа аиоуеит, ҳдиаспора рыҩныҵҟагьы иӡӡом.

Уахьгьы ҳаҟамкәа, арахьгьы ҳаҟамкәа ҳанықәха, даара ҳҭагылазаашьа уадаҩхоит. Збызшәа зцәыӡыз ауаҩы, аҵла гәаҩа иҭыҵыз диеиԥшхоит. Аха  сара сгәы излаанаго ала, уи аԥсыуак ихы иаҭәеишьарым. Ҳара ҳабзиахар, ҳҭагылазаашьа ҳазхәыцҵәыҟьар, ҳәара аҭахым, ҳбызшәа аҭыԥ аҿы инхоит, акультура аизырҳараҿы иаҳмыцхраауазар, џьара иаҳԥырхагахараны иҟаӡам. 

Ажәабжьқәа зегьы
0