Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа "Аидгылара" азы: ҳажәлар рыҿиараҟны хсаалара зуа аҭоурых иахәҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАлексей Гогуа
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩы Алықьса Гогәуа арадио Sputnik аҟны аидгыла 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы уи аҵакы дазааҭгылеит.

Гогәуа "Аидгылара" азы: ҳажәлар рыҿиараҟны хсаалара зуа аҭоурых иахәҭакуп
"Аидгылара" ҳара ҳҭоурых аҟны, ҳмилаҭ рхақәиҭратә қәԥараҟны аҵак ду змаз хеидкылан. Ақәԥараҟны зхы ԥызшәахьаз арԥарцәа уаанӡа гәыԥ-ӷәыԥ иҟаз еилыркаауа иалагеит амчгьы аманы, ахыхьчаразгьы иаҳа еиӷьны хеидкалак шыҟаҵатәыз, убас иагьыҟалеит агәыԥқәа зегьы мчыкны. Апрезидиум аҟны зегьы рҳәатәы еиқәшәаӡомызт, аха имццакыкәа анализ азуны акаҟны инаргон, ашьҭахь иҟалаз аибашьраҟны абас еиԥш зегьы разыҟаҵара даара акыр аҵанакит, уи ҭоурыхуп. Иарбан жәларызаалак рҭоурых дара рыҿиаразы ихсаалоуп. Аакьыскьатәи ҳҭоурых хәыҷык иахьеицакқәаз ыҟоуп, убри зегьы аҳәашьа аҭаны аҭыԥ иқәҵатәуп, уи аиашазы иахьатәи ҳаԥсҭазаараҟны, ҳаҿиараҟны акраҵанакуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Гогәуа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩырц шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ԥхынҷкәын 13, 1988 шықәсазы Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә фиалармониаҟны имҩаԥган ауаажәларра-политикатә адемократиатә ҵысра ҿыц аԥҵаратә еизара, ихьыԥшыму ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" ҳәа ирдыруа.

Ажәабжьқәа зегьы
0