Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҿыцәаара зқәым абаҩхатәра: Алықьса Гогәуа ииубилеи иазкны апресс-конференциа мҩаԥысит

© Foto / предоставил Дмитрий Габелиа Алексей Гогуа
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа ҳазҭоу амзазы 90 шықәса ихыҵуеит.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Хәажәкыра 1 азы, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иубилеитә мшныҳәа аламҭалазы, Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит апресс-конференциа.
Аусмҩаԥгатә иалахәын апоет, алитератураҭҵааҩ Владимир Занҭариа, Москвантәи онлаин еимадарала далахәын аҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩы Виачеслав Бигәаа, алитератураҭҵааҩ Гәырам Ахсалба, ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рабиԥара иаҵанакуа Дмитри Габалиа, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, убас онлаин ахархәарала аԥсуа дипломат, Алықьса Гогәуа имаҭа Кан Ҭаниа, ажурналистцәа, алитература абзиабаҩцәа.
© SputnikПК к 90-летию Алексея Гогуа
ПК к 90-летию Алексея Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
ПК к 90-летию Алексея Гогуа
Апресс-конференциаҟны иазааҭгылеит аԥсуа шәҟәыҩҩы ироль аԥсуа классикатә литератураҿы, хәы змаӡам ирҿиамҭақәа рҵаки ридееи, ашәҟәыҩҩы идҳәалоу рхатәы гәалашәарақәеи ԥхьаҟатәи изеиӷьашьарақәеи уҳәа.
Аилатәара аартуа, амҩаԥгаҩ, Sputnik аколумнист, ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа илҳәеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара лассы-лассы ишаҭаху, ҳлитература аизҳазыӷьара иазгәышьуа аҵарауаа еснагь ахылаԥшра шрыҭалатәу, уи ҳлитература арбеиара акыр ишацхраауа атәы.
"Ааԥын раԥхьатәи амш азы иаҳҭаххеит ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа иааираны иҟоу ииубилеи аҳаҭыр азы аныҳәа азгәаҭара. Ас еиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы еснагь имшзароуп, уи ҳмилаҭтә литература арбеиара иауасхыруп. Изеиӷьасшьарц сҭахуп ашықәс нҵыра ду, есқьынагьы аҩыра агәазыҳәара иаандаҟны иҟазааит", - ҳәа лҳәеит лықәгылараҟны Елеонора Коӷониԥҳа.
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Амацәыс агьама зхьысыз…
Апоет-алитератураҭҵааҩ Владимир Занҭариа дазааҭгылеит Алықьса Гогәуа изкны ииҩыз аессе аҟынтәи ҩ-епизодк. Уаҟа далацәажәеит ашәҟәыҩҩи иареи ҷыдалатәи реибабара аҭоурых, насгьы Аԥсны анҭыҵ ашәҟәыҩҩы дызлахәыз аилатәарақәа, аицәажәарақәа, алафтә ҟазшьа змоу игәалашәарақәа.
Ашәҟәыҩҩы Дмитри Габалиа иқәгылараҟны дазааҭгылеит Алықьса Гогәуа изикыз аессе "Анцәа иџьшьоуп" аҟынтәи ашәҟәыҩҩы инысымҩа, иҩымҭақәа рыхҳәаа, уи ҷыдалатәи игәалашәарақәа, апоети иареи реицәажәарақәа. Инаҵшьны иазгәеиҭеит насыԥ шимоу ашәҟәыҩҩы ду ҷыдала диабадырыртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьимаз.
"Жәлар рышәҟәыҩҩы иирамш хҭыс дууп иҩымҭақәа ирыԥхьахьоу зегьы рзеиԥш, ирмыԥхьац рзыҳәангьы. Алықьса Гогәуа иаҳзаԥиҵеит аҩымҭа шьахәқәа. Уи дынцәахаҵаҩуп. Ажәақәа рдунеи аҿы ашьхыц еиԥш ихандеиуа ашәҟәыҩҩы зегьы иреиҳау ақьиареи абзиабареи аазырԥшуа хәы змаӡам ажәақәа ҳзиԥшааит", - ҳәа иҳәеит Габалиа.
© Sputnik

Елеонора Коӷониаԥҳа

Елеонора Коӷониаԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/3

Елеонора Коӷониаԥҳа

© Sputnik / Марианна Кубрава

Владимир Занҭариа

Владимир Занҭариа - Sputnik Аҧсны
2/3

Владимир Занҭариа

© Sputnik / Марианна Кубрава Дырмит Габалиа
Дырмит Габалиа - Sputnik Аҧсны
3/3
Дырмит Габалиа
1/3

Елеонора Коӷониаԥҳа

2/3

Владимир Занҭариа

3/3
Дырмит Габалиа
Аилатәараҟны иқәгылоз зегьы еицҿакны иазгәарҭон Алықьса Гогәуа иҩышьа, ибызшәа, ифолософиа даҽакы ишузаламырҩашьо, уи иҩышьа аформа аҵаулара умбарц залшом иҩымҭақәа рыҟны.
"Ашәҟәыҩҩы хшыҩзышьҭра аиҭон ауаҩы ган рацәала иаарԥшра. Амҩа азылихит апсихологиатә роман, апсихологиатә жәабжь, апсихологиатә повест. Алықьса Гогәуа раԥхьаӡа инаргыланы дыҭҵааҩуп, ауаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи аҭҵаара еснагь иҽазишәоит, уи дырҵабыргуеит иҩымҭа шьахәқәа", - ҳәа иҳәеит Алықьса Гогәуа ирҿиара аҭҵаара знапы алаку, алитератураҭҵааҩ Гәырам Ахсалба.
Аконференциаҟны иазыӡырҩын Алықьса Гогәуа аҵара ицызҵоз, еицырдыруа ҟазахтәи ашәҟәыҩҩы Олжас Сулеиманов иааишьҭыз авидео-адныҳәалара:
"Ҳастудентә шықәсқәа анысгәалашәо, иаразнак схаҿы дааиуеит Алықьса Гогәуа. Акыршықәса шҵуагьы, сгәалашәараҿы ӷәӷәала ишьҭа ануп. Дҩыза бзиан, дуаҩы ҳаракын, ауаа бзиа ибон, игәы былуан. Сгәы сыхьуеит ҳҵара ашықәсқәа рышьҭахь ҳаибабара ахьеиԥҟьаз, аха знык инадамхаргьы дысхашҭны ҟамлаӡацт, ирҿиара сазҽлымҳауп. Агәыӷра сымоуп ҳаибабап ҳәа. Изеиӷьасшьарц сҭахуп аԥсуа иқәранҵыра ду, акыршықәса ижәлар дрыгымзааит сҩыза", - ҳәа иҳәоит идныҳәалараҟны Сулеиманов.
© SputnikПК к 90-летию Алексея Гогуа
ПК к 90-летию Алексея Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
ПК к 90-летию Алексея Гогуа
Алитератураҭҵааҩ Виачеслав Бигәаа онлаин ала иқәгылараҟны иазгәеиҭеит Алықьса Гогәуа ибеиоу арҿиаҩцәа дшырхыԥхьаӡалоу атәы:
"Агәра ганы сыҟоуп адунеизегьтәи алитератураҟны Алықьса Гогәуа иеиԥш иҟоу абаҩхатәра злоу ашәҟәыҩҩцәа рхыԥхьаӡара шмаҷу. Аԥсуа литература аклассика иахәҭакны иҟалаз ашәҟәыҩҩы ирҿиара хәы змаӡам ҳамҭоуп аԥсуа милаҭә культура азыҳәаны. Иҩымҭақәа шаҟантә урыԥхьо аҟара, амаӡа ҿыцқәа узаатуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Алықьса Гогәуа еснагь ҷыдала хылаԥшра аиҭоит Аԥсуа театр. Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, лаԥхьаҟа лгәы иҭоуп иара иҩымҭа ала аспектакль ақәыргылара:
"Акыршықәса раԥхьа сгәы иҭаскит Алықьса Гогәуа иҩымҭа "Елана" ала аспектакль ақәыргылара. Аинсценировка аныҟасҵа ашьҭахь, ашәҟәыҩҩы исырбеит, азингьы сиҭеит, аха еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирыхҟьаны ақәыргыларанӡа исызнамгеит. Уажәы аус адулара ҳаҿуп даара ибеиоу ароман "Асду". Сгәыӷуеит, азин ҳаиҭап ҳәа. Изеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара ӷәӷәа, ас еиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы дахьҳамоу насыԥ дууп", - ҳәа азгәалҭеит арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.
© SputnikМадина Аргәын
ПК к 90-летию Алексея Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Мадина Аргәын
Аконференциа хыркәшауа, онлаин аимадарала Алықьса Гогәуа имаҭа Кан Ҭаниа аиҿкааҩцәа, алахәылаҩцәа иҭабуп ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит рҭаацәа рзыҳәаны акыршаҵанакуа ашәҟәыҩҩы иахьизхьаԥшыз.
"Иҭабуп даараӡа ҳәа шәасҳәарц сҭахуп аилатәара еиҿызкааз Sputnik анапхгара. Сабду изкны агәалашәарақәа, азеиӷьашьарақәа иҟашәҵаз рзыҳәаны, ҳҭаацәа зегьы рыхьӡала иҭабуп", - ҳәа иҳәеит Кан Ҭаниа.
Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2020
Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Жәларбжьаратәи адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Ажәларқәа рдоуҳатә акзаара адунеи Жәларбжьаратәи академиа алахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа ҳазҭоу амзазы 90 шықәса ихыҵуеит.
Алықьса Гогәуа раԥхьатәи ажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз, раԥхьаӡа иҩымҭа акьыԥхь абеит жә-класск рҿы аҵара аниҵоз, раԥхьатәи ишәҟәы ҭыҵит 1957 шықәсазы. Иара ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикеи иааидкыланы аизгақәа ҩажәа дравторуп. Иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рахь: англыз, анемец, аиспан, авенгер, польтәи, аболгар, иапониатәи. Алықьса Гогәуа аԥсуа литература аклассик ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0