"Ажәа ухаҵкы": ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 85 шықәса ихыҵра азгәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВечер творчества Алексея Гогуа
Вечер творчества Алексея Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа 85 шықәса ихыҵит. Аиубилеи азгәаҭан аԥсуа драматә театр аҟны хәажәкыра 30 рзы, Аҟәа.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, Адунеи Жәларбжьаратәи адыгатә аҭҵааратә академиа аҳаҭыр зқәу академик, Ажәларқәа рдоуҳатә акзаара адунеи Жәларбжьаратәи академиа алахәыла, Аԥсны зҿаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 85 шықәса ихыҵра азгәарҭеит.

"Шәара аҟыбаҩ ду злоу ашәҟәыҩҩы, апублициаст, Аҧсны анҭыҵгьы шәеицырдыруеит. Шәара шәырҿиамҭақәа аҧсадгьыл ахь ишәымоу абзиабареи шәыжәлар аҧеиҧш азхьаареи ҕәҕәала ианыҧшуеит. Хажәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аҿы Шәара шәлагала ду ахә ашьара уадаҩуп", — ҳәа лҳәеит Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Ҳаԥсуа литератураҿы еиҳарак апроза ҳаналацәажәо Алықьса Гогәуа иҟаиҵаз, илагала ахәшьара аҭара уадаҩуп, иҳәеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ашәҟәыҩҩы имш иира идныҳәало.

Алықьса Гогуа Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара ианашьоуп - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара ианашьоуп

"Дырмит Гәлиеи, Баграт Шьынқәбеи, Алықьса Гогәуеи — арҭ иреиҳаӡоу, зегьы иаарылаҳәҳәо иҟоу шьхақәоуп ҳдоуҳатә культураҿы. Алықьса Гогәуа ироманқәа, иажәабжьқәа, иповестқәа хьтәы нбанла ҳаԥсуа литература ианылеит. Раԥхьатәи иҩымҭа "Аӡиас ццакуеит амшынахь" ауп, уи инашьҭырхха иҭыҵыз ироманқәа "Аҽыкәаҳа", "Аси амацәыси", "Асду" арҭ реиԥш иҟоу аҩымҭақәа змоу амилаҭ доуҳала ибеиоуп, идууп. Алықьса Гогәуа уаҩык иаҳасабла, интиллигентк иаҳасабла хара ихәыцуа, даараӡа акыр зымчу иакәны даабоит. Ҳаԥсуа литература ас еиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы дахьамоу уаҵәтәи амш ҳамоуп ҳәа иуԥхьаӡар ауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.

Аԥсны ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа иадныҳәаларатә ажәаҿы иҳәеит Алықьса Гогәуа Аԥсны ареспублика аинтересқәа ахьчара аҿы аҭыҧ ӷәӷәа шааныикало.

"Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иҧа, акыр шықәса иалагӡаны агәабзиара ҕәҕәеи арҿиаратә лшарақәеи шәыманы аҟазаара шәзеиҕьасшьоит, шәара акы иаламҩашьо шәҟыбаҩ даҽа ҧыҭраамҭа ҳалагәырҕьалартә иҟалааит. Агәамчи агәеизҳареи, ашәҟәыҩҩратә гәазыҳәареи, шәҭаацәа рҿы аманшәалареи аизҳазыҕьареи шәзеиҕьасшьоит ” – ҳәа иҳәеит Занҭариа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВечер творчества Алексея Гогуа
Вечер творчества Алексея Гогуа - Sputnik Аҧсны
Вечер творчества Алексея Гогуа

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа раԥхьатәи ажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз, раԥхьаӡа иҩымҭа акьыԥхь абеит жә-класск рҿы аҵара аниҵоз, раԥхьатәи ишәҟәы ҭыҵит 1957 шықәсазы.  Алықьса Гогәуа ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикеи иааидкыланы аизгақәа ҩажәа дравторуп. Иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рахь: англыз, анемец, аиспан, авенгертә, польсктәи, аболгартә, аиапониатә. Алықьса Гогәуа аԥсуа литература аклассик ҳәа дыԥхьаӡоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0