Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны АКХ алхратә ҭыԥ хада №8 аҿы аиҭалхрақәа анымҩаԥгахо арыцхә рыланаҳәеит

Алашарбагатәи 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ҿыц аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иқәгылаз акандидатцәа алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абыжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхратә ҭыԥ хада №8 аҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит лаҵарамза 28 2022 шықәсазы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны алхратә комиссиа хада.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ирҳәеит Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур заанаҵтәи рылҵшәақәа ртәы
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, усҟан иалхын 17-ҩык адепутатцәа, 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган хәажәкыра 26 рзы. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла, абжьыҭара шьақәгылеит алхратә ҭыԥқәа 16 рҟны, Алашарбагатәи аабатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иқәгылаз акандидатцәа алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Лаҵарамза 14 рзы Гәдоуҭатәи ақалақьтә 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ҿыц аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит, иқәгылаз акандидатцәа иахәҭаз абыжьқәа рхыԥхьаӡара ахьырмоуз иахҟьаны.