АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Франциа ахада Еммануель Макрон аҳәамҭа ҟаиҵеит иааиуа аӡынразы урыстәылатәи агаз аҟамзаара закәу анырраны ишыҟоу, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Макрон агазеҭ Ouest-France еиҭаз аинтервиу шьаҭас иганы.
"Уи (урыстәылатәи аенергомҩангагақәа ирҿагылоу асанкциақәа - аред.) ахҟьаԥҟьақәа ҳара 2022 шықәса ааԥынреи аԥхынреи иаҳнырӡом (агазҵәахырҭақәа ҭәуп - азгә.), ианҳныруа иааиуа аӡынразоуп, уаҳа урыстәылатәи агаз ҳмоур", - иҳәеит Франциа ахада.
Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи Мраҭашәаратәи атәылақәа еилахәны асанкциа џьбарақәа аларгалеит. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, анкылара арԥсыҽреи рполитика - Мраҭашәара ҿҳәара дула иаланагалаз стратегиоуп, асанкциақәа ракәзар - адунеитә економика аах ӷәӷәа арҭеит.
Уи аҭакс Урыстәыла афатәаалыҵи аенергохархәагақәеи иаҩызам атәылақәа рахь рекспорт ԥнакит, уи иаразнак адунеи аҿы ахәқәа анырра анаҭеит. Урыстәыла афинансқәа рминистр Антон Силуанов иажәақәа рыла, Уорыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа раԥхьа иргыланы иҿио аҳәынҭқаррақәеи зааимҭақәа маҷу аҳәынҭқаррақәеи ишырныруа. Аха анаҩс уи ахҟьаԥҟьақәагьы рԥырхагахеит иҿиахьоу атәылақәагьы - убас, европатәи атәылақәа рынхацәеи америкааи афымцамчи, агази, афатәаалыҵқәеи рыхә иаразнак иахьацлаз азы агәынамӡара аадырԥшуеит.