Путин ааԥхьара ҟаиҵеит аенергомҩангагақәа рынашьҭра ахырхарҭақәа ԥсахзарц

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание по развитию агропромышленного и рыбохозяйственного комплексов
Президент РФ В. Путин провел совещание по развитию агропромышленного и рыбохозяйственного комплексов - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла, мраҭашәаратәи атәылақәа иадҟарҵалаз асанкциақәа рҭакс аҭактә ԥкрақәа аланагалеит, афатәаалыҵ, аенергомҩангагақәа рекспорт аганахьала, мшаԥымзазы агаз ахәшәара амааҭ ахь ииаган.
АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин анефҭи агази русхк аҿы аҭагылазаашьа иазку аилацәажәараҿ иҳәеит урыстәылатәи аенергомҩангагақәа рекспорт мраҭашәаратәи атәылақәа рахь ишагхало, иазгәеиҭеит егьырҭ аџьармыкьақәа рахь рхырхарҭақәа шыԥсаххо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ртенденциа рӷәӷәатәуп. Шьаҿа-шьаҿала ҳекспорт ахырхарҭақәа ԥсахлатәуп мрагыларахьҟа. Уи азы хара имгакәа аинфраструктуратә обиектқәа алкааны рыргылара иалагатәуп", - иҳәеит ахада.
Путин иҳәеит урыстәылатәи афымцамчеилахәырақәа аџьармыкьақәа ирлахәыланы иҟоуп, урҭ рхырхарҭақәа реиҭакра хымԥада ари аҩыза аполитика аԥшьгаҩцәа рхаҭақәа ираахоит ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла иаҩызам атәылақәа рхаҭақәа ирҳәоит урыстәылатәи аенергоресурсқәа рыда ԥсыхәа шрымам, ҷыдала агаз азы. Американтә аагара ахарџь акыр иахьеиҳау ахархәаҩцәа ршәарақәа шьҭнахуеит.
Президент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа Мраҭашәараҿ акризис дырҿиеит иҳәеит Путин
Убас, атәыла ахада идҵала мшаԥы 1 инаркны Урыстәыла аганахьала аҩызаратә ҟазшьа змам аполитика мҩаԥызго атәылақәа амааҭ ԥарашәаратә валиутаны иҟарҵар акәхеит. Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ишиҳәо ала, арҭ атәылақәа Абанк хадаҿы авалиута ала амааҭ аахәаны агаз ахә ршәалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0