https://sputnik-abkhazia.info/20220418/germania-atylauaa-afymtsamch-akha-akhyshyyz-agynamara-rnaoit-1038697536.html
Германиа атәылауаа афымцамч ахәқәа ахьышьҭыҵыз агәынамӡара аадырԥшуеит
Германиа атәылауаа афымцамч ахәқәа ахьышьҭыҵыз агәынамӡара аадырԥшуеит
Германиа амчрақәа атәыла урыстәылатәи аенергомҩангагақәа ирхьымԥшуа аусқәа еиҿкаатәуп ҳәа иршьоит. 18.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-18T10:22+0300
2022-04-18T10:22+0300
2022-04-18T12:05+0300
ажәабжьқәа
аекономика
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/1a/1037296022_0:0:3494:1966_1920x0_80_0_0_6ae32af950d264749fe2b6440cbc137b.jpg
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Германиа ауааԥсыра агәынамӡара аадырԥшуеит афымцамч ахәԥсақәа ахьышьҭыҵыз ҳәа аанацҳауеит аекономикатә информациа амаҵзура "Прайм" анемец информмаҵзура dpa адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.Уи адагьы, амаҵзура адыррала агаз ахәгьы 42,3% ихалеит.Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рҭакс Урыстәыла иаҩызам атәылақәа рзы агаз аахәара аԥҟарақәа еиҭанакит – мааҭла ахә ршәар акәхеит. Германиа злахәу "Абыжьба ду" атәылақәа урыстәылатәи анефҭи агази мап рцәыркырц рыӡбеит.ФРГ урыстәылатәи анефҭ ари ашықәс нҵәаанӡа мап ацәкра агәҭакуп, агаз - 2024 шықәсазы. Берлин агәаанагарала, агаз аагара алшоит Катар, ЕАА уҳәа атәылақәа рҟынтә.Аҭагылазаашьа ахәқәа ирныԥшуа иалагеит. Европаа жәпаҩык асанкциақәа рыхә џьыбаҭыхла ашәара иақәшаҳаҭым.
https://sputnik-abkhazia.info/20220413/urystyla-iaagylo-asanktsiaa-mraashara-akrizis-dyrieit-ieit--putin-1038632951.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/01/1a/1037296022_384:0:3115:2048_1920x0_80_0_0_1539fbd2c35a9c126aa2d30c3bcea859.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аекономика
Германиа атәылауаа афымцамч ахәқәа ахьышьҭыҵыз агәынамӡара аадырԥшуеит
10:22 18.04.2022 (ирҿыцуп: 12:05 18.04.2022) Германиа амчрақәа атәыла урыстәылатәи аенергомҩангагақәа ирхьымԥшуа аусқәа еиҿкаатәуп ҳәа иршьоит.
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Германиа ауааԥсыра агәынамӡара аадырԥшуеит афымцамч ахәԥсақәа ахьышьҭыҵыз ҳәа аанацҳауеит аекономикатә информациа амаҵзура "
Прайм" анемец информмаҵзура dpa адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Амаҵзура Verivox ахархәаҩцәа рзы апортал аинформациала 13 миллион нхамҩа рымаҵ зуа афымцамчнагаҩцәа лаҵара, рашәара рзы ахәԥҵәақәа 20% ихаргалоит, уи ашықәс аҩнуҵҟа ҩынтә ахәқәа еиҳахеит.
Уи адагьы, амаҵзура адыррала агаз ахәгьы 42,3% ихалеит.
Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рҭакс Урыстәыла иаҩызам атәылақәа рзы агаз аахәара аԥҟарақәа еиҭанакит – мааҭла ахә ршәар акәхеит. Германиа злахәу "Абыжьба ду" атәылақәа урыстәылатәи анефҭи агази мап рцәыркырц рыӡбеит.
ФРГ урыстәылатәи анефҭ ари ашықәс нҵәаанӡа мап ацәкра агәҭакуп, агаз - 2024 шықәсазы. Берлин агәаанагарала, агаз аагара алшоит Катар, ЕАА уҳәа атәылақәа рҟынтә.
Аҭагылазаашьа ахәқәа ирныԥшуа иалагеит. Европаа жәпаҩык асанкциақәа рыхә џьыбаҭыхла ашәара иақәшаҳаҭым.