Аԥсны уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба даанкылоуп аԥара иӷьычит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны, Аԥсны АҶА Донбассҟа ицеит агуманитартә цхыраара рыманы, абарҭи егьырҭ ахҭысқәеи Sputnik аматериалқәа рҿы.
Сария Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Раԥхьатәи аиԥылара
Мшаԥы 18 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи аусутә еилатәара. Уаҟа Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба апарламенттә еилакқәа реиҿкааразы анапынҵа ҟаиҵеит.
Аилакқәа реиҿкаара иалагаанӡа адепутатцәа аиҿцәажәарақәеи аилацәажәарақәеи мҩаԥыргоит.
Атурқәа рыхә иацлеит
Лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан Аԥсны ахәқәа рылаҟәрала аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа, афедералтә туристтә маҵзурақәа "1001 тур" адыррақәа шьаҭас иганы.
Убри аан, Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит
Лаҵарамза 1 инаркны Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭаларазы абилеҭқәа аԥсахоит:
адуцәа рзы – 700 мааҭ,
ахәыҷқәа 8 -12 шықәса зхыҵуа рзы – 200 мааҭ,
аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа рзы – хәыдаԥсадоуп.
Иара убас хәыдаԥсада Риҵатәи апарк иаҭаар ҟалоит Аԥсны атәылауаа, иара убас иатәылауаам 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи ахымхәацәеи.
Лаҵара 1 инаркны Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭалара иаԥсахоит:
адуцәа рзы – 700 мааҭ,
аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа рзы хәыдаԥсадоуп,
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааразы иазгәаҭоуп 200 мааҭ иаԥсоу альготатә билеҭ, уи рхы иадырхәар алшоит Аԥсны атәылауаа аашықәса инаркны 16 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи, аԥснытәи аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи ирҭоу астудентцәа, 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуи 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьреи рветеранцәеи ахымхәацәеи, иара убас аррамаҵзура иахысуа.
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарреи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы 2014 шықәса раахыс абилеҭқәа рыхәқәа ԥсахрада иҟан, иҟаз ақәҵара инақәыршәаны, Риҵа аҭаларазы адуцәа рзы ахә 350 мааҭ иҟан, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 500 мааҭ.
Акгьы ыҟаӡамкәан ауаҟьан-чаҟьан
Аҩаша мшаԥы 19 азы Гәдоуҭа араион ашәахтә маҵзура ахьыҟоу "Аԥсныеимадара" ахыбраҿ арҭҟәацга аҵоуп ҳәа зыхьӡ зымҳәаз аӡәы адырра ҟаиҵеит. Арҭҟәацга аҵоуп ҳәа ззырҳәаз ахыбра ауаа дәылыргеит, амилициа акәыршан идыргылеит. Аҟәантәи иааит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра аиқәырхаҩцәеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра акинологцәеи, аха арҭҟәацга ҳәа акгьы рымбеит.
Аԥснынтәи ацхыраара
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Донбассҟа амҩа иқәлеит хатәгәаԥхарала еибашьуа аԥсуаа рзы агуманитартә цхыраара рыманы.
Донбасс иқәынхо ажәлар зыхьчо аԥсуа еибашьцәа рзын амҩа иқәыргалеит 10 тоннак агуманитартә еидара. Зегь раԥхьа инаргыланы уа иҟоуп афатә, аӡыржәтә, амаҭәа, ацәарҭамаҭәа уҳәа зыда ԥсыхәа ыҟам. Агуманитартә еидара еиҿкаауп аҳәынҭбиуџьети Аԥсны ауааԥсыра рхатә харџьқәеи рыла.
Аҵарҭышагара
Мшаԥы 20 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инашьҭуп Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи ахада Беслан Аҩӡба иганахьала ихацырку ашьаус аҭҵааразы.
Аҳәынҭеилахәыра адиректор хада Беслан Аҩӡба иганахьала аԥареимҵәараз ашьаус хацыркын 2020 шықәса хәажәкырамзазы. Аҩӡба 150 миллион мааҭ рҟынӡа еимиҵәеит ҳәа ахара идырҵоит. Беслан Аҩӡба харан идырҵоит аҳәынҭқарратә мазара аа-хҭыск рыла еимиҵәеит имаҵзуратә ҭыԥ ихы иархәаны ҳәа, иара убас аҳәынҭеилахәыра амазара мцҳәарыла еимиҵәеит ҳәа.
Аԥсны акультура аминистрс иҟаз Гәдиса Агрба мҽхакыҭбаала аҳәынҭқарратә мазара еимиҵәеит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны дааныркылеит мшаԥы 20 рзы, аматериалтә ԥхасҭа 14,3 миллион мааҭ ыҟоуп ҳәа ишьоуп.
Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа Аԥсны АШәМ аҟынтәи адыррақәа роператив-ԥшааратә усура ашьаҭала ашьаус хацнаркит уаанӡатәи ачынуаҩ иганахьала.
Аиҭалхрақәа
Аԥсны алхратә комиссиа хадаҟны алхырҭатә ҭыԥ №18 аҿы аиҭалхрақәа ирылахәхо акандидатцәа Леонид Лакербаиеи Беслан Ҭаркьыли ашәҟәы иҭаргалеит.
Аԥшьгаратә гәыԥ Леонид Лакербаиа икандидатура ашәҟәы иҭаргалеит хәажәкыра 29 рзы. Хәажәкыра 30 рзы - аԥшьгаратә гәыԥ дҭанаҩит Беслан Ҭаркьыл. Аԥсны АКХ акандидатцәа ашәҟәы иҭаргалеит ирызнагаз адокументқәа шьаҭас иҟаҵаны.
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ (ақалақьтә актәи) аҟны аиҭалхрақәа рылахәхаразы аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы иҭаргалон хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 14 рҟынӡа.
Ареис ҿыц
Атуроператор "Интурист" иӡырнагеит Москвантәи Амшын еиқәа иаԥну акурортқәа рахь иныҟәало автобус.
Москвантәи автобусқәа мчыбжьык ахь ҩынтә иқәҵуеит - ахашеи асабшеи, акурортқәа рҟынтә ихынҳәуеит - ахәашеи ашәахьеи.
Амҩа ахырхарҭа иахьырԥшны амҩа аамҭа 20-26 сааҭ ыҟоуп.
Акультуратә цҳақәа
Аԥсни Москватәи аобласти акультуратәии атуристтәии усхк аҟны реинырразы апроектқәеи азҵаарақәеи ирылацәажәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Москватәи аобласт акультура аминистр Елена Харламовеи.
Даур Ақаҩба аусураз урыстәылаҟа ицара аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас дырԥылеит Москватәи ақалақьтә Дума ахада Алексеи Шапошникови, урыстәылатәи аҳҭнықалақь акультура адепартамент анапхгаҩы Александр Кибовскии.
Аганқәа алацәажәеит аҩтәылак рартистцәеи аҟазаратә коллективқәеи алархәны имҩаԥыргарц ирылшо акультуратә проектқәа, иара убас иазааҭгылеит акультуреи аҟазареи русхкқәа рҟны русеицура арҭбаара.
Уи аԥхьа Ақаҩба диԥылахьан Росконцерт адиректор хада Андреи Малышев.