Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уаанӡатәи акультура аминистр Гәдиса Агрба даанкылоуп аԥара иӷьычит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

© Sputnik / Томас ТхайцукГудиса Агрба
Гудиса Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Анапаҵаҩра
Гәдиса Агрба Акультура аминистрс дахьыҟаз аҟынтә ихы дақәиҭтәын жәабран 11 азы. Ари аусбарҭа дахагылан 2020 шықәса рашәара 5 аахыс.
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистрс иҟаз Гәдиса Агрба мҽхакыҭбаала аҳәынҭқарратә мазара еимиҵәеит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны даанкылоуп, аматериалтә ԥхасҭа 14,3 миллион мааҭ ыҟоуп ҳәа ишьоуп. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа Аԥсны АШәМ аҟынтәи адыррақәа роператив-ԥшааратә усура ашьаҭала ашьаус хацнаркит уаанӡатәи ачынуаҩ иганахь ала. Мшаԥы 20 азы Агрба гәҩарас дҟаҵаны даанкылан. Иара иганахь ала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь иаанкылашьа арбаандаҩра аҟазшьа амазарц ашәҟәы нашьҭхоит.
Агрба, имаҵзуратә лшара ихы иархәаны Акультура аминистрра амазара итәитәит, иагьнихит ҳәа гәҩарас дҟаҵоуп ҩ-фактк рыла. Абри аус ала ацәгьоура дацхраауан ҳәа гәҩарас дҟаҵоуп Надир Џьинал.
Апрокуратура хада адыррақәа рыла 2021 шықәсазы Гәдиса Агрба абиуџьеттә ԥарақәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны анаплакҩы Надир Џьинал динырит, мшаԥы 2 азы алашараҟаҵагатә хархәагақәа раагаразы дилаӡеит. Заанаҵы 3 000 000 мааҭ рыхә аҟазшьаҷыдара азырхианы Агрба ахархәагақәа рыхә 8 000 000 мааҭ ҳәа иаирбеит. Џьинал иԥхьаӡамҭа иахыԥхьаӡалаз 4 300 000 мааҭ аҵыхәтәантәи аԥхьаӡамҭа иҭыганы Агрба ииҭеит.
Гудиса Агрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Аԥсны
Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп
Агрба акультура аминистрк иҳасаб ала лаҵара 5, 2021 шықәсазы Џьинали иареи аилаӡара рыбжьарҵеит, абжьытә хархәагақәа раахәаразы, урҭ рыхәҵәҟьа атауар аҟазшьаҷыдаҿы 6 334 350 мааҭ шаныз шидыруазгьы, аилаӡараҿы 19 900 000 мааҭ аирбеит. Уаанӡатәи еицәажәарыла Џьинал 10 000 000 мааҭ акасса иҭыганы аминистр Агрба ииҭеит.
Уаанӡатәи акультура аминистри Џьинали рыцәгьоурала Акультура аминистрра 14 300 000 мааҭ аматериалтә ԥхасҭа аҭан ҳәа азгәанаҭоит Апрокуратура хада.
Ажәабжьқәа зегьы
0