Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хәажәкырамза аахыс Аԥсны Донбассҟа 50 тонна рҟынӡа агуманитартә еидара нанашьҭхьеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Гуманитарный груз из Абхазии для ЛНР
Гуманитарный груз из Абхазии для ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу хатәгәаԥхарала еибашьуа аԥсуаа рзы агуманитартә цхыраара рыманы Донецк инеит мшаԥы 21 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Хәажәкырамза аахыс Аԥснынтәи Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа ауааԥсыра ирызнагоуп 50 тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраара, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи аҟәша апресс-маҵзура.
"Ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамза аахыс Аԥснынтәи ДЖәР-и ЛЖәР-и рахь ирышьҭуаз агуманитартә еидара аҳәаа еиԥҟьарада ахыгаразы хынтә ацхыраара ҟарҵеит краснодартәи аҳазалхыҩцәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҳазылхаҩцәа имҩаԥыргоз аусурақәа ираԥхьагылан агуманитартә еидара аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыгаразы иахәҭаз ашәҟәқәа зегьы иаразнак ахарҭәаара аус. Аҳазылхратә ҭыԥ иахысыз аҵыхәтәантәи амашьына иҭан 10 тоннак аидара - афатә-ажәтә, амаҭәа, ашьаҵа, аӡрыжәтә, абзазаратә маҭәашьарқәа.
Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа Аԥсны адгылара анаҭоит. Аԥсны АҶА лассы-лассы ДЖәР-и ЛЖәР-и руааԥсыреи аԥснынтәи Донбасс ахақәиҭтәразы хатәгәаԥарала еибашьуеи агуманитартә цхыраара рызнаргоит.
Аҳәынҭбиуџьети Аԥсны ауааԥсыра рхатә харџьқәеи рыла еизгаз аҵыхәтәантәи агуманитартә цхыраара рыманы Донбассҟа идәықәлеит мшаԥы 20 рзы.
Колонна МЧС с беженцами из Донбасса - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Аԥсны
АҶА аиҳабы Донбассҟа амҩа дықәлеит аԥсуа еибашьцәа рзы агуманитартә цхыраара иманы
Ажәабжьқәа зегьы
0